Сынтәа зиубилеи азгәаҳҭо аԥсуа литература абду ҳәа ззырҳәо Дырмит Гәлиа иԥсҭазаара алитература арҿиара мацара иазкымызт. Гәлиа ҳанилацәажәо, маҷк аганахь инхазшәа иҟоуп уи амилаҭтә театр арҿиара иахҭниҵаз аԥсҭазаара. Абарҭ азҵаарақәа рыҭҵааразы слыдҵаалеит, атеатрҭҵааҩ, Д. Гәлиа иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Қәарсаиаԥҳа.
Аԥсуа театр ахацыркҩы
Аԥсуа театр анаҳҳәо, зегь раԥхьаӡа ҳхаҿы иааиуа Дырмит Гәлиа зиакәузеи? Иара иоума уи ауасхыр азышьҭазҵаз ҳәа азҵаара шьҭаҳхит сзацәажәози сареи. Светлана Қәарсаиаԥҳа лажәа абас далагеит:
"Дырмит Гәлиа анаҳҳәо, аԥсуаа ҳхаҿы имааиуа акгьы ыҟаӡам. Избан акәзар, аҵарадырра, ашкол, анбан, агазеҭ, ажурналистика, раԥхьаӡатәи ашәҟәы, алфавит, атеатр иара иоуп изыдҳәалоу. Иарбан ганзаалакгьы, ҳдоуҳатә ԥсҭазаара ҳаназхәыцуа иара ҳхаҿы дааиуеит - уи ҳәарада феноменуп. Гәлиа ацәашьы кны аԥхьа игылаз ауаҩы диеиԥшуп.
Уажәшьҭа 9 шықәса ҵуеит Гәлиа имузеи напхгара асҭоижьҭеи, аха уаанӡагьы сизҿлымҳамзи. Сара амузеи аҿы аусура салагаанӡа издыруаз џьысшьон ирҿиара, ихаҭара. Аха, убри ахәышҭаараҿы саннеи, еилсыргеит ишысзымдыруаз. Ҳара ашкол ҳанҭаз Гәлиа алитература ашьаҭаркҩы, аԥсуа литература абду ҳәа ҳрааӡеит. Усҟан ицәырҵхьан еихышәшәа ицоз, афилософиагьы зҵаз Баграт Шьынқәба ипоезиа еиԥш иҟаз абзиаӡақәа. Убри аҟынтә, иара классикҵас, раԥхьа аҩра иалагаз аӡә иакәны ҳизхәыцуан. Уажәы Гәлиа ирҿиара, иԥсҭазаара, игәҭахәыцра, иара ихатә дунеи, иархивқәа, ишәҟәқәа, идокументқәа уанрыланахалалакгьы, уазхәыцуеит абри ауаҩ абри аҟара злаилшаз.
Еснагь схы иҭагьежьуа зҵаароуп – ҳашԥаҟалоз, ҳабаҟалоз, ҳзакәхоз иара дыҟамызҭгьы? Ҳзеиԥшрахоз ҳара Гәлиа иаб Урыс ԥшьышықәса зхыҵуаз ихәыҷы диманы Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа дыхнымҳәызҭгьы? Ари даара изҵаара дууп. Ҳара ҳаклассикцәа зегь еидкыланы урыхәаԥшуазар, зегь реиҳа иҭҵаау Гәлиа иоуп, избан акәзар уи изкны ашәҟәқәа, астатиақәа, аҭҵаарадырратә усумҭақәа рацәаны иҟоуп. Аха зегь дара роуп ас еиԥш зымҽхак ҭбаау ауаҩы иҿы есымша иҿыцу ак уԥшаауеит.
