Аԥсны

Бжьаниа Путин иира амш идиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Владимир Путин иира амш идиныҳәалеит.

"Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны аҳәынҭқарра ахьԥшымра азхаҵараҿы, адунеи зегь аҟны иҟанаҵо адгылараз, ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы, абарҭқәа зегь рыҟны шәара хаҭалатәи шәлагала ахә ҳаракны иаҳшьоит", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.

Бжьаниа иазгәеиҭеит, Аԥсны шадгыло Урыстәыла аԥшьгарала ашәарҭадара ҿыц аԥҵареи, зинла еиҟароуи иаартуи аиҿцәажәарақәа рзи.
Аԥсны ахада Путин ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, ҳтәыла иамоу ауадаҩрақәа рыӡбараҿы жьҭаара 4 рзы имҩаԥысыз аиԥылараҟны иҟаиҵаз адгыларазы.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Владимир Путини иареи злацәажәоз азҵаарақәа рыӡбахә иҳәеит