Бжьаниа Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара апрограммаз аилацәажәара мҩаԥигеит
09:00 02.11.2023 (ирҿыцуп: 09:06 02.11.2023)
© Foto / Администрация президента РААслан Бжания провел совещание
© Foto / Администрация президента РА
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа ихантәаҩрала имҩаԥысит "Аԥсны Аҳәынҭқарра 2022-2025 шш. асоциал-економикатә ҿиара" Аҳәынҭқарратә Программа анагӡара амҩаԥысшьа иазкыз аилацәажәара.
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган аҳәынҭқарра ахадеи аилацәажәара иалахәызи адырра рылҭеит асоциал-економикатә ҿиара Аҳәынҭқарратә программа анагӡара амҩаԥысшьазы.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра 2022-2025 шш. асоциал-економикатә ҿиара" аҳәынҭқарратә Программа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, иара анагӡараҟны ацхыраара аҟаҵаразы 2022 шықәса нанҳәамзазы анапы аҵаҩын Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра. Аиқәшаҳаҭра шьақәырӷәӷәан 2022 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.
Аиқәшаҳаҭра шьаҭас иаҭаны аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма мҩаԥысуеит аԥаразоужьра, абиуџьет иаҵанакуа аусуҩцәа хаз игоу категориақәак руалафахәы ашьҭыхреи Аинвестициатә программеи убрахь иналаҵаны.
2024 шықәсазы аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма аԥаразоужьра ашәага-загақәа шьақәырӷәӷәахоит Аиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩцәа рзыӡба ала ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа, уи 2024 шықәсазтәи абиуџьет апроект ианырԥшхоит.
Абанктә сектор
Апрограммала иазгәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара хықәкыс иҟаҵаны абанктә сектор аҟны Аԥсны Абанк ихнаркәшеит аинформациатә системақәа – астандартқәа рықәыршәареи ацәгьоуратә операциақәа амониторинг рзура аҿагылареи ирызку аусмҩаԥгатәқәа.
Аԥсны абанктә система аусура ахаҭабзиара аиӷьтәразы иаздырхиеит иагьрыдыркылеит абарҭ азакәанқәа:
"Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылауаҩратә закәанеидкыла актәии аҩбатәии ахәҭақәа рыҟны аԥсахрақәа ралагаларазы",
"Абанктә ҳәаақәҵара аусхк аҟны азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагларазы",
"2011 шықәса №3024-с-V аҟнытә Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы",
"Ахәԥсашәаразы аелектронтә хархәагақәа рхархәарала Амилаҭтә шәатәы асистемазы",
"Аелектронтә напынҵамҭазы".
Имҩаԥгаӡам аиҭафинансыркра апроценттә зыԥҵәа аиҵатәра иазку аусмҩаԥгатәқәа. Амилаҭтә банк агәаанагарала, ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҳасаб азуны, иҟоу абанктә система алшарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аиҭафинансыркра апроценттә зыԥҵәа аиҵатәра залшаӡом, азҵаара ахәаԥшра ҟалоит акапитализациа ианацҵаха.
Астатистика
Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аус рыдулоуп иагьышьақәырӷәӷәоуп аминистррақәеи аусбарҭақәеи рзы астатистикатә ҭаҩра апрограмма, аусбарҭатә ҳасабырбақәа еиҳа хра рыманы аҟаҵаразы.
Иазырхиоуп аелектронтә информациатә система "Аелектронтә ҳасабырба".
2024 шықәса инаркны иазгәаҭоуп иналак-алакны аусурҭамазаареи аусурҭадареи аҭҵаара апрограмма азырхиаразы аусура аиҿкаара.
Анаплак маҷқәа аҳәынҭқарратә цхыраара рзыҟаҵара
Анаплакра маҷ аусхк аҟны аҳәынҭқарратә дгылара мҩаԥысуеит иашьашәалоу ахылаԥшратә программақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ареспубликатә биуџьет иазоунажьуа аҟнытә.
2022 шықәсазы ирыдкылан 47 еиқәшаҳаҭра аҳәынҭқарреи, анаплак маҷқәеи, абжьаратә наплакқәеи рыбжьара, 50 млн мааҭ зыхәԥса наӡо;
2023 шықәсазы - 67 еиқәшаҳаҭра, 50 млн мааҭ зыхәԥса наӡо.
Анаплак маҷқәа ацхыраара рыҭаразы аԥаразоужьра мҩаԥнагоит урыстәылатәи агангьы.
Аиҳабырабжьаратә комиссиа аӡбрала иҳәаақәҵоуп ааглыхратә мыругақәа раахәара иахшәаау ахарџьқәа рхарҭәааразы 76 млн мааҭ инаӡо алимит.
Аекономика аминистрра урыстәылатәи аган иазынанашьҭит 2023 шықәсазы 13 економикатә субиект 26 млн мааҭ рызшәаразы аматериалқәа. Аԥаразоужьра аҿҳәара - 2023 шықәса.
Аҳәынҭпрограмма иазыԥхьагәанаҭоит альготатә кредитзоужьраз апрограмма. Уи азы иазырхиоуп 19 инвестициатә проект. 2023шықәса абҵарамзанӡа анапы аҵаҩуп акредиттә еиқәшаҳаҭрак ЗҲәА "Ачба иашҭа" аганахь ала.
Аинвестициатә политика
Иазԥхьагәаҭоуп Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырақәа рыбжьара ареспубликаҿы урыстәылатәи аиҿкаарақәа аинвистициақәа рымҩаԥгара рзеиҿкааразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи ҩынтәны ашәахтәқәҵара алмыршаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи.
Азакәанқәа аус рыдулареи рыдкылареи:
ирыдкылоуп "Астратегиатә планыркразы ",
"Аинвестициатә еиҩызаразы" актәи аԥхьараҿ ирымоуп,
"Аинвестициатә усураз азакәан аԥсахрақәа алагаларазы" ахәаԥшрахь инагоуп.
Аҳәынҭпрограмма иара убасгьы иазԥхьагәанаҭоит еиҭамҵуа ахыбрақәа реиқәыԥхьаӡа автоматизациа зызуу асистема аԥҵареи аларҵәареи рзы Аҳәынҭпрограмма, анорматив-зинтә база адкылара. Ауснагӡатәқәа рхыркәшара азгәаҭоуп 2023 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.
"Аиқәыԥхьаӡа азы" азакәан апроект аус адыруылоит. Иара аҿҳәара - 2023 шықәса ҳәа иазгәаҭоуп, аларҵәара - 2024 шықәса.
Абҵара 21, 2022 шықәсазы ишьақәырӷәӷәан 2023-2025 шш. рзтәи асоциал-економикатә ҿиара Апрограмма.
2023-2025 шш. рзтәи Аинвестпрограмма:
Аԥаразоужьра алимит -3,6 млрд мааҭ.
2023 шықәса абҵарамзазы ахы иархәоуп: 824,4 млн мааҭ.
2023 шықәсазтәи ацәынха - 390,6 млн мааҭ.
Атранспорт аусхк
Атранспорттә усхк аҟны аҳәынҭпрограмма ауснагӡатәқәа иреиуоуп аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара. Аинвестициа амҽхак - 11млрд мааҭ иҟоуп ҳәа лҳәеит Кристина Озган.
Апроект анагӡара амҩа иқәуп, ахыркәшараз иамоу аҿҳәара - 2024 ш. ԥхынҷкәынмза.
Амашьынамҩатә инфраструктура иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа афинансқәа рзоужьуп Аинвестпрограммеи Амҩатә фонди рхыҵхырҭақәа рҟынтә.
2022-202 3шш. рзы Аинвестпрограммақәа ирыбзоураны амашьынамҩақәа реиҭашьақәыргылара иазоужьуп 1,4 млрд мааҭ, урҭ рхыԥхьаӡараҿы ареспубликатә мҩаду лашарала аиқәыршәара иадҳәалоу аусқәа.
Амҩа аҿықәқәа ррыцқьаразы аусқәа мҩаԥгоуп, иара убас амҩатә дыргақәеи арбагақәеи шьақәыргылоуп, ацҳақәа ркәыршақәа шәуп, амҩатә ҵәаӷәа алдоуп, ахарџь иартәоит 50 млн мааҭ.
Кәыдрытәи аҩхааи Гәмысҭатәи ацҳа аиҭашьақәыргылареи рзы апроект-харџьынҵатә шәҟәқәа аус рыдулара хыркәшоуп. Ҳазҭагылоу аамҭазы афинанстә усура ахыҵхырҭа шьақәыргылам.
Аулафахәы ацҵара
2023 шықәсазтәи аицԥаразоужьра иартәеит 1,6 млрд мааҭ. 2023 шықәсазы хаз игоу абиуџьеттә усуҩцәа ркатегориақәак рулафахәы шьҭыхуп 18% рыла.
2022-2023 шш. рзы аулафахәы иреиҵоу ҳәа иазгәаҭоуп 10 нызқьмааҭ, уаанӡа 5 нызқьмааҭ. Аулафахәы ашьҭыхра иалнаршеит асоциалтә фондқәа рахь ахыԥхьаӡарақәа рымҩаԥгара.
2022 шықәсазы Атәанчахәытә фонд ахь ахыԥхьаӡалақәа 2019 шықәса иаҿырԥшны 41% еиҳахеит, егьырҭ асоциалтә фондқәа рахь ахыԥхьаӡалақәа - 39%.
Аенергетика
2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аҿы иарбоуп "Амшынеиқәафымцамч" 200 млн мааҭ азоужьра аҭаҩгатә хархәагақәа раахәаразы. Абҵарамзатәи адыррақәа рыла иаахәоуп 26 372 ҭаҩга, иқәыргылоуп - 21 872.
Афымцамч азы ашәарақәа:
2023 шықәса жәымз рыҩнуҵҟатәи алагалақәа - 35,3%
Аиурист хаҿқәа - 69%
Ахатәхаҿқәа - 20%
Зынӡа еизгоуп - 632 млн мааҭ.
Афымцамч ахархәара:
10 –мз рыҩнуҵҟа - 1,6 млрд кВт⋅с. Ари 200 млн кВт⋅с рыла еиҵоуп 2022 шықәсазы аасҭа.
2023-2025 шш. рызтәи Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит астанциаеиҵақәа - 11 кВ "Аҟәа-1", 110 кВ "Алаҳаӡы" , 220 кВ "Бзыԥ" реиҭашьақәыргыларақәа.
Аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп астанциа маҷқәа "Дранда", "Агәыӡера" рырҽеирақәа. Аусурақәа мҩаԥигоит аинвестор.
АУН "Амшынеиқәафымцамч" афымцамч ахархәаҩцәа ашәҟәҭагалара иаҿуп, ихыркәшахоит 2023 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.