Амузеи аҿы аусура саналага инаркны, сара занааҭла стеатрҭҵааҩыми, зегь раԥхьаӡа зинтерес сымаз атеатри Гәлиеи реизыҟазаашьа акәын. Сара иџьасшьо, абри Дырмит Гәлиа иҟаиҵаз анырҳәо, аԥсуа театр аҿы илшарақәа ртәы бжьарыжьуашәа збоит. Аха инақәырӷәӷәаны иаҳҳәар ҳалшоит аԥсуа профессионалтә театр ауасхыр азышьҭазҵаз иара иоуп ҳәа. Гәлиа 1918 шықәсазы ихациркыз, нас 1921 шықәсазы изциҵаз – еиҭаҵуа аԥсуа театр ыҟамызҭгьы, иахьа иҳамоу атеатр аразҟы шыҟалашаз сеидроу. Иҟалашан уи, аха ианба, насгьы хырхарҭас иаиушазгьы аҳәара уадаҩуп. Убри аҟынтә, сықәгыларақәа, ма сҩыратә усумҭақәа рҿы – Дырмит Гәлиа аԥсуа театр ахацыркҩы ҳәа изысҳәоит".
Еиҭаҵуаз атеатри асеминаристцәеи
Аԥсуа театр ашьақәгылара аӡбахә анырҳәо, еиҳарак иззааҭгыло 1921 шықәсоуп. Аха, атеатрҭҵааҩ лгәаанагарала, уи анцәырҵыз усҟан акәӡам. 1918 шықәсазы амилаҭтә театр ахы цәырнагахьан уҳәар ауеит, аҭоурых унагәылаԥшыр. Уи шьақәдырӷәӷәоит усҟантәи аамҭазы Аҟәа асеминариаҿы аҵара зҵоз Мушьни Аҳашба игәалашәарақәа, иара убас Гьаргь Ӡиӡариа, Шьалуа Инал-иԥа русумҭақәа. Қәарсаиаԥҳа иҳадылгалоит абас еиԥш иҟоу алкаақәа:
"Аҟәа арҵаҩратә семинариаҿы Гәлиа аус аниуаз аҵара зҵоз аԥсуаа рхәыҷқәа Ӡаӡ Дарсалиа, Мушьни Аҳашба, Антон Шьакаиа уҳәа, акультура аҿиара аус зыхәҭа алазгалаз уаауп. Раԥхьаӡатәи еиҭаҵуа аԥсуа театр шыҟалаз ҳаналацәажәо, иҳәатәуп абас еиԥш иҟоу аиаша – дыҟан Антон Мысҭафа-иԥа Шьакаиа ҳәа асеминарист. Абри аҷкәын ԥсабарала аҟазара илан. Иара иеиԥш атеатр еилаҳауаз ааҩык раҟара рырҵаҩы Дырмит Гәлиа акружок еиҿаҳкаап ҳәа идыргалеит. Гәлиа уи аидеиахь ицәыригеит, ирҭбааит, убас ала амҩа иқәлеит уи атеатр.
Зегь раԥхьаӡа игылаз зҵааран - аԥсышәала апиеса ақәыргылара. Усҟантәи аамҭазы Аҟәа 1905-тәи ареволиуциа ашьҭахь Петербурги Москвеи зыҟазаара уиаҟара иманшәаламыз арҿиаратә ус знапы алакыз Виктор Стражев иҩызцәа ауаа бзиақәа рымч ала аурыс театр аус ауан. Аха, иҟамыз аԥсуа театр акәын. Гәлиа ихықәкы хада аԥсуаа аҵарадыррахь рнагара акәымзи, уи азы зегь реиҳа аимадаразы иманшәалаз атеатр акәын, убри ала аҵарахьы ихьаурԥшыр ауан ауаа. Гәлиа иԥсҭазаара хықәкыс иамаз – ижәлар аҵаралашарахь рнагара акәын. Убри ала реиқәырхара дашьҭан – рбызшәеи рмилаҭтә культуреи аныҟоу иԥсӡом ҳәа иԥхьаӡон. Ҳара иахьа иаҳхашҭыз иара идыруан азоуп иҟаиҵаз зегь изырҟаҵоз.
