Аԥсны

Абҵара 14-15 рзы имҩаԥгахоит акциа "Иҭышәынтәалоу ашьақар"

Акциа еиҿкаауп Адунеизегьтәи ашьақар чымазара аҿагылара амш инамаданы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи "Аԥсны ашьақар чымазара змоу реилазаареи" Аԥсны асоциал-культуратә аԥшьгара афонд иҟанаҵаз афинанстә цхыраарала.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Аԥсны ақалақьқәа рыҟны абҵара 14-15 рзы имҩаԥгахоит акциа "Иҭышәынтәалоу ашьақар", абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Агәаҳәара змоу зегьы ирымоуп алшара хәыда-ԥсада ршьақар ашәара.
Акциа амҩаԥгара аамҭеихшара:
Абҵара 14 асааҭ 09:00 инаркны Тҟәарчал Араионтә хәшәтәырҭа хада аҟны, Аҟәа Араионтә хәшәтәырҭа хада аполиклиника аҟны, Пицунда акурорттә поликлиника аҟны, Гагра Араионтә хәшәтәырҭа хадеи ахәҳаахәҭратә центр "Гагреи" рыҟны;
Абҵара 15 асааҭ 09:00 инаркны Аҟәа ақалақь ахадара апарки Аҳабла ҿыц апарки рыҟны, Гәдоуҭа аџьармыкьа хада аҟны, Очамчыра араион ахадара аҿаԥхьа, Цандрыԥшь аполиклиника аҟны.
Адунеизегьтәи Ашьақар чымазара аҿагылара амш есышықәса иазгәарҭоит абҵара 14 рзы.
Ашьақарчымазара акьыбачымазара инаваргыланы адунеи аҿы еиҳа ишәарҭоу ачымазарақәа ԥшьба ирыҵаркуеит. Иара шьҭрала ишьҭукаар ҟалоит. Аендекренологцәа ирҳәоит ачымазара агәаҭаразы шықәсык ахь знык иадамзаргьы ухы гәоуҭалароуп ҳәа.