https://sputnik-abkhazia.info/20231115/aekspert-yrtyla-urystyla-iaagylany-abati-afront-aartra-akhynalsho-akhshara-aieit-1049073936.html
Аексперт Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы аҩбатәи афронт аартра ахьынӡалшо ахәшьара аиҭеит
Аексперт Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы аҩбатәи афронт аартра ахьынӡалшо ахәшьара аиҭеит
Sputnik Аҧсны
Украина арратә операциа ҷыда ианалага инаркны Киеви мраҭашәаратәи атәылақәеи Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы аҩбатәи афронт аартны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи... 15.11.2023, Sputnik Аҧсны
2023-11-15T18:20+0300
2023-11-15T18:20+0300
2023-11-15T18:20+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аполитика
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102408/36/1024083607_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_fd58854005f3ca0f145aff0e568dd115.jpg
АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik. Қырҭтәыла ақәымчра маҷымкәа ишазыруагьы, ахатәы интересқәа хьаас имкыкәа аҩбатәи афронт аанартуам ҳәа иҳәеит Ажәларқәа реиҩызара Урыстәылатәи ауниверситет астратегиатә ҭҵаарақәеи азԥхьагәаҭарақәеи ринститут адиректор Дмитри Егорченков, в Sputnik аинтервиу аҭо. Иара иажәақәа рыла, ақырҭуа напхгара ишрықәыӷәӷәац ирықәыӷәӷәоит Аахыҵ Кавказ арегион акрызҵазкуа геостратегиатә ҭыԥны иахьыҟоу азы. Убри аан аексперт агәаанагара имоуп ари азҵаара аганахьала Қырҭтәыла апозициа ареспублика ахаҭа аинтересқәа шракәу шьагәыҭс иарҭо. Убри аан аексперт иҳәеит Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа Аԥсны азҵаара аӡбараҿы қарҭаа ҿырԥштәны иргом ҳәа. "Ҟарабахтәи аҭагылазаашьа рыцҳароуп, трагедиоуп, аха ари аҩыза аҭагылазаашьахь икылызгаз аҩнуҵҟатәи алогика ари аҩыза шахылҿиаауаз азгәарҭахьан аҟазауаа жәпаҩык. Ереван апозициагьы, Бақәа апозициагьы, урҭ реилибамкаарагьы роуп иҟалаз зыдҳәалоу. Уи адагьы, ара иҟаз аганқәа ҩба ракәмызт, ара иҟан х-ганк. Еревани Степанакерти рҭахрақәа анеиқәымшәоз рацәан. Абарҭ зегь ааилалан – иҟалаз ҟалеит", - ҳәа азгәеиҭеит аексперт. Украина арратә операциа ҷыда ианалага инаркны Киеви мраҭашәаратәи атәылақәеи Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы аҩбатәи афронт аартны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи хыннарҳәархынҳәырц ырц абжьыргоит, дҵангьы иазықәдыргылоит. Қырҭтәыла амчрақәа аҩбатәи афронт аартра, атәыла аибашьра аҽалагалара мап ацәыркуеит, уи адагьы Қарҭ Урыстәыла иаҿагылоз асанкциақәагьы ирыдымгылаӡеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20231005/putin-15-shysa-uan-ermantyla-ashryoz-bakui-darei-aky-iazaairts-azy-shaak-ararts-1048475765.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230914/asny-aar-akhada-yrtyla-asua-zaara-bashas-ianaar-alsho-aty-ieit--1047972148.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102408/36/1024083607_52:0:2783:2048_1920x0_80_0_0_29bf662d69ae386521da89725cdc9623.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аполитика
Аексперт Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы аҩбатәи афронт аартра ахьынӡалшо ахәшьара аиҭеит
Украина арратә операциа ҷыда ианалага инаркны Киеви мраҭашәаратәи атәылақәеи Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы аҩбатәи афронт аартны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи архынҳәырц абжьыргоит.
АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik. Қырҭтәыла ақәымчра маҷымкәа ишазыруагьы, ахатәы интересқәа хьаас имкыкәа аҩбатәи афронт аанартуам ҳәа иҳәеит Ажәларқәа реиҩызара Урыстәылатәи ауниверситет астратегиатә ҭҵаарақәеи азԥхьагәаҭарақәеи ринститут адиректор Дмитри Егорченков, в Sputnik аинтервиу аҭо.
Иара иажәақәа рыла, ақырҭуа напхгара ишрықәыӷәӷәац ирықәыӷәӷәоит Аахыҵ Кавказ арегион акрызҵазкуа геостратегиатә ҭыԥны иахьыҟоу азы. Убри аан аексперт агәаанагара имоуп ари азҵаара аганахьала Қырҭтәыла апозициа ареспублика ахаҭа аинтересқәа шракәу шьагәыҭс иарҭо.
"Сара сгәы иаанагом Киевынтә ма Бриуссельынтә, ма егьырҭ мраҭашәаратәи атәылақәа рҟынтә Қарҭ иазыҟарҵо анырра иахьатәи ақырҭуа напхгара иҟарымҵаша шьаҿақәак анарҟаҵап ҳәа. Қарҭ ибзианы иргәалашәоит аҳәаанырцәынтә ирырҭоз адҵақәа рынагӡара иадгылоз, аҭакԥхықәра змамыз уаанӡатәи амчрауаа рлахьынҵа", - ҳәа иҳәеит Егорченков.
Убри аан аексперт иҳәеит Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа Аԥсны азҵаара аӡбараҿы қарҭаа ҿырԥштәны иргом ҳәа.
"Ҟарабахтәи аҭагылазаашьа рыцҳароуп, трагедиоуп, аха ари аҩыза аҭагылазаашьахь икылызгаз аҩнуҵҟатәи алогика ари аҩыза шахылҿиаауаз азгәарҭахьан аҟазауаа жәпаҩык. Ереван апозициагьы, Бақәа апозициагьы, урҭ реилибамкаарагьы роуп иҟалаз зыдҳәалоу. Уи адагьы, ара иҟаз аганқәа ҩба ракәмызт, ара иҟан х-ганк. Еревани Степанакерти рҭахрақәа анеиқәымшәоз рацәан. Абарҭ зегь ааилалан – иҟалаз ҟалеит", - ҳәа азгәеиҭеит аексперт.
Украина арратә операциа ҷыда ианалага инаркны Киеви мраҭашәаратәи атәылақәеи Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы аҩбатәи афронт аартны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи хыннарҳәархынҳәырц ырц абжьыргоит, дҵангьы иазықәдыргылоит. Қырҭтәыла амчрақәа аҩбатәи афронт аартра, атәыла аибашьра аҽалагалара мап ацәыркуеит, уи адагьы Қарҭ Урыстәыла иаҿагылоз асанкциақәагьы ирыдымгылаӡеит.