АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik. Қырҭтәыла ақәымчра маҷымкәа ишазыруагьы, ахатәы интересқәа хьаас имкыкәа аҩбатәи афронт аанартуам ҳәа иҳәеит Ажәларқәа реиҩызара Урыстәылатәи ауниверситет астратегиатә ҭҵаарақәеи азԥхьагәаҭарақәеи ринститут адиректор Дмитри Егорченков, в Sputnik аинтервиу аҭо.
Иара иажәақәа рыла, ақырҭуа напхгара ишрықәыӷәӷәац ирықәыӷәӷәоит Аахыҵ Кавказ арегион акрызҵазкуа геостратегиатә ҭыԥны иахьыҟоу азы. Убри аан аексперт агәаанагара имоуп ари азҵаара аганахьала Қырҭтәыла апозициа ареспублика ахаҭа аинтересқәа шракәу шьагәыҭс иарҭо.
"Сара сгәы иаанагом Киевынтә ма Бриуссельынтә, ма егьырҭ мраҭашәаратәи атәылақәа рҟынтә Қарҭ иазыҟарҵо анырра иахьатәи ақырҭуа напхгара иҟарымҵаша шьаҿақәак анарҟаҵап ҳәа. Қарҭ ибзианы иргәалашәоит аҳәаанырцәынтә ирырҭоз адҵақәа рынагӡара иадгылоз, аҭакԥхықәра змамыз уаанӡатәи амчрауаа рлахьынҵа", - ҳәа иҳәеит Егорченков.
Убри аан аексперт иҳәеит Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа Аԥсны азҵаара аӡбараҿы қарҭаа ҿырԥштәны иргом ҳәа.
"Ҟарабахтәи аҭагылазаашьа рыцҳароуп, трагедиоуп, аха ари аҩыза аҭагылазаашьахь икылызгаз аҩнуҵҟатәи алогика ари аҩыза шахылҿиаауаз азгәарҭахьан аҟазауаа жәпаҩык. Ереван апозициагьы, Бақәа апозициагьы, урҭ реилибамкаарагьы роуп иҟалаз зыдҳәалоу. Уи адагьы, ара иҟаз аганқәа ҩба ракәмызт, ара иҟан х-ганк. Еревани Степанакерти рҭахрақәа анеиқәымшәоз рацәан. Абарҭ зегь ааилалан – иҟалаз ҟалеит", - ҳәа азгәеиҭеит аексперт.
Украина арратә операциа ҷыда ианалага инаркны Киеви мраҭашәаратәи атәылақәеи Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы аҩбатәи афронт аартны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи хыннарҳәархынҳәырц ырц абжьыргоит, дҵангьы иазықәдыргылоит. Қырҭтәыла амчрақәа аҩбатәи афронт аартра, атәыла аибашьра аҽалагалара мап ацәыркуеит, уи адагьы Қарҭ Урыстәыла иаҿагылоз асанкциақәагьы ирыдымгылаӡеит.