Корсаиаԥҳа: ҳцәажәозар, ҳзырцәажәо Дырмит Гәлиа иоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСветлана Корсаиа
Светлана Корсаиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭаҵаҩ, аԥсуа "Анбан" аиқәыршәаҩ, раԥҳьатәи аетнограф, раԥхьатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны" аредақтор, раԥхьатәи атеатртә труппа аиҿкааҩ Дырмит Гәлиа имш иира азгәарҭоит иахьа, жәабран 21 аҽны.

АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik. Аԥсуа милаҭҭә культуреи, алитературеи, аҭоурыхи, аҟазара ахкқәеи ртәы ҳҳәозар, зегьы рхыҵхырҭаҿы дгылан Дырмит Гәлиа. Хцәажәозар, ҳзырцәажәо Дырмит Гәлиа иоуп, абри атәы лҳәеит Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа.

Возложение цветов к памятнику Дмитрия Гулия - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа литература ауасхыр азышьҭаҵаҩ Дырмит Гәлиа имшира азгәарҭеит

"Дырмит Гәлиа ихьӡ анаҳҳәо, зегь раԥхьаӡа иаҳҳәоит раԥхьаӡатәи ҳәа, ииашаҵәҟьаны аԥсуа милаҭ азы илиршаз рацәаӡоуп. Дырмит Гәлиа иеиԥшу маҷуп, иҟаиҵаз даара ирацәоуп, аԥсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭаҵаҩ, аԥсуа “Анбан“ аиқәыршәаҩ, рапҳьатәи аетнограф, раԥхьатәи аԥсуа газеҭ “Аԥсны“ аредақтор, раԥхьатәи атеатртә труппа аиҿкааҩ Дырмит Гәлиа даниз амш аԥсуа жәлар ҳзыҳәан ныҳәа мшуп", —  лҳәеит Корсаиаԥҳа.

Алитературатә музеи аиҳабы лажәақәа рыла, аҩны-музеи аиқәырхара аҭахуп. Аиҭашьақәырылара хымԥадатәины иҟоуп, ҳәа азылԥхьаӡоит лара.

"Аҩны Дырмит Гәлиа 1913 шықәсазы инапала иргылаз ҩнуп, иара аиҭарҿыцра аҭахны иҟоуп. Амузеи аусзуҩцәа ишахәҭоу еиԥш аӡынра аус рызуӡом, ахьҭа ҩноуп. Ҳақәгәыӷуеит 150 шықәса ихыҵра аназгәаҳҭо ирҿыцу, еиҭашьақәыргылоу амузеи аҟны иазгәаҳҭап ҳәа", — ацылҵеит уи.

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи афонд шәышықәсала еиқәыршәоу, еидкылоу акы акәны иҟоуп. 

"Амузеи аадыртит Дырмит Гәлиа шәы-шықәса анихыҵуаз, аҩны иара инапала иргылаз ауп. Афонд утәы уҳәозар, ицәгьаӡам. Дырмит Гәлиа ишәҟәқәа роума, инапылаҩырақәа роума, егьырҭ ашәҟәыҩҩцәа раԥҵамҭақәа роума, зегьы рыла афонд есышықәса еихаҳҳауеит. Афонд аҟны аус зуа аԥышәа ду змоу усзуҩцәоуп. Уи аиҳабы Маиа Кәыҵниаԥҳа акырӡа деиҷаҳауеит аекспонатқәа", — ҳәа азгәалҭеит лара.

Дырмит Гәлиа иааԥсара пату ҳзақәзарц азы иҟаҵатәугьы макьаназ ирацәоуп, ҳәа ацылҵеит Светлана Корсаиаԥҳа.

Дырмит Есыф-иԥа Гәлиа диит 1874 шықәсазы, жәабран 21 аҽны Уарча ақыҭан, аԥсуа ҭаацәараҿы. Ихәыҷратә шықәсқәа раахыс ауадаҩрақәа рацәаны ишихигазгьы, иара есымша дашьҭан аԥсуа жәлар аҵара рҵарц азы алшара рыҭара. Дырмит Гәлиа иаԥҵамҭақәа аԥсуа литератураҿы, иааизакны ҳкультураҿ иааннакыло аҭыԥ даара акраҵанакуеит. Ԥсра зқәым аҩымҭақәа иреиоуп ановелла "Атәым жәҩан аҵаҟа", ароман "Камаҷыҷ".

Ажәабжьқәа зегьы
0