Аԥсны

Ԥсоу аҳәааҿы амаининг азы аппаратқәа хәба рымхуп

Аԥсныҟа амаининг азы аппаратқәа раагаразы аҿазышәарақәа рацәахеит, убри инамаданы Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы амашьынақәа ргәаҭара аус дырӷәӷәеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik. Амаининг азы аппаратқәа хәба аазгоз ирымырхит аҳазалхратә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
Амодель Whatsminer M30S+ иаҵанакуа аппаратқәа ҵәахын автомашьына Toyota Mark X асалони аидараҭаҵарҭеи реиԥшьырҭаҿы.
Урҭ Аԥсныҟа раагара иҽазишәеит ареспублика атәылауаҩ А. Кәарҷиа, уаанӡагьы ари аус азы иара дааныркылахьан.
Амаининг азы аппаратқәа имырхит. Аус азы аматериалқәа нашьҭуп Аҳазалхратә еилакы аусҭҵааратә ҟәша ахь.