Абри атеатр аус аныҟәгаразы Гәлиа, хыхь зыӡбахә сымаз Шьакаиа хаҭыԥуаҩс дигеит. Аӡӷабцәа усҟан уи агәыԥ иалаӡамызт, рҭаацәа инарышьҭӡомызт. Атеатр умазарц азыҳәан, адраматургиа аҭахыми? Усҟан С. Ҷанба "Амҳаџьырқәа" ҭыҵхьан, аха Гәлиа идыруан дара рхаԥшьгаратә гәыԥ ас еиԥш идууз адрама ақәыргылара шрылымшоз. Убри аҟынтә, иара аԥсшәахь еиҭеигеит аводевильқәа ҩбаҟа – В.Баланчиваӡе "Мышмыжда", Д. Аҵҟәырели "Ҩыџьа амлашьцәа". Урҭ ықәзыргылоз Антон Шьакаиа иакәын. Уи агәыԥ иалаз асеминарист Мушьни Аҳашба "Ааԥынра мшқәа" ҳәа игәалашәарақәа зну ашәҟәаҿы иҩуеит: "Ареволиуциа ҟалаанӡа рнапы здыркыз еиҭаҵуа атеатр, нас ареволиуциа ашьҭахь иацырҵеит. 1918 шықәса инаркны иаздырхиеит ҩ-водевильк. Раԥхьа ицеит Кәыдрытәи ауиезд ахь – Кәтол, Тамшь, Аӡҩыбжьа, Ԥақәашь уҳәа ақыҭақәа рыбжеиҳарак ирылсит. Нас, ахԥатәи аводевильгьы ықәдыргылеит, ашьҭахь идәықәлеит Бзыԥтәи ауиезд аганахь. Аацы инаркны ақыҭақәа ирылсит. Уардынла иныҟәон дара, атранспорт абаҟаз. Аинтерес зҵоу убри ауп – аҷқәынцәа ракәын атеатр иалаз, аводевильқәа рҿы аӡӷабцәа ррольқәа Арсени Аҳашбеи Меқьҭи Амҷбеи ракәын ихәмаруаз. Аҳашба игәалаиршәоит афакт – аӡӷабцәа рроль ахәмарра иақәшаҳаҭхаз аҷкәынцәа анеиааишьа дзырҵоз Шьакаиа иакәын ҳәа. Ргәылацәа аҳәса ирымырхуан аԥҳәыс маҭәа. Раԥхьа инҭаҳа-ааҭаҳауа иныҟәон асценаҿы, аха Шьакаиа убас иазыҟаиҵеит, рныҟәашәагьы заманаха иҟалеит", – иҳәоит М. Аҳашба. Аԥхынтәи аԥсшьара мшқәа рзы акәын атеатр анныҟәоз. Ус ишнеиуаз ареволиуциа ҟалеит".
Ареволиуциа ашьҭахь…
Аԥсны асовет мчы анышьақәгыла, амчратә структурақәа рҿы Аревком ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс иҟаз Нестор Лакоба ихаҭа арҿиара ус дшазҟазамызгьы, аԥсуа культура акыр азҿлымҳара аиҭон. Нестор Лакоба иааџьоушьаратәы аԥсуа культура акыр иазыҳаҵҳаҵоз уаҩын. Уи ибзоурала дырҩегьых аԥсуа театр азҵаара шьҭыхын. Атеатрҭҵааҩ лажәақәа рыла:
"Асовет мчы анышьақәгыла ҩымз ааҵаанӡа – Нестор Дырмит Гәлиа диԥхьан, Наркомпрос ҳәа изышьҭаз аҿы аусура идигалоит. Аԥсышәала ицәажәоз аԥсуа театр ыҟамкәа ԥсыхәа амаӡамызт азын атеатр ҳҭахуп, унапы алоукыроуп ҳәа идигалеит. Уа аус зуаз еиҳарак аурысқәан, аха аԥсуа культура аизырҳара иашьҭаз уаан. Гәлиа ари иара дызҿыз акәын, уи рдыруан дара, уи ауп изиԥхьаз. Гәлиа ахәыцра далагеит ақыҭақәа рыла ҳалагароуп ҳәа. Апиесақәа ыҟам, актиорцәа ыҟам – атеатр ҟаҵатәын. Антон Шьакаиа дназлаз иҵаҩцәа ицирхыраарц иӡбеит дырҩегьых. Шьакаиа илшаз даара ирацәоуп уи аус аҿы. Ажәакала, иаалаган уаанӡа иҟаз асеминаристцәеи еиҵбацәази надгаланы аусура иалагеит. Аха, аӡӷабцәагьы рҭахын ари аус анагӡараҿы. Ареволиуциа ҟалеит, аха ажәлар ҳаҭыр ақәырҵон Аԥсны. Ачбак дыҟан, аԥҳа диман, убра аҵара дҭан. Гәлиа уи лаб иҿы дцаны диацәажәеит, ажәа ииҭеит дшылхылаԥшуа азы. Валиа Ачԥҳа даналала, нас еиҳа имариахеит, ашьҭахь Вера Аланиа далалеит уи атруппа".
