"Издревле сладостный союз,
Поэтов меж собой связует…"
А. С. Пушкин
Сара ф-класск рҿы стәан ажәеинраалақәа рыҩра саналагаз. Зегь раԥхьаӡа сҩымҭа хәыҷқәа зсырбаз Ҷлоутәи ашкол афизика амаҭәар арҵаҩы Гиви Спирдон-иԥа Адлеиба иоуп. Уи иара ихаҭагьы ажәеинраалақәа иҩуан, иман аиҭага ссирқәа, еиҳаракгьы Роберт Биорнс иҟынтәи. Гиви Спирдон-иԥа сажәеинраалақәа данрыԥхьа, иаразнак исеиҳәеит ашколаҿ ирымоу алитературатә кружок сҽаласырхәларц, уаҟа ажәеинраалақәа зҩуа шнеиуа, ишеилдырго, ирыгу- ирыбзоу шеибырҳәо, аӡәгьы дшыдмыргәаауа, критика хәыҷык ҟарҵаргьы, уи автор еиҳагьы ишихәо. Аиашаз, сара уи даара сеигәырӷьеит, избанзар, сажәеинраалақәа шьоукы ирбар сҭахын, акыр иаԥсоу иаԥсаму сарҳәар, нас иҟасҵоз здыруан. Гәаныла есымша исҳәон, акы иаԥсам ҳәа сарҳәар, урҭ зныз стетрад аанкылан ишԥызжәоз, иаԥсоуп рҳәар, схы иааҭашәацыԥхьаӡа сшыҩлоз.
Ажәакала, даара сшыԥхашьозгьы, снеит Ҷлоутәи ҳашкол алитературатә кружок ахь. Сырҵаҩы Гиви уаанӡа иреиҳәахьазаарын афбатәи акласс аҟынтәи аӡәы ажәеинраалақәа иҩуеит, дааиран дыҟоуп, раԥхьа иара иажәеинраалақәа ҳарзыӡҩрып, еилҳаргап, нас ажәа ԥхақәак наиаҳәан доуҳашьҭып ҳәа. Сара ашә сасны алитературатә класс санынҩнашыла, арҵаҩцәа, аиҳабыратә классқәа рҿы аҵара зҵоз аҵаҩцәа, имаҷҩымкәа еилатәан. Урҭ зегьы даара сшырцәыԥхашьазгьы, аԥсшәа расҳәеит, нас, иахьагьы ибзиан исгәалашәоит, алитературатә кружок аиҳабы Ҭали Џьапуаԥҳа ишсалҳәаз, итәоу зегьы сара ажәеинраалақәа шызҩуа шырдыруа, даара ишырҭаху сырзаԥхьарцгьы. Саргьы исҭахыз уи акәын, искыз атетрад зынӡагьы сахәамԥшӡакәа, салагеит сажәеинраалақәа ҿырҳәала рҳәара. Иџьаушьаша, дара аӡәгьы саанимкылаӡеит, хәба- фба жәеинраала срыԥхьеит инагӡаны. Иахьагьы ҿырҳәала исгәалашәоит уаҟа сзыԥхьаз ажәеинраалақәа зегьы, еиҳаракгьы абгахәыҷы иазку, уи уаҟа анапеинҟьара бзиақәа аиуит. Ажәеинраала анҵәамҭа абас иҟан:
Џьанаҭ мҩа ылухызар,
Еиҳа иеӷьуп угәахәзар,
Адәы иқәуп, иаанхаз, баба,
Уцәа ҭынчыз, Ҵыхәа Баба!..
Еиҳа иеӷьуп угәахәзар,
Адәы иқәуп, иаанхаз, баба,
Уцәа ҭынчыз, Ҵыхәа Баба!..
Нас, апоет Заур Кәарҷиа дҩагылан, уи усҟан ашклаҿ аурыс литература даҳзаԥхьон, иҳәеит даара ишигәаԥхаз ажәеинраалақәа, аҩра саҟәымҵырц, амала ирацәаны саԥхьаларц. Иахьагьы исхашҭӡом, акружок далатәан усҟан аиҳабыратә классқәа рҿы итәаз Беслан Быҭәба, (аамҭаказ Аԥсны Аԥыза-министрс иҟаз), сажәеинраалақәеи саԥхьашьеи даара исымаирҽхәеит. Ажәакала, сара афбатәи акласс нахыс, Ҷлоутәи абжьаратә школ аҿы ажәеинраалақәа зыҩуаз рхыԥхьаӡара аӡәы ҳәа снацлеит, узеигәырӷьашаз, урҭ усҟан даара ирацәаҩын. Абраҟа иазгәасҭар сҭахуп, нас аиҳабыратә классқәа рахь саниас, сара сырҿиаратә ԥсҭазаараҿы акырӡа ишсыхәаз, ҳашкол адиректор, ашкол ҳаҩналаанӡа адәахьы мчыбжьыкахь ҩынтә-хынтә имҩаԥигоз ашколхәыҷқәа инарҭбааз рацәажәарақәа рҿы, салкааны сыӡбахә ахьиҳәоз, сахьирыҽхәоз. Уи сара исызгәамҭаӡакәа амҵәыжәҩақәа снаҭон. Сара сырҿиаратә ԥсҭазаараҿы даараӡа акыр исыхәеит усҟан Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла еиҿнакаауаз Аԥснызегьтәи алитературатә семинарқәа. (Анцәа иҟынтә, урҭ иахьагьы даара қәҿиара бзиала еиҿнакаауеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла). Усҟан сара ажәабатәи аклассаҿ стәан, Очамчыра араион ашколқәа зегьы рҟынтәи Очамчыра Акультура ахан аҿы ҳаизыргеит иҩуаз аҿар. Уахь Аҟәантәи асеминар амҩаԥгараз инеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟынтәи ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәбеи акритик Рауф Ебжьноуи. Убраҟоуп ҳахьеибадырыз усҟан Кәтолнтәи инеиз, иахьа иеицырдыруа ҳпоетесса бзиа Гунда Сақаниаԥҳаи сареи.
