Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лагәлаа "Анасыԥ амҵәыжәҩақәа" аҭыжьразы: ԥсҭазааратә ҳамҭаны сахәаԥшуеит

© SputnikАнатолий Лагулаа
Анатолий Лагулаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭ библиотекаҿы иӡыргахоит ашәҟәыҩҩы, ажурнал "Алашара" аредактор Анатоли Лагулаа ипрозатә рҿиамҭақәа реизга "Анасыԥ амҵәыжәҩақәа". Ашәҟәы ианылаз аҩымҭақәа ртәы автор арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Лагәлаа "Анасыԥ амҵәыжәҩақәа" аҭыжьразы: ԥсҭазааратә ҳамҭаны сахәаԥшуеит

"Иааизакны аизгаҿы иану зегьы прозатә ҩымҭақәоуп, иҟоуп ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа, аессеқәа, аиҭагақәа. 30 шықәса рыҩнуҵҟа исыҩуаз, иалкаау сыпрозатә ҩымҭақәоуп уҳәар улшоит. Ашәҟәы аҿыгҳара дууп, аашәдаҟьак рҟынӡа иҟоуп. Ажәакала, сыԥсҭазаара зегьы иацыз ҩымҭақәоуп. Аиҭагақәа ракәзар, адунеи аҿы еицырдыруа аҩымҭа дуқәа роуп, иаҳҳәап: Варлам Шаламов "Аҳақьым Аустинов хынтә иԥсра", Альберто Моравиа "Дыцәан сан" уҳәа убас", - ҳәа азгәеиҭеит Лагәлаа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0