Еиҭаҵуа аԥсуа театр усҟантәи аамҭазы аҳәынҭқарратә статус арҭеит. Уи ҷыдала дахылаԥшуан Главполитпросвет аҟны аҟазара знапы ианыз Дырмит Захаров. Мушьни Аҳашба игәалашәарақәа ишҳаҵарҳәо ала, атруппа еиҿкааны, Аԥсны ақыҭақәа ирылсырц хықәкыс ишьҭыхын.
"Ажәакала, амҩақьыра, ауалафахәы, апаиок, Аҟәа ақалақь аҟны абри аус ҳҽазыҟаҳҵауанаҵы, атәарҭа-агыларҭа иарбанзаалак ак шәыгҳархом ҳәа сарҳәеит", - иҳәоит Аҳашба, усҟан аиҳабыра рҿы инеиз Шьакаиа иажәақәа игәаларшәо.
Еиҭаҵуаз аԥсуа театр акультура аларҵәара анаҩсан, иацын даҽа маӡақәакгьы. Светлана Қәарсаиаԥҳа ҳаицәажәараҿы урҭ дырзааҭгылоит:
"Аводевиль ахәмарра иалагаанӡа Гәлиа дцәырҵны иааиртуан, нас ианыхәмарлакгьы, ажәлар рахь деиҭацәырҵны далацәажәон Аԥсны аҭагылазаашьа, Лакоба дызҿыз инаркны арккара аус мҩаԥигон. Анхаҩцәеи Аԥсны аиҳабыреи реимадара аус даҿын атеатр ахархәарала. Уи иқәгылара аспектакль иддырбоз аасҭа еиҳагьы хшыҩзышьҭра арҭон иӡырыҩуаз анхаҩцәа. Дырмит Гәлиа даауеит уаха, ҳаизыӡырҩуеит ҳәа ажәлар еизон атеатр аннеиуаз. Убри аҟара ихыԥша ӷәӷәан иара. Доуҳатә лидерын аиашазы. Дырмит иҳәеит анырҳәалакгьы ауаа агәра ргон. Идыру фактуп – ауаа проблемак анроуаз, ӷьычрак, ма уаҩшьрак, аимак –аиҿак аныҟаз Дырмит днарыԥхьон аус алацәажәаразы. Еиҭаҵуаз аԥсуа драматә театр аофициалтә статус аман. Қыҭак ыҟаӡам абри атеатр ахьымнеиз. Ишнеишнеиуаз, рҟазара аҳәаақәа ҭбаахо ианалага – нас Аҟәа иқәгыло иалагеит. Иаҳҳәар ауеит, Гәлиа иеиҿикааз еиҭаҵуаз атеатр – аԥсуа профессионалтә театр ҵаргәас иаиуит ҳәа. 1925 шықәсазы Ҷанба ипиеса "Амҳаџьыр" ықәдыргылеит, убас ала амҩа иқәлеит аԥсуа профессионалтә театртә ҟазара".
