Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Путин иира амш идиныҳәалеит

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с президентом Белоруссии А. Лукашенко
Президент РФ В. Путин встретился с президентом Белоруссии А. Лукашенко - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.10.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Владимир Путин иира амш идиныҳәалеит.

"Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны аҳәынҭқарра ахьԥшымра азхаҵараҿы, адунеи зегь аҟны иҟанаҵо адгылараз, ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы, абарҭқәа зегь рыҟны шәара хаҭалатәи шәлагала ахә ҳаракны иаҳшьоит", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.

Бжьаниа иазгәеиҭеит, Аԥсны шадгыло Урыстәыла аԥшьгарала ашәарҭадара ҿыц аԥҵареи, зинла еиҟароуи иаартуи аиҿцәажәарақәа рзи.
Аԥсны ахада Путин ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, ҳтәыла иамоу ауадаҩрақәа рыӡбараҿы жьҭаара 4 рзы имҩаԥысыз аиԥылараҟны иҟаиҵаз адгыларазы.
Президент РФ В. Путин встретился с президентом Абхазии Асланом Бжанией - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2023
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Владимир Путини иареи злацәажәоз азҵаарақәа рыӡбахә иҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0