https://sputnik-abkhazia.info/20231226/agaaraa-nagakhoit-ashanei-karazi-aktsia-ashanala-eikhyrshaaleit-1049633113.html
Агәаҳәарақәа нагӡахоит: "Ашанеи" "Кьарази" акциа "Ашанаҵла" еихыршьаалеит
Агәаҳәарақәа нагӡахоит: "Ашанеи" "Кьарази" акциа "Ашанаҵла" еихыршьаалеит
Sputnik Аҧсны
Ашықәсҿыцазтәи акциа "Ашанаҵла" еиҿкаан агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи", "Кьарази", акультура-усуратә платформа "Гәымеи" ЕАР ахәыҷтәы фонд Аҟәатәи аофис... 26.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-26T20:20+0300
2023-12-26T20:20+0300
2023-12-26T21:08+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/1a/1049630266_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_471732e33f6d53071f75a6a6a999a23f.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ашықәсҿыцазтәи акциа "Ашанаҵла" иалахәыз агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи" "Кьарази" зхылаԥшуа ахәыҷқәа аҳамҭақәа ранашьара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит акультура-усуратә платформа "Гәыма" аҟны ԥхынҷкәын 26 рзы.2022 шықәсазы раԥхьаӡа акәны афондқәа "Ашанеи" "Кьарази" акциа "Ашанаҵла" еицымҩаԥыргеит, усҟан 250-ҩык алахәылацәа ргәаҳәарақәа нагӡан.Сынтәа 450 салам шәҟәы иҩын, дара зегьы ргәазыҳәарақәа нагӡан. Зегь раасҭа иалкааз 20-ҩык ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа "Гәыма" имҩаԥысит.Дамеи Кәычбериеи, Баграт Ес-огли, Баграт Касланӡиеи Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа ахәмарга атангқәа риҭеит, ԥыҭрак анаҩс арҭ арԥарцәа алшара рымоуп атанк ахаҭа абара, аныҟәарақәа рзымҩаԥгахоит ахысырҭадәы аҟны."Кьараз" зхылаԥшуа Наала Кәакәасқьырԥҳа лысалам шәҟәы аҟны ианылҵеит аҳазалхыҩхарц шылҭаху, "азинеилагаҩцәа раанкыларазы. Ҳамҭасгьы даҳәеит ақьала, аҩны лхатәы аҳазалхырҭатә ҭыԥ лыргыларц. Лгәазыҳәара нанагӡеит Аҳәынҭқарратә аҳазылхратә маҵзура. Уи адагьы, Наала аусбарҭахь днаԥхьан илдырбеит аус шыруа, ҳамҭасгьы ахылԥа лырҭеит.15 шықәса зхыҵуа Асҭан Зыхәба амузыкатә дырраҭарақәа дрызҿлымҳауп, ашәаҳәарагь бзиа ибоит. Ҳамҭасгьы даҳәеит амикрофон, иара игәазыҳәара нанагӡеит амобилтә еимадара "А-Мобаил". Иара убасгьы Асҭан ашәа ициҳәеит бзиа иибо ашәаҳәаҩ Автандил Канџьариа.Ҳаԥхьаҟатәи аспортсменцәа ҳамҭада иаанымхеит. Арам, Артиом, Даниил Ашықәсҿыцазтәи аҳамҭан ирҭахын ироурц аспорттә маҭәарқәа. Дара рзын уи анашана нарыгӡеит Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа аиҳабы Шабаҭ Логәуеи, абоксиор Харитон Агрбеи, ашьапылампыласҩы Заур Ҭарбеи."Ҳхәыҷқәа - ҳаԥхьаҟатәи аԥеиԥш, дара насыԥ рымазарц, ргәазыҳәарақәа харҵарцаз, рхықәкы анагӡараз, ҳара ииашан инаҳагӡо ҳусқәа рыҟны ҳҿырԥшыгазароуп", - ҳәа иҳәеит Агрба.Асҭамыр, Даниель, Мураҭ, Алан ирҭахын Ауаҩы Абызкаҭаҳа иабадырырц. Жәаҳәарада урҭ ргәаҳәарагь нагӡан. "Гәыма" ахыб аҟынтәи аспаидермен длыбааны аҳамҭақәа ранаишьеит.Еиуеиԥшым аусбарҭақәеи амеценатцәеи рҟынтәи ахәыҷқәа ирыҭан аҳамҭақәа, ахәмаргақәа, ахаақәа уҳәа. "Аԥсныеихамҩа" анапхгара еиҿыркааит ашықәсҿыцазтәи адәыӷба "Гәыма" аанҿасырҭа аҟынӡа ааира. Аныҳәатә хәылԥазы хыркәшан афеиерверкқәа рыла.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/1a/1049630266_177:0:1137:720_1920x0_80_0_0_581eb5d2c1a26025e4ca0ca15f4d5f80.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, ауаажәларра
ажәабжьқәа, аԥсны, ауаажәларра
Агәаҳәарақәа нагӡахоит: "Ашанеи" "Кьарази" акциа "Ашанаҵла" еихыршьаалеит
20:20 26.12.2023 (ирҿыцуп: 21:08 26.12.2023) Ашықәсҿыцазтәи акциа "Ашанаҵла" еиҿкаан агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи", "Кьарази", акультура-усуратә платформа "Гәымеи" ЕАР ахәыҷтәы фонд Аҟәатәи аофис ацхыраарала.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ашықәсҿыцазтәи акциа "Ашанаҵла" иалахәыз агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи" "Кьарази" зхылаԥшуа ахәыҷқәа аҳамҭақәа ранашьара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит акультура-усуратә платформа "Гәыма" аҟны ԥхынҷкәын 26 рзы.
2022 шықәсазы раԥхьаӡа акәны афондқәа "Ашанеи" "Кьарази" акциа "Ашанаҵла" еицымҩаԥыргеит, усҟан 250-ҩык алахәылацәа ргәаҳәарақәа нагӡан.
Сынтәа 450 салам шәҟәы иҩын, дара зегьы ргәазыҳәарақәа нагӡан. Зегь раасҭа иалкааз 20-ҩык ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа "Гәыма" имҩаԥысит.
"Ҳхәыҷқәа рысалам шәҟәқәа рыҟны ианырҵоит ргәаҵаҿ иҭаҵәаху, уи аӡәы даԥхьан игәазыҳәара наигӡарц зҭаху дшыҟоу анеилыркаауа, ҩнуҵҟалатәи мчык роуеит", - ҳәа азгәалҭеит "Кьараз анапхгаҩы Камма Гоԥиаԥҳа.
Дамеи Кәычбериеи, Баграт Ес-огли, Баграт Касланӡиеи Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа ахәмарга атангқәа риҭеит, ԥыҭрак анаҩс арҭ арԥарцәа алшара рымоуп атанк ахаҭа абара, аныҟәарақәа рзымҩаԥгахоит ахысырҭадәы аҟны.
"Кьараз" зхылаԥшуа Наала Кәакәасқьырԥҳа лысалам шәҟәы аҟны ианылҵеит аҳазалхыҩхарц шылҭаху, "азинеилагаҩцәа раанкыларазы. Ҳамҭасгьы даҳәеит ақьала, аҩны лхатәы аҳазалхырҭатә ҭыԥ лыргыларц. Лгәазыҳәара нанагӡеит Аҳәынҭқарратә аҳазылхратә маҵзура. Уи адагьы, Наала аусбарҭахь днаԥхьан илдырбеит аус шыруа, ҳамҭасгьы ахылԥа лырҭеит.
15 шықәса зхыҵуа Асҭан Зыхәба амузыкатә дырраҭарақәа дрызҿлымҳауп, ашәаҳәарагь бзиа ибоит. Ҳамҭасгьы даҳәеит амикрофон, иара игәазыҳәара нанагӡеит амобилтә еимадара "А-Мобаил". Иара убасгьы Асҭан ашәа ициҳәеит бзиа иибо ашәаҳәаҩ Автандил Канџьариа.
Ҳаԥхьаҟатәи аспортсменцәа ҳамҭада иаанымхеит. Арам, Артиом, Даниил Ашықәсҿыцазтәи аҳамҭан ирҭахын ироурц аспорттә маҭәарқәа. Дара рзын уи анашана нарыгӡеит Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа аиҳабы Шабаҭ Логәуеи, абоксиор Харитон Агрбеи, ашьапылампыласҩы Заур Ҭарбеи.
"Ҳхәыҷқәа - ҳаԥхьаҟатәи аԥеиԥш, дара насыԥ рымазарц, ргәазыҳәарақәа харҵарцаз, рхықәкы анагӡараз, ҳара ииашан инаҳагӡо ҳусқәа рыҟны ҳҿырԥшыгазароуп", - ҳәа иҳәеит Агрба.
Асҭамыр, Даниель, Мураҭ, Алан ирҭахын Ауаҩы Абызкаҭаҳа иабадырырц. Жәаҳәарада урҭ ргәаҳәарагь нагӡан. "Гәыма" ахыб аҟынтәи аспаидермен длыбааны аҳамҭақәа ранаишьеит.
Еиуеиԥшым аусбарҭақәеи амеценатцәеи рҟынтәи ахәыҷқәа ирыҭан аҳамҭақәа, ахәмаргақәа, ахаақәа уҳәа. "Аԥсныеихамҩа" анапхгара еиҿыркааит ашықәсҿыцазтәи адәыӷба "Гәыма" аанҿасырҭа аҟынӡа ааира. Аныҳәатә хәылԥазы хыркәшан афеиерверкқәа рыла.