Урыстәыла

"Ачаижәра иаҳзаалааит": Путин Китаи иҟазаара шымҩаԥысыз

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВизит президента РФ В. Путина в Китай для участия в мероприятиях третьего Международного форума "Один пояс, один путь". День второй
Визит президента РФ В. Путина в Китай для участия в мероприятиях третьего Международного форума Один пояс, один путь. День второй - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2023
Анапаҵаҩра
Путин афорум "Цәаҳәак, мҩак" далахәын, КЖәР ахадеи иареи аиԥылара рыман.
Урыстәыла ахада Владимир Путин Китаи ахада Си Цзиньпин диԥылеит Жәларбжьаратәи афорум "Цәаҳәак, мҩак" ("Один пояс, один путь") амҩаԥысра аҳәаақәа ирҭагӡаны, ауснагӡатә алахәылацәа рҿаԥхьа дықәгылеит. Путин Китаи иҟазаара алҵшәақәеи аҳәамҭақәеи РИА Новости азы Ренат Абдуллин иматериал аҿы.
Sputnik

Аиҩызцәа реиԥылара

Хәажәкырамзазы Москва иҟазаараан Си хаҭала Путин сасра дырҭаарц ааԥхьара ииҭеит. Пекин ҩыџьа ахадацәа реиԥылара аиҩызаратә ҟазшьа аман, ҩ-ганктәи аусеицура иҷыдоу азхьаԥшра аҭан.
Урыстәыла ахада Владимир Путини Китаи Жәлар рреспублика ахантәаҩы Си Цзиньпини реиԥылараан КЖәР ахада адкылара ҟазҵо аҳәынҭқарра аԥшәмак иҳасаб ала аԥхьа ажәа игеит. Иара иазгәеиҭеит Путин ари афорум хынтәны дшалахәхахьоу, уи ишаанарԥшуа ари аԥшьгамҭа урыстәылатәи аган адгылара шанаҭо.
Си хантәаҩыс даналырх ашьҭахь раԥхьатәи аҳәаанырцәтәи иныҟәара мҩаԥигеит Урыстәылаҟа. Усҟантәи реиԥылараан иара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара далацәажәеит.
"Урыстәылеи Китаии реиҳабырақәа, рминистррақәа, русбарҭақәа иара убасгьы ррегионқәа ҳаиқәшаҳаҭрақәа аԥсҭазаараҿ раларҵәара аус адырулоит", - ҳәа азгәеиҭеит Китаи ахада.
Визит президента РФ Владимира Путина в Китайскую Народную Республику - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2023
Си Цзиньпин Урыстәыла ашәҭыкакаҷразы Путин ироль атәы иҳәеит
Иара иажәақәа рыла, еиҳа-еиҳа аҽарҭбаауеит "аполитикатә гәреибагара" иара убасгьы "астратегиатә еинырра". Иҟоу ахықәкқәа иреиуоуп атауареикәыршара шықәсык аҩныҵҟа 200 миллиард доллар рҟынӡа ахаргалара.

Путин Си аԥхьатәи аҳәаанырцәтәи иныҟәара дазааҭгыло иҳәеит: "Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит ари аҵак ҷыда шамоу, Китаии Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рҟазшьеи рыҩаӡареи шаанарԥшуа", ҳәа.

Жәашықәса раԥхьа Си иаԥшьгамҭахаз "Цәаҳәак, мҩак" аҿиара бзиа аиуит ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла ахада.
Путин иазгәеиҭеит "Иахьатәи имариам аҭагылазаашьақәа раан акыр хра аланы иҟоуп адәныҟаполитикатә еинырра, ҳаргьы ари амҩоуп ҳазқәу" ҳәа.
Атауареикәыршара азҵаара далацәажәо ахада аоптимизм ааирԥшит:
"Цқьа уахәаԥшыр, есышықәса ари аус аҿы аиххьӡарақәа ааҳарԥшуеит. Ари ашықәс азы акәзар, 200 миллиард рҟынӡа ҳнаӡахьеит. Амзартә ҟазшьала ҳахәаԥшуазар, ари ацәаҳәагьы ҳахысуеит", - иҳәеит Путин.

