Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Владимир Путини иареи злацәажәоз азҵаарақәа рыӡбахә иҳәеит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с президентом Абхазии Асланом Бжанией
Президент РФ В. Путин встретился с президентом Абхазии Асланом Бжанией - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Аԥсни рхадацәа Владимир Путини Аслан Бжьаниеи Шәача еиԥылеит, жьҭаара 4 азы.
АҞӘА, жьҭаара 6 – Sputnik. Аслан Бжьаниа Владимир Путини иареи злацәажәоз азҵаарақәа рыӡбахә иҳәеит амаҵзура "Аԥсныпресс" аҟны.
"Урыстәыла ахада еснагь еиԥш Аԥсны иаҵанакуа азҵаарақәа зегьы зҿлымҳарыла дырзыӡырҩит, шамахамзар азҵаарақәа зегьы рыҟны адгылара шыҟаиҵо атәы иҳәеит", - ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Аслан Бжьаниа иҳәеит аиԥылараҟны иҵарны иҟоу аенергетика азҵаара шышьҭыхыз. Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла ари азҵаара аӡбараҿы ацхыраара иазыхиоуп. Уи азы иазԥхьагәаҭоуп атәыла газла аиқәыршәареи афымцамч аԥҵаразы астанциа аргылареи.
Иалацәажәан аинфраструктура – Гәымсҭа аӡиас иху ацҳа аремонти ацҳа ҿыц ахҵареи, Кәыдрытәи аиҩхааҿы Арра-Аҟәатә мҩа аиҭашьақәыргылара.
Бжьаниа ишиҳәаз ала арҭ азҵаарақәа рҿгьы аилкаара ааирԥшит. Ахадацәа иазгәарҭеит жәларбжьаратәи азҵаарақәа рҿы рпозициақәа шеиԥшу, Аԥсны аинтеграциатә процессқәа ралахәхара, ареспублика ашәарҭадара аиҿкаара шаҭаху.
Президент РФ В. Путин встретился с президентом Абхазии Асланом Бжанией - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2023
Аԥсны
Путин Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аҿиара ахәшьара аиҭеит
Ажәабжьқәа зегьы
0