Алашьцара аҟынтә, алашарахь…
Гәлиеи аԥсуа театри анаҳҳәо, ҳәарада иазгәаҭатәуп усҟантәи аамҭазы еиуеиԥшым аҭыԥқәа, еиҳаракгьы ашколқәа рҿы адраматә хаԥшьгаратә кружокқәа шыҟаз. Убарҭ рыцхыраарала аԥсуа доуҳатә культура ашьақәгылара иалагеит уҳәар ауеит. 1918 шықәсазы Платон Шьаҟрыл Очамчыра иаартны иман атеатртә гәыԥ. Иара иҩит, иагьықәиргылеит раԥхьатәи актқәа хԥа змаз "Алашьцара аҟынтә, алашарахь" захьӡыз – ашьоура аҭахым ҳәа асоциалтә хырхарҭа змаз апиеса. Қәарсаиаԥҳа иазгәалҭоит ари аус аҿы Гәлиа ихала дшыҟамыз:
"Очамчыра Шьаҟрыл ипиеса анықәдыргала ақыҭақәа рҟынтәи аҽқәа ирықәтәаны ауаа неиуан. Апремиера адырҩаҽны даҽа зныкгьы аспектакль ддырбон. Апиесаҿы шәақьла ауаҩы даҽаӡәы диеихсуазшәа сценак ыҟан. Уа ихәмаруаз Карал-оглы зыжәлаз дыршьраны иҟан асиужет ала, ашәақь апатронаҵәҟьа ҭарҵомызт, аха адырҩауха ианыхәмаруаз ихысыз актиор ишәақь ахыҵәҟьа ҭҟьан Карал-оглы дишьит. Ирҳәоит арҭ актиорцәа рыжәлантәиқәа аиӷара рыбжьан азы, убри рхы иархәаны ашәақь апатронаҵәҟьа ҭарҵеит ҳәа. Нас, иадыркит уи аспектакль. Алықьса Арәын иҳадигало аверсиаҿы ақырҭуа меншьшевикцәа апровакациа ҟарҵеит аҳәоит аԥсуаа атеатр рымамзарц азыҳәан - аха ишьақәзырӷәӷәо ыҟам. Амала, иаҵхаз аҷкәын издыруамызт ашәақь ахыҵәҟьа шҭаз рҳәоит".
Атеатр аԥарда
Атеатр иаҭахын аԥарда. Ареволиуциа ашьҭахь аофициалтә статус зауз атеатр еибыҭазар акәын асцена зда ихәарҭамыз амыругақәа рыла. Уи азы, хыхь ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, аҳәынҭқарра аԥара азоунажьит. Светлана Қәарсаиаԥҳа ари атема дазааҭгыло иаҳлырдыруеит абас еиԥш иҟоу афактқәа:
"Атеатр емблемас иамоу аҽацә – ахақәиҭра уцәыӡыр аасҭа уҭахар еиӷьуп ҳәа ҵакыс измаз Гәлиа иажәеинраала "Аҽацә" аҟынтә ауп иахьынтәааз. Аемблема асахьа ҭызхыз Гьаргь Гәлиа иоуп. Дхәыҷын, асахьаҭыхра бзиа ибон. Аԥарда зӡахыз Гәлиа иԥшәмаԥҳәыс Елена Андреи-иԥҳа лоуп. Амузеи аҿы иҟоу адокументқәа рыла, аҩны ирымаз ашьаршьафқәа еидҵаны илӡахит ҳәа ануп - аԥарда ҳамаӡам, ԥардада атеатар ҟалома ҳәа Дырмит ианиҳәа. Аха, Мушьни Аҳашба ишиҳәо ала, Главпросвет аҿы аба злаархәоз рырҭеит, нас Елена илӡахит. Сара уи агәра згоит, избанзар Мушьни уи далахәын, дахаануп. Аха, изӡахыҵәҟьаз лара лоуп. Арҵаҩратә семинариаҿы акәын абри зегь ахьыҟарҵоз. Нас 1925 шықәсазы иахьатәи ахыбрахь ииасит".
Адрама "Анаурқәа"
Дырмит Гәлиа атеатр дашьаҭыркҩуп ҳҳәозаргьы, апиесақәа еиҭеигон акәымзар, атеатр зда ихәарҭам адраматургиа ажанр акыр ихьшәаны дазааит. Уи ипиеса заҵәы "Анаурқәа" иҩит 1946 шықәсазы, усҟан Гәлиа ихыҵуан 72 шықәса. Апиеса асценатә лахьынҵа ҳазааҭгылозар, акырынтә иқәдыргылахьеит, иахьагьы аԥсуа театрқәа иаҳдырбоит.
