Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР ахада Қырҭтәыла аԥсуа зҵаара ӡбашьас ианаҭар алшо атәы иҳәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук МИД Абхазии
МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Қырҭтәыла аԥсуа зҵаара аӡбра абџьар ахархәаралагьы иахәаԥшуеит ҳәа иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
"Дара ишырҳәо ала абџьар ахархәарала азҵаара аӡбра аҩбатәи асценари ауп. Ақырҭцәа миллионла аԥара нырхуеит ажәыларатә бџьар амазааразы. Аҭыԥаҿы аҭыжьра хацдыркит аԥшыхәратә акәым, ажәыларатә дронқәа, аԥырҩы дызҭам ахарҳәагақәа. Арҭ зегьы хыхьчагатә бџьарӡам", - иҳәеит Арӡынба.
Актәи асценари ҳәа аминистр иԥхьаӡоит, ЕАА ацхыраарала Қырҭтәыла аиҳабыра рыпроект "зхаҵарада алахалара". Дара ргәаанагарала Аԥсны атәылауаа хәыда-ԥсадатәи ахәшәтәра, иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рҿы аусура уҳәа рхархәарала Қырҭтәыла радԥхьалара алшоит.
"Ақырҭцәа америкаа рыцырхырааны Аԥсны атәылауаа хәыда-ԥсадатәи ахәшәтәра, иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рҿы аусура уҳәа рхархәарала Қырҭтәыла радԥхьалара рылшоит ҳәа иршьоит. Иара убри алагьы Аԥсны апроблема ӡбахоит ҳәа игәыӷуеит.
Ари асценари "ҟәымшәышә" ауп. Ус еиԥш асовет еидгылашьҭахьтәи атәылақәа рҿы изныкымкәа имҩаԥыргахьеит", - ҳәа иҳәоит аминистр.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала Инал Арӡынба Аԥсны араионқәа рҿы аиԥыларақәа мҩаԥигоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0