Аԥсны

Аԥсны алашара арцәара аамҭеихша ҿыц алагалоуп хәажәкыра 25 инаркны

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Афымцалашара арцәара аамҭеихша ҿыц алагалахоит хәажәкыра 26 инаркны ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Уахыки-ҽнаки ф-сааҭк лашарада иҟазаауеит.
Аҭагылазаашьа аҽаԥсахуеит Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы аҩаӡара еиҳахар.