Аԥсны

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" 2023 шықәсазтәи аусураз аҳасабырба ҟанаҵеит

2023 шықәсазы афонд "Ашана" 60-ҩык анапаҵаҟа иҟоу ахәыҷ чымазцәа рзы ахәышәтәратә курсқәа 70 мҩаԥнагеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" абрифинг мҩаԥнагеит ахаша, ԥхынҷкәын 27 рзы, уаҟа 2023 шықәсазтәи аусура аихшьаала ҟаҵан.
Аиҿкаара аҿиараз аменеџьер Сабина Зыхәԥҳа илҳәеит, ашықәс иалагӡаны 11 миллион мааҭ шеизыргаз, афонд "Ашана" анапаҵаҟа иҟоу 60-ҩык ахәыҷ чымазцәа рзы ахәышәтәратә курсқәа 70 шымҩаԥнагаз. Ари алшеит акыршықәса афонд ацхыраара азҭо ауаа рыбзоурала ҳәа лҳәеит лара.
"Афонд есышықәса имҩаԥнаго акциа хадақәа рыдагьы сынтәа аҩнуҵҟатә проектқәа рымҩаԥгара ҳҽазаҳшәеит. Урҭ иреиуоуп зегь бзиа еицырбо арубрика "Аҟазауаҩ иҳәоит". Арубрика атәылауаа иргәаԥхеит, ԥхьаҟагьы иацаҳҵалоит", - ҳәа лҳәеит Зыхәԥҳа.
Ииасыз ашықәс аҩнуҵҟа активла аус руан аволантиорцәагьы. Урҭ раԥшьгарала имҩаԥган афлешмоб "Лето с Ашана". Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган акультура-гәмырҿыӷьратә ҟазшьа змаз агәыҳалалратә уснагӡатәқәа.
Аԥсны
Агәаҳәарақәа нагӡахоит: "Ашанеи" "Кьарази" акциа "Ашанаҵла" еихыршьаалеит
"Иара убасгьы афонд аԥшьгарала абҵарамза аволонтиортә-фандраизинг (аԥареизгара - аред) иамзаны ишьан. Ари иаанаго афонд амацара аԥара анеизнаго акәымкәа ацхыраара ҟазҵар зҭаху ауаагьы аԥара анеизырго ауп", - ҳәа лҳәеит лара.
Афонд "Ашана" Амассатә информациатә хархәагақәа рымадараз аменеџьер Асида Мархолиаԥҳа иазгәалҭеит, 2023 шықәсазы ишацҵаз ҩышықәса раахыс аус зуа амедицинатә проект "Здоровое поколение".
"Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ацхыраарала ари апроект қәҿиарала имҩаԥаагоит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа иааҳаԥхьоит Ермантәылеи Урыстәылеи рҟынтәи аҟазауаа. Абас, акыршықәса ҵуеит Еревантәи аҳақьым-ортопед дааҳаԥхьоижьҭеи зеиҭаҵра-зыҟәара ԥку ахәыҷқәа рзы", - ҳәа лҳәеит аменеџьер.
Аԥсны
Аԥсуа сахьаҭыхҩцәа афонд "Ашана" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рзы аукцион мҩаԥыргеит
Иара убасгьы, апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспубликахь иаалоит Томски Шәачеи рҟынтәи аҟазауаа. Урҭ знервтә система аԥырхага амоу ахәыҷқәа ҭырҵаауеит. Ареспубликахь ҩымчыбжь ҳәа дааны дыҟан аҳақьым-аԥсихиатр.
"Иара убасгьы иазгәаҭатәуп, афонд ишымҩаԥнагаз есышықәсатәи агәыҳалалартә акциақәа "Добрый картофель", "Урок добра". Аамҭа-аамҭала имҩаԥаагоит акциа "Красивые номера", - лҳәеит Мархолиаԥҳа.
Сынтәа уи акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны еизган 4 миллион мааҭ. Аԥарақәа ахәыҷчымазцәа рыцхраареи апроект "Здоровое поколение" аиҿкаареи ирзырхан.