Избан ашәҟәыҩҩы апсихологиатә драма дзазааиз иқәрахь даннеи? Абри азҵаара аҭак абас еиԥш иҟалҵоит Светлана Қәарсаиаԥҳа:
"Анаурқәа" рыҩра, сгәаанагарала, игәазырԥхаз, иара бзиа иибоз адраматургцәа-ашәҟәыҩҩцәа Антон Чехови Максим Горьки роуп. Ауаҩы ипсихологиа хшыҩзышьҭра аиҭон Гәлиа. Адунеи зегь еилабгазшәа иҟалеит ареволиуциа ашьҭахь. Абас ианыҟало зегь реиҳа ауаҩы ипсихологиа аҽанаԥсахуа аамҭоуп, аҭаацәа рыҩнуҵҟа иҟалар алшоит еиуеиԥшым ахынҭаҩынҭарақәа ҳәа дхәыцуан иара. Гьаргь Гәлиа ишеиҭеиҳәо ала, иаб апиеса ҩны даналга, иара дизаԥхьеит, иеилиркааит. Аԥсны акультура иахылаԥшуаз иакәын Гьаргь усҟан. Исгәаԥхеит иҳәеит. Уара иугәаԥхеит, аха атеатраа иргәамԥхар ауеит иҳәазаап Дырмит. Атеатр аҿы еиҳа бзиа ирбо илахҿыху, акәашареи ашәаҳәареи зцу аҩымҭақәа роуп иҳәазаап. Ари раԥхьатәи психологиатә драмами, иара даара иҭахын аԥсҭазаара аиурц. Ауаҩы иҩнуҵҟа иӷроу аартны иазхәыцырц иҭахын. Ианаԥхьоз, атруппа зегь тәан.
Иаԥхьеит. Зегь еиқәышьшьы итәан иҳәеит. Ишыргәамԥхаз ибеит Дырмит. Иқәҳаргылоит ҳәа иарҳәеит. Азиз Агрба иқәиргылеит, аха уи ақәыргыламҭазы аинформациа ыҟаӡам, рацәак инымхеит, уамак иманшәаламхазар ҟалап. Дара актиорцәа рхаҭа уамак ирзеилымкаазар ҟалап. Усҟан ареволиуциа ацәа ахаҵаны иҟауҵар акәын. Гәлиа ифырхаҵа Дауҭ амчи агәазыҳәареи змоу уаҩын. Иҭахуп аиҭакрақәа, аха илшом. Аб Гәыдым иакәзар, зегь анеилаҳауагьы, идгьыл дахьынҳалоит, имоу импыҵымӡаарц азын. Адгьыли иҭаацәеи изеиқәырхар, зегь еиқәирхоит ҳәа иԥхьаӡоит. Нас, Нелли Ешба иқәлыргылеит "Анаурқәа", уи акыраамҭа арепертуар иалан. Аҵакы иалҭаз еиҳа иӷәӷәан. Ақәҿиарагьы аман. "Анаурқәа" иоригиналтәу аԥсуа драма ҳәа азаҳҳәар ауеит".
P.S.: Атеатрҭҵааҩ, Д. Гәлиа иҩны-амузеи адиректори сареи ҳаицәажәара аныхҳаркәшоз, илҳәеит Гәлиа иахьа дыҟазар игәы иамыхәашақәа шибарыз атәы:
"Гәлиа иахьа дыҟазҭгьы, зегь реиҳа игәы инархьрын аԥсуа бызшәа ҳшазыҟоу ибар. Иара еилкаауан ацивилизациа ааигәахацыԥхьаӡа ҳбызшәа ахьысҳара шазыԥшыз. Ҳмаҷра ибон. Дзыцәшәоз рацәан. Иахьа ҳара иҳамоуп аԥсуа школқәа, ажурналқәа, атеатрқәа, ателехәаԥшра, аха ухы иузанамыжьуа аҭагылазаашьаҿы ҳнеит. Аԥсуа бызшәала аус зуа, иззанааҭу зегьы Гәлиа иихәыцуаз жәа-процентк ҳхәыцуазҭгьы, абри аҩыза ҳахьӡомызт. Ҳхала, ҳнапала, ҳхы иагырханы иҟаҳҵаз маҷуп. Иаҳиааиуаз амчқәа рацәахеит. Сара хаҭала хықәкыс исымоу – атеатри акультуреи ирызкны иҟасҵо зегьы аԥсышәала иҟасҵарц сҭахуп. Абри мышкы-зны аӡәы ихәоит ҳәа сгәы иаанагоит…"