Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа сахьаҭыхҩцәа афонд "Ашана" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рзы аукцион мҩаԥыргеит

© Foto / Andrian ValeanuКисти
Кисти - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2023
Анапаҵаҩра
Зынӡа иқәыргылан 15 лот, реиҳарак рҭиит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсуа сахьаҭыхҩцәеи аскульпторцәеи афонд "Ашана" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рзы аукцион мҩаԥыргеит, уи иабзоураны 199 700 мааҭ еидкылан. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ауснагӡатә аиҿкааҩ, асахьаҭыхҩы Екатерина Зарникова.
"Афонд "Ашанеи" ҳареи хәышықәса аус еицаауеит. Астудиа “Promo art” аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аҟазаратә-классқәеи, акциақәеи мҩаԥаагоит. Ари аус снапы злалакыз ала, исыӡбеит асахьаҭыхҩцәа алархәны ауснагӡатә еиҿыскаарц", - лҳәеит Зарникова.
Аукцион аҟны ицәырган Руслан Амҷба, Екатерина Зарникова, Игорь Панченко, Аԥшьа Ҳагба, Архип Лабахәуа русумҭақәа.
Зынӡа иқәыргылан 15 лот, реиҳарак рҭиит. Аукцион иабзоураны 199 700 мааҭ агәыҳалалратә фонд "Ашана" иахыԥхьаӡалан.
Ажәабжьқәа зегьы
0