Газа инаркны Украинанӡа

Аҳәынҭқаррақәа рхадацәа ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа еицәажәон, аԥхьа аделегациақәа рлахәылацәа алархәны, анаҩс хаҭала. Аицҳәамҭа ҟаҵамызт, иахьазԥхьагәаҭамыз азы. Егьа умҳәан, жәларбжьаратәи афорум — ҩ-ганктәи еиԥыларам.
Аиԥылара ашьҭахь Путин ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит. Ҳәарада, Мрагылара Ааигәа аҭагылазаашьа иаҩымсит. Ахада игәаанагарала уа макьаназы аиҿагылара аанкылараз аҭаххара ыҟам. Уаанӡеиԥш актуалра аҵаны иҟоуп Палестинатәи аҳәынҭқарра аԥҵара апроблема.
Президент РФ В. Путин встретился с награжденными военными - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2023
Урыстәыла
Путин: Газа ахәышәтәырҭа ажәлара – хлымӡаахуп, игуманитартә рыцҳароуп
Украина иҿыцӡоу абџьархкқәа азаашьҭара азҵаара аҭак азуа, Путин иҳәеит "уи ЕАА агхақәа иреиуоуп" ҳәа. Киевтәи арежим азгьы ари бзиарак алҵуам, арежим аԥсеивгара амроууазар ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аиҿагылара ҭынчмҩала аҭышәныртәаларазы Украина ахада раԥхьа иргыланы иаԥиҵаз адекрет мап ацәикроуп, аицәажәара гәҭакны иҟазар, уи азы иахәҭоу ашьаҿақәа мҩаԥгалатәуп ҳәа ахиҳәааит Путин иҟоу аҭагылазаашьа.
Баиден Урыстәыла аҿагыларазы еидкылатәуп Европа ҳәа иҳәамҭа дахцәажәо Путин иҳәоит: америкаа ргәаанагарала Москва аҵахахьазар абџьар аашьҭра ацынхәрас ачамчамыта адыргыланы ачаижәра иаҳҭааит ҳәа иҳәеит, иагьазгәеиҭеит: Урыстәыла ЕАА Адгьылбжьахатә мшын аҟны ахымҩаԥгашьа ишашьклаԥшуа.
Переброска в Сирию российских истребителей с ракетами Кинжал - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2023
Урыстәыла
Аракетақәа "Кинжал" рыла еиқәыршәоу урыстәылатәи аҳаирпланқәа Амшын еиқәа иахылаԥшлоит

Евразиатәи апартниоррахь амҩа

Китаии Урыстәылеи рнапхгаҩцәа афорум алахәылацәа зегьы рҿаԥхьа иқәгылеит. Зны Си Цзиньпин, иара ишьҭахь иаразнак Путин, уи ҽазныкгьы иунарбоит аганқәа рыҩбагьы рыгәра еибагоит ауп.
Путин иҳәеит "Урыстәылеи Китаии, адунеи атәылақәа реиҳарак реиԥш, ззин еиҟароу, еицырзыфеидоу, зыҿҳәара дуу аекономикатә прогресси асоциалтә еизҳазыӷьареи ирышьҭоуп" ҳәа. Убри аан "ацивилизациатә еиуеиԥшымреи иарбанзаалак аҳәынҭқарра ахатә ҿиаразы азини ирықәныҟәароуп" иҳәеит.
"Абас иҟоу ашьаҭақәа рыла иаԥҵоу аԥшьгамҭа "Цәаҳәак, мҩак" ("Один пояс, один путь") ибзианы ирнаалоит еиуеиԥшым арегионқәа рҿы иҿио аинтеграциатә процессқәа, — иҳәеит. — Уи иақәшәоит ҳара иҟаҳҵаз ажәалагала - згәаанагара еиԥшу, аусеицура иазхиоу аевразиатә партниорра аиқәыршәара: "Цәаҳәак, мҩак", Шанхаитәи аусеицуразы аиҿкаара, Алада-Мрагыларатәи Азиа аҳәынҭқаррақәа рассоциациа (АСЕАН), Евразиатәи аекономикатә еидгыла".
Урыстәыла ахада рыӡбахә иҳәеит ари ахырхарҭаҟны инарыгӡахьоу аусқәа ртәы: Евразиатәи аекономикатә еидгылеи КЖәР-и русеицура, жәларбжьаратә акоридор Аҩада — Алада, Транссиб агәҭантәи ахәҭа аиҭарҿыцра, Шьыбжьырхаратәи амҩа аргылара. "Ҳара аус рыцаауеит Агәҭантәи Сибра аладаҟа ицо аихамҩа ҿыцқәа рышьҭаҵара аус азы. <…> Даҽа коридорк Арктикантәи аладаҟа амҩангара Мрагылара Хараҟны ашьҭаҵара ҳгәы иҭоуп", - иҳәеит Путин.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иажәақәа рыла, афорум алахәылацәа Путин иажәахә уамакала иргәаԥхәеит. Иара убас Урыстәыла ахада имҩаԥигеит ҩганктәи аиԥыларақәа жәпакы, Евроеидгыла ахаҭарнакцәеи Азиатәи апартниорцәеи назлоу.
Президент РФ В. Путин принял участие в совещании судей судов общей юрисдикции, военных и арбитражных судов - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2023
Владимир Путин Урыстәылеи Китаии реизыҟазаашьазы астатиа иҩит