Уи ҳсеминар аӡбахә бзиан иҳәоит ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба ашьҭахь сара Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет санҭала, ажурнал "Алашара" ианыз раԥхьатәи сажәабжь "Саб" иазкны ииҩыз иԥхаӡа иҟоу астатиаҿы. Астатиа иахьӡын "Амҩа уаннықәлауа", ианын агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь". Уи астатиа зныз агазеҭ анҭыҵ ашьҭахь, сара аинститут аҩнуҵҟа аԥсуа литература иазҿлымҳаз зегьы, астудентцәа инадыркны арҵаҩцәа рҟынӡа, даара пату сықәҵан исыхәаԥшуа иалагеит. Иазгәаҭатәуп, усҟан ажурналқәагьы агазеҭқәагьы ртиражқәа даара ишдууз, "Алашара" атираж 14 нызқь ианреиҳазгьы ыҟан, агазеҭ 30 нызқь. Избанзар, Џьума Аҳәба иеицырдыруаз шәҟәыҩҩын, насгьы, усҟан сара сыхьӡ зҳәоз шәҟәыкгьы ҭсмыжьӡацызт, ҩеижәиак шықәса ракәын исхыҵуаз, ас салкааны сҩымҭа ахәшьара ду ахьаиуз еицырдыруа апрозаик иҟынтәи зегьы азҿлымҳахеит.
Рацәак аамҵыцкәа иҭыҵит раԥхьаӡатәи сажәеинраалақәа еидызкылоз сышәҟәы "Урҭ аблақәа". Усҟан сара ҳинститут аҿы шықәсык ахьтә знык иҭыҵуаз алитературатә журнал "Арҩаш" редактор хадас саман, ҩ-номеркгьы ҭсыжьхьан. Аиашаз, ари ашәҟәгьы астудентцәа инадыркны, ҳпоетцәа, ҳашәҟәыҩҩцәа иарзнак еицгәарҭеит, иагыз рҳәеит иабзазгьы рҳәеит, сгәы шьҭызхшаз ажәақәа ирмеигӡеит. Уи абзарӡы азызҳәаз зегьы ртәы сҳәом, аӡәызаҵәык усҟан ажурнал "Алашараҿы" апоезиа аҟәша аиҳабыс иҟаз, даара злеишәагьы џьбараз, апоетцәа ражәеинраалақәа алыхәҭа гәӡа икылымхыкәа цәаҳәак ажурнал ианызымҵоз, апоет Мушьни Миқаиа агазеҭ "Аԥсны" аҿы икьыԥхьит сышәҟәы иазкыз "Уаҵәтәи амш азы" захьӡу инеиҵыхыз астатиа. Хыхь зыӡбахә сҳәаз Џьума Аҳәба истатиагьы, егьырҭ ашәҟәыҩҩцәа сара исзыркхьоу астатиақәагьы зегьы еидкыланы иануп, 2015 шықәсазы иҭыҵыз "Абаҩхатәра иаша ашьаҭа" захьӡу ашәҟәы. Урҭ астатиақәа сзызкхьоу хыԥхьаӡарала ирацәаҩуп, аха иалыскаауеит: Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба СССР Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алаларазы исыциҵаз арекомендациа инаркны, Алықьса Гогәуеи, Алықьса Џьонуеи, Владимир Аҵнариеи, Шоҭа Салаҟаиеи, Сергеи Зыхәбеи, Таиф Аџьбеи, Рауль Лашәриеи, Сарион Ҭаркьыли, Зураб Џьапуеи, Терент Ҷаниеи, Руслан Қапбеи, Даур Наҷҟьебиеи, Валентин Кәаӷәаниеи уҳәа убас егьырҭгьы.
Сара даара пату дуӡӡа сызрықәуп сырҿиараҿы исывагылаз, алитературатә ешьара сзызуз, ииашоу амҩа алхраҿы зыжәҩахыр сыдызҵаз, зырҿиаралагьы, зԥышәалагьы исывагылаз ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа. Сҭаацәаратә ԥсҭазаара ашьақәгылараҿы, 1989 шықәсазы ԥшь-ҿык змаз ауада соураҿы ацхыраара ӷәӷәаӡа сырҭеит - Баграт Шьынқәбеи, Алықьса Џьонуеи, Алықьса Гогәуеи. Иҟалап, урҭ ианаамҭаз исывамгылазҭгьы, иахьа исылшаз ахәыҷы сылымшазҭгьы, саԥхьа иаацәырҵыз ауадаҩрақәа сзырзымиааикәа, саахынҳәны, сызлыҵыз ақыҭахь сгьежьызҭгьы. Аха уи аҩыза сыдмырҟаҵеит ажәа аԥсы ахьҭоу здыруа, аԥсуаа ҳҭоурых ду ибзианы иагәылаԥшхьоу, изхьаау, дарбан аԥсуазаалакгьы ҳаҳҭнықалақьаҿ ишьапы ақәгылара шаҟа аанаго иазхәыцуаз ҳашәҟәыҩҩцәа.