Аԥсны

Адунеитә полициауаҩ ихы ҭҟьеит, аха ахара зхарарҵо Путин иоуп

Sputnik
Израили Палестинеи реиныршәараз ааԥхьара ҟазҵоз ЕАР Аҳәынҭассамблеиа арезолиуциаз ахәашаҽны имҩаԥысуаз абжьыҭира иаанарԥшит уаанӡагьы агәызҩара ззыҟаз аҭагылазаашьа – амш атемала Вашингтон агәаанагара аӡәгьы аинтерес шимам. ЕАА ахала иаанхеит уҳәар ауеит. Абри аҭагылазаашьазы лгәаанагара лҳәоит Викториа Никифорова РИА Новости азы.
Sputnik
Араб тәылақәа ирыдгалаз арезолиуциа уадаҩрак аҵаӡам, аимак иалахәу зегьы аибашьра аанкыланы, аамҭала еинышәаны, итҟәоу аграждантә уааԥсыра аушьҭны, аҳәса, ахацәа, ахәыҷқәа рышьра иаҟәыҵырц ауп ҵаҵӷәны иамоу.
Ари аидеиа агумантә ҟазшьа амоуп, адунеи атәылақәа реиҳаракгьы ақәшаҳаҭхеит.
Арезолиуциа иаҿагылеит 14 тәыла: ЕАА, Израиль, Австриа, Венгриа, Чехиа, Хорватиа, Парагваи, Гватемала, Фиджи, Тонга, Маршалловы Острова, Микронезиа, Науру, Папуа — Новаиа Гвинея.
Вашингтон адәныҟатә политикаҿ арҭ рықәгәыӷра алшоны иҟам. Ихадароу адунеи ауааԥсыра реиҳарак Палестинеи Израильи рыдгьылқәа рҿы ашьакаҭәара иаҿагылоуп.
ЕАР аҿы абжьыҭира амҩаԥысшьа аинтерес зҵоу ҭоурыхуп. 2008 шықәса азы анемец ҵарауаа иркьыԥхьит аҭҵаамҭа – америкаа ЕАР алахәылацәа рыбжьы шаархәо азы. Ари аус азы ахархәара рзыруан аҳәынҭбиуџьетқәа аԥара рылагалара, ахаҭалатә грантқәа, зны-зынлагьы асанкциақәа рцәыршәара.
Аҵыхәтәантәи шықәсыки бжаки рыҩнуҵҟа ахаҭарнакцәа Урыстәыла аганахь ала "ииашаны" абжьыҭира амҩаԥгара акыр рҽазыршәон. Уи еснагь ишырҭахыҵәҟьаз ирзалыршомызт, уажәы рҭахра зынӡаскгьы иалымшеит.
Франциа, Бельгиа, Испаниа, Португалиа, Ирландиа аибашьра аанкыларазы араб тәылақәа ррезолюциа иадгылеит. Британиеи Германиеи абжьыҭира рҽацәхьаркит. Канада, Австрали, Иапониа ракәзаргьы иара убас —Вашингтон иаҩызцәаны ишыԥхьаӡогьы. Аштатқәа иныҟәырго Украинаҵәҟьа америкатәи рыԥшәмацәа ишырҭахыз рхы мҩаԥырымгеит.
Еицҿакны ЕАА иаҿагылеит Латинтәи Америка —Доминиканатәи Ареспублика инаркны Аргентинеи Бразилиеи рҟынӡа.
Урыстәыла
"Ачаижәра иаҳзаалааит": Путин Китаи иҟазаара шымҩаԥысыз
Избан аӷбаҿ ас аилаҩеиласра, ақәгылара зыҟалаз? Раԥхьа иргыланы ҳаамҭазтәи аимакқәа раан зқьыла ишиашоу аефир аҿы иҟоу шыҟоу аадырԥшуеит. Дарбанызаалак ауаҩы уи ибарҭоуп.
Израили Палестинеи иахьа имҩаԥысуа ахҭысқәа убриаҟара иҳаӷеимшхароуп, гәы зызҭоу зегь аҿагылартә. Адунеи аҿы хыԥхьаӡара рацәала ақәгыларақәа мҩаԥысуеит аамҭа мгакәа аиҿагылара аанкылахарц азы. Адунеи ауаатәыҩса аполитикцәа ирыдырҵоит: ашьакаҭәара аанышәкыл ҳәа.
Араб тәылақәа ррезолиуциа аҿагылара иаанагоу амцеибаркыҩцәа урыдгылеит ауп. Уи ароль шамахамзар аӡәгьы иҭахӡам.
Урыстәыла
Небензиа: Мрагылара ааигәа мҽхакыҭбаалатәи аибашьра ахықә ихықәгылоуп
Уи адагьы ЕАР аҟны имҩаԥысуаз абжьыҭира иаанарԥшит вашингтонтәи арежим адәныҟатә политика ауаа ргәы шыԥнаҵәаз. Америкаа жәашықәсала адунеи амцеибакра ахы ахьааҵнахлак иақәырҭәаша абылтәы рыманы инкылсуеит, иҵегьы еибадыркырц. Уи ауаа ргәы ԥнаҵәеит, еилыркааит иахьа, уаҵәа дара рахьгьы уи абылтәы рыманы инеир шрылшо.
Усеиԥш ҟалаанӡа, макьана ихаранаҵы Вашингтон аанкылазар шеиӷьу еилыкка ирбоит. Уи ауп адунеитә еилазаара Вашингтон аҭыԥ иҭадыртәарц ззырҭаху.
ЕАА ари ргәы иасит, аха иҟаҵәҟьоу макьаназ рхахьы иаарымгац. Еснагь аиԥш ахара рхы иахыганы изқәырҵо дыжәдыруоу? Еснагь аиԥш Путин иоуп.
"Газа ицо аибашьра Путин ишиҭаху ауп ишымҩаԥысуа", — аҩуеит The New York Times. Уи Урыстәыла аибашьра бенефициарны иазыҟоуп ҳәа иашьоит. Уахь иадырцәылоит Китаигьы. Ишԥа нас? Путин Китаиҟа дцазар аҽакала ишԥаҟалоз ҳәа рҳәоит. Дара ргәаанагарала Китаии Урыстәылеи адунеи аиҭакра иалацәажәон.
Абра иуҭаххоит уҵаарц: аламыс шәымоу? Иарбан дунеиеиҭакроу зыӡбахә ҳәоу?
Уаанӡа зны ЕАА Мрагылара Ааигәа иаҵанакуа арегион аҿы амч аман. Анырра алшон. Уажәами уи анырра аҭахны ианыҟоу. Уажәами ауаатәыҩса ррыцҳара анаанкылатәу. Аха мап. Вашингтон зызхәыцуа Урыстәылеи Китаии ражәа ак ԥхылнадан аибашьра ааныркылар ҳәа ишәоит. Ишәоит мистер Блинкен ихаҿра ыӡыр ҳәа.
Вашингтон абасеиԥш ацәыҵахәмаррақәа анымҩаԥнаго аамҭазы Урыстәыла, Китаи, егьырҭ акреилызцо атәылақәа иалшо зегь ҟарҵоит Газеи Израильи хара змам ауаа рнырҵәара ааныркыларц. Вашингтон уи иаԥырхагоуп, избанзар мистер Блинкени мистер Баидени ашьа анкаҭәо еиҳа русқәа ҟарҵоит.
Урыстәыла
Путин палестина-израильтәи аимак ӡбашьас иамоу атәы иҳәеит
Ицәырҵуеит азҵаара - Путин иоума ЕАР асессиаҿы ЕАА ҭахызкааз ҳәа. Вашингтон ари аҭагылазаашьахь икылызгаз ихшыҩдароу адәныҟатә политикоуп, "ҳара иаҳзеиӷьындаз, ҽаӡәы хьаас дҳамоума" ҳәа ауп иаанаго. Аха адунеи зегьы хьаас иумамзар ауама?!
Америкатәи аклассик Стивен Кинг ироман "Агәкаҳара" (Desperation) аҿы иӡбахә имоуп зхы еилагаз аполициауаҩ (акоп). Ашәҟәыҩҩцәа бзиақәа ҳаԥхьаҟа иҟало рдыруеит. Аштатқәа акыр шықәса дара адунеи зегьы иатәу аполициа ракәушәа рхы рыԥхьаӡон, аха иахьа иаҳбарҭоуп уи аполициауаҩ ихшыҩ шықәҟьаз. Уи ауаа рҟынтәи иԥхьакра ҟалоит. Уи адунеи ауаажәларра иахьа нагӡатәыс ирымоу аусқәа ирхадоуп.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.