Еиҳа иқәҿиарахаз авизит

Москватәи аҳәынҭқарратә университет иатәу Азиеи Африкеи ртәылақәа ринститут аиҳабы Алексеи Маслов РИА Новости аниҿцәажәоз иҳәеит Сии Путини реицәажәара аҵак ду шамоу, Путингьы уахь дахьнеиз акыр шаҵанакуа.
"Ас еиԥш иҟоу аиҿцәажәарақәа акыр шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны Китаи имҩаԥысит. Хымԥада, аиԥылареи афоруми аеокномикатә зҵаарақәа ракәын иҳәаақәырҵоз раԥхьа иргыланы. Аҩтәылакгьы дара рхатәы гәаанагара рҳәон. Сара иазгәазҭеит Путин данықәгылоз иҳәаз. Раԥхьа иргыланы - атранспорттә коридорқәа ртәы, урҭ адунеи зегь аҿы иҟоу апроцессқәа ирылахәхар ҟалоит. Иҩбахаз - Урыстәыла уаанӡеиԥш аус ацура шыманшәалоу атәы иҳәеит. Москва аԥшьгамҭа "Цәаҳәак, мҩак" ("Один пояс, один путь") иалахәымзаргьы, Китаи аус бзианы иацнауеит. Урыстәыла ари азҵаара иазыҟоуп аблоқәа рсистемала аусура, аитеграциатә проектқәа рыла", - иҳәеит Маслов.
Ихԥахаз, Маслов игәаанагарала, — аиқәшаҳаҭра ҿыцқәа, урҭ рыбжьара иҟоуп уаанӡа зеиԥш ҟамлац - арыц азы аиқәшаҳаҭра. Ҽаԥарак ҳаԥеит, Урыстәылагьы, Китаигьы.
"Ари аусмҩаԥгатә аан Путин ида ҳәатә рымамызт. Ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра рзы мацара акәым, иааидкыланы ихыԥша ду иабзоураны", - ҳәа инаҵишьит Маслов. "Цәаҳәак, мҩак" дырџьалоит, аха Китаи иадыруазар аҭахуп атәыла дуқәа, Урыстәылеиԥш иҟоу, - рызцәа иашақәа шракәу.
Китаитәи акультуразы ацеремониақәа шымҩаԥысуа даара акраҵанакуеит. Путини Сии абанкеттә зал зегь раԥхьа ауарҳал ҟаԥшь иқәланы иахьеицыҩналаз, ақәгыларақәа реишьҭагылашьа - ари зегьы аҵак ду амоуп. Иара убас иҳәатәуп хаҭалатәи аиҿцәажәарақәа акыр ишеиҵыхыз, арҭ рҩызцәа афорумқәа раан урҭ рзы аамҭа абжьааԥны имаҷуп. Аексперт игәаанагарала, ари авизит — аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Урыстәылазы "еиҳа иқәҿиарахаз" акоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0