https://sputnik-abkhazia.info/20231113/abara-14-15-rzy-imagakhoit-aktsia-iyshyntalou-ashaar-1049051940.html
Абҵара 14-15 рзы имҩаԥгахоит акциа "Иҭышәынтәалоу ашьақар"
Абҵара 14-15 рзы имҩаԥгахоит акциа "Иҭышәынтәалоу ашьақар"
Sputnik Аҧсны
Акциа еиҿкаауп Адунеизегьтәи ашьақар чымазара аҿагылара амш инамаданы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи "Аԥсны ашьақар чымазара змоу реилазаареи" Аԥсны... 13.11.2023, Sputnik Аҧсны
2023-11-13T18:36+0300
2023-11-13T18:36+0300
2023-11-13T19:22+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101985/99/1019859915_0:231:3000:1919_1920x0_80_0_0_907d86609b688c7305ada861951c113a.jpg
АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Аԥсны ақалақьқәа рыҟны абҵара 14-15 рзы имҩаԥгахоит акциа "Иҭышәынтәалоу ашьақар", абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.Акциа амҩаԥгара аамҭеихшара:Адунеизегьтәи Ашьақар чымазара аҿагылара амш есышықәса иазгәарҭоит абҵара 14 рзы.Ашьақарчымазара акьыбачымазара инаваргыланы адунеи аҿы еиҳа ишәарҭоу ачымазарақәа ԥшьба ирыҵаркуеит. Иара шьҭрала ишьҭукаар ҟалоит. Аендекренологцәа ирҳәоит ачымазара агәаҭаразы шықәсык ахь знык иадамзаргьы ухы гәоуҭалароуп ҳәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101985/99/1019859915_385:0:2952:1925_1920x0_80_0_0_d996b8cc5c34a2a90340272a5c9cb3f6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, ауаажәларра
ажәабжьқәа, аԥсны, ауаажәларра
Абҵара 14-15 рзы имҩаԥгахоит акциа "Иҭышәынтәалоу ашьақар"
18:36 13.11.2023 (ирҿыцуп: 19:22 13.11.2023) Акциа еиҿкаауп Адунеизегьтәи ашьақар чымазара аҿагылара амш инамаданы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи "Аԥсны ашьақар чымазара змоу реилазаареи" Аԥсны асоциал-культуратә аԥшьгара афонд иҟанаҵаз афинанстә цхыраарала.
АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Аԥсны ақалақьқәа рыҟны абҵара 14-15 рзы имҩаԥгахоит акциа "Иҭышәынтәалоу ашьақар", абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Агәаҳәара змоу зегьы ирымоуп алшара хәыда-ԥсада ршьақар ашәара.
Акциа амҩаԥгара аамҭеихшара:
Абҵара 14 асааҭ 09:00 инаркны Тҟәарчал Араионтә хәшәтәырҭа хада аҟны, Аҟәа Араионтә хәшәтәырҭа хада аполиклиника аҟны, Пицунда акурорттә поликлиника аҟны, Гагра Араионтә хәшәтәырҭа хадеи ахәҳаахәҭратә центр "Гагреи" рыҟны;
Абҵара 15 асааҭ 09:00 инаркны Аҟәа ақалақь ахадара апарки Аҳабла ҿыц апарки рыҟны, Гәдоуҭа аџьармыкьа хада аҟны, Очамчыра араион ахадара аҿаԥхьа, Цандрыԥшь аполиклиника аҟны.
Адунеизегьтәи Ашьақар чымазара аҿагылара амш есышықәса иазгәарҭоит абҵара 14 рзы.
Ашьақарчымазара акьыбачымазара инаваргыланы адунеи аҿы еиҳа ишәарҭоу ачымазарақәа ԥшьба ирыҵаркуеит. Иара шьҭрала ишьҭукаар ҟалоит. Аендекренологцәа ирҳәоит ачымазара агәаҭаразы шықәсык ахь знык иадамзаргьы ухы гәоуҭалароуп ҳәа.