Абзиабаратә лирика аԥыжәара азҭо апоет: Анатоли Лагәлаа 60 шықәса ихыҵит

© Foto / предоставила Элеонора Когония Ажурнал алашара аредакциаҿы. Толик Дифа сара
Ажурнал алашара аредакциаҿы. Толик Дифа сара  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2021
Анапаҵаҩра
Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ланҵамҭа изкуп иахьа изиубилеитә мшу, 60 шықәса зхыҵуа аԥсуа поет, апрозаик, апублицист, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, акыршықәса инеиԥынкыланы ажурнал "Алашара" аредактор хадас иҟоу Анатоли Лагәлаа.

Сшалагашагьы сыздыруам, аиашазы, дыҷкәынаӡоуп ҳәа сызхәаԥшуаз сҩыза атәанчаҩрақәра азааигәахара иҽазикзаап. 60 шықәса маҷума, ирацәоума, издыруада, аха зыӡбахә сымоу ауаҩы сара сыблақәа рыла дыҷқәынаӡоуп, ибзиабаратә лирика ақәыԥшра ахаҿра шамоу еиԥш.

Ауаажәларра-политикатә ажурнал Алашара аредактор хада Анатоли