АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа имҩаԥысуа аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо гәеиҭеит, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.
Ахада изеиҭарҳәеит Арӡынба имҩаҿы арҽеиратә усурақәа шымҩаԥысуа, Агәмаа имҩа инаркны Титов имҩаҟынӡа 550 метра адгьылаҵатә цәаҳәақәа шыԥсаху, акаҭран ақәҵара ишалаго.
Аусурақәа мҩаԥыргоит Аҟәа абиуџьет ахарџь ала. Аӡымҩангагатә цәаҳәақәа рыԥсахразы иазоужьын 38 миллион мааҭ, акаҭран аԥсахра - 15 миллион мааҭ ҳәа иҳәеит Аҟәа ахада Беслан Ешба.
"Аусурақәа ирылаган ԥхынгәымза анҵәамҭазы. Атрубақәа 4,5 метра иларҟәны иҵаҵоуп. Ауадаҩрақәа ыҟан Агәмаа имҩаҿы, уа амҩа алагарҭаҿы 4,2 метра илаҟәын, анҵәамҭаҿы - 3,8 метра. Ирацәан ацәаакыра иахҟьаны адгьылқәа ахьҭаҳаз", - иҳәеит Беслан Ешба.
Беслан Ешба ахада изеиҭеиҳәеит аӡиас Басла ихырҵаз ацҳа ҿыц аҿы аныҟәара зцәыуадаҩу ауаа рзы алифт шықәыргылахо. Алифт ықәыргылахоит 2024 шықәсазы.
Анаҩс Аслан Бжьаниа днеит Тарас Шамба ихьӡ зху апарк ахь. Уа аусурақәа абҵара 17 рзы ихыркәшахароуп – ахаҳәҟьаԥс ақәҵара, аӡыршә ахаҿра арԥшӡара, индоевропатәи ателеграфтә цәаҳәа аҭуџь шьаҟақәа реиҭаргылара.
Иара убас Аслан Бжьаниа даҭааит Ацҳа ҟаԥшь, Ҷанба имҩа, Аҳабла ҿыц рҿы имҩаԥырго арҽеирақәа, ахәшьара аиҭеит Аҟәатәи ашьхаҿы аӡыршәи анаԥшааԥшырҭатә ҭыԥи реиҭашьақәыргыларазы ицо аусқәа.