Урыстәыла

Путин палестина-израильтәи аимак ӡбашьас иамоу атәы иҳәеит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраXVII Съезд Российского союза промышленников и предпринимателей
XVII Съезд Российского союза промышленников и предпринимателей - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2023
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 7, асабша ашьыжь Израиль аҵакыра асектор Газа аганахь ала аракетақәа рыла иажәлеит, уи ашьҭахь ХАМАС аибашьцәа атәыла аҳәаа иаԥну араионқәа ирылалеит.
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Палестина-израильтәи аимак ӡбашьас иамоу мрагыларатәи Иерусалим аҳҭнықалақьс изауа Ихьыԥшым аҳәынҭқарра Палестина аԥҵара заҵәык ауп ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин ИАР атәыла-ҳәынҭқаррақәа рхадацәа Рхеилак аилатәараҟны.
"Палестина-израильтәи аимак аӡбашьа альтернативадоуп. Ҩ-ҳәынҭқаррак раԥҵара ада аҽа формулак ыҟам. Мрагыларатәи Иерусалим аҳҭнықалақьс изауа ихьыԥшым аҳәынҭқарра Палестина аԥҵара заҵәык ауп Израиль аҭынчра еиҿызкаауа. Ииашоуп Израиль зеиԥш ҟамлацыз ажәылара азуп, ахыхьчаразгьы азин амоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла ахада.
Путин иҟалаз рыцҳара дуӡӡоуп ҳәа ахиҳәааит, иагьазгәеиҭеит асеиԥш ҟазҵаз ЕАА Мрагылара Ааигәа имҩаԥнаго ахшыҩдаратә политика шакәу.
Иара иҳәеит, америкаа европатәи рымҩанызацәа рыдгыларала рыҽшазыршәаз ари аус рнапахьы аагара, аха аҩ-ганкгьы акаҿы иззаибагашаз азҵаара аӡбара ишашьҭамлаз.
Палестинатәи аҳәынҭқарра аԥҵара зҭахыз "Мрагылара Ааигәатәи аквартета" аформат (Евроеидгыла, Урыстәыла, ЕАА, ЕАР) ЕАА амчра анамҭеит ҳәа иҳәеит Путин.
Иара иазгәеиҭеит уажәазы ихадароу ашьакаҭәара аанкылара шакәу, Урыстәыла шазыхиоу зегь аус рыцура.
Палестина-израильтәи аимак жәашықәсала Мрагылара Ааигәа аибарххара иарегионны иҟанаҵоит. Еиду амилаҭқәа реиҿкаара 1947 шықәсазы иаӡбит ҩ-ҳәынҭқаррак ашьақәыргылара — Израили Палестинеи, аха иаԥҵан Израиль амацара.
Аҩ-ган рыҟны иҭахахьоу аҭынч уааԥсыра зқьҩык иреиҳахахьеит, зқьҩыла еиуеиԥшым ахәрақәа роуит. Еиуеиԥшым адыррақәа рыла ХАМАС итҟәаны ирымоуп 150-ҩык рҟынӡа аизральцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0