https://sputnik-abkhazia.info/20231014/nebenzia-mragylara-aaiga-mkhakybaalati-aibashra-akhy-ikhygyloup-1048603332.html
Небензиа: Мрагылара ааигәа мҽхакыҭбаалатәи аибашьра ахықә ихықәгылоуп
Небензиа: Мрагылара ааигәа мҽхакыҭбаалатәи аибашьра ахықә ихықәгылоуп
Жьҭаара 7, асабша ашьыжь Израиль асектор Газа аганахь ала аракетақәа рыла иажәлеит "Потоп Аль-Аксы" аоперациа аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи ашьҭахь ХАМАС аибашьцәа... 14.10.2023, Sputnik Аҧсны
2023-10-14T13:30+0300
2023-10-14T13:30+0300
2023-10-14T13:47+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102676/41/1026764100_0:347:2834:1941_1920x0_80_0_0_3c5fceee97f9e2e5830d69e053e86a82.jpg
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Мрагылара ааигәа аҭагылазаашьа мҽхакыҭбаалатәи аибашьрахь ииасыр алшоит ҳәа ажурналистцәа иреиҳәеит Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Урыстәыла есымшатәи ахаҭарнак Васили Небензиа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости. Иазгәеиҭеит, Москва шақәыӡбуа гәымбылџьбарыла аҩ-ганк рыҟны аҭынч уааԥсыра рҭахара. Израиль ахыхьчара азин шамоугьы, асектор Газа аганахь ала ахымҩаԥгашьа ишақәшаҳаҭым. "Асектор Газа анхарҭатә ҭыԥқәа ишабалак арылахысра, аӡи алашареи рымхра, амацәаз рҭакра ари ҳара иаҳгәаланаршәуеит Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьраан Лененград амацәаз аҭакра. Арҭ ахымҩаԥгашьақәа зегьы зымҽхак ҭбаау арыцҳарахь икылнагар алшоит", - иҳәеит иара.Палестина-израильтәи аимак цоишьҭеи 70 шықәса иреиҳауп. Еиду амилаҭқәа реиҿкаара 1947 шықәсазы иаӡбит ҩ-ҳәынҭқаррак ашьақәыргылара — Израили Палестинеи, аха иаԥҵан Израиль амацара.Мчыбжьык аԥхьа Израиль асектор Газа аганахь ала аракетақәа рыла иажәлеит, уи ашьҭахь ХАМАС аибашьцәа атәыла аҳәаа иаԥну араионқәа ирылалеит.Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, ари аамҭа иалагӡаны 1300-ҩык Израиль аганахь ала иҭахахьеит, 3400-ҩык ахәрақәа роуит, асектор Газа аганахь ала иҭахеит 1845-ҩык, ахәрақәа рымоуп 6700-ҩык инареиҳаны. Уи адагьы, Израиль аҳәамҭа ҟанаҵеит, асектор Газа аҟны 120-ҩык аграждануаа ХАМАС аибашьцәа иҭҟәаны ишрымоу.
https://sputnik-abkhazia.info/20231013/putin-palestina-izrailti-aimak-bashas-iamou-aty-ieit-1048596632.html
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102676/41/1026764100_17:0:2748:2048_1920x0_80_0_0_f174ee32e713bf92f66b91e958648974.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Небензиа: Мрагылара ааигәа мҽхакыҭбаалатәи аибашьра ахықә ихықәгылоуп
13:30 14.10.2023 (ирҿыцуп: 13:47 14.10.2023) Жьҭаара 7, асабша ашьыжь Израиль асектор Газа аганахь ала аракетақәа рыла иажәлеит "Потоп Аль-Аксы" аоперациа аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи ашьҭахь ХАМАС аибашьцәа атәыла аҳәаа иаԥну араионқәа ирылалеит.
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Мрагылара ааигәа аҭагылазаашьа мҽхакыҭбаалатәи аибашьрахь ииасыр алшоит ҳәа ажурналистцәа иреиҳәеит Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Урыстәыла есымшатәи ахаҭарнак Васили Небензиа. Абри атәы аанацҳауеит
РИА Новости. "Адунеи аҟны" аҭагылазаашьа арӷыӷкра даара агәҭынчымзаара аанырԥшуеит. Арегион мҽхакыҭбаалатәи аибашьра ахықә ихықәгылоуп", - ҳәа иҳәеит Небензиа.
Иазгәеиҭеит, Москва шақәыӡбуа гәымбылџьбарыла аҩ-ганк рыҟны аҭынч уааԥсыра рҭахара. Израиль ахыхьчара азин шамоугьы, асектор Газа аганахь ала ахымҩаԥгашьа ишақәшаҳаҭым.
"Асектор Газа анхарҭатә ҭыԥқәа ишабалак арылахысра, аӡи алашареи рымхра, амацәаз рҭакра ари ҳара иаҳгәаланаршәуеит Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьраан Лененград амацәаз аҭакра. Арҭ ахымҩаԥгашьақәа зегьы зымҽхак ҭбаау арыцҳарахь икылнагар алшоит", - иҳәеит иара.
Палестина-израильтәи аимак цоишьҭеи 70 шықәса иреиҳауп. Еиду амилаҭқәа реиҿкаара 1947 шықәсазы иаӡбит ҩ-ҳәынҭқаррак ашьақәыргылара — Израили Палестинеи, аха иаԥҵан Израиль амацара.
Мчыбжьык аԥхьа Израиль асектор Газа аганахь ала аракетақәа рыла иажәлеит, уи ашьҭахь ХАМАС аибашьцәа атәыла аҳәаа иаԥну араионқәа ирылалеит.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, ари аамҭа иалагӡаны 1300-ҩык Израиль аганахь ала иҭахахьеит, 3400-ҩык ахәрақәа роуит, асектор Газа аганахь ала иҭахеит 1845-ҩык, ахәрақәа рымоуп 6700-ҩык инареиҳаны.
Уи адагьы, Израиль аҳәамҭа ҟанаҵеит, асектор Газа аҟны 120-ҩык аграждануаа ХАМАС аибашьцәа иҭҟәаны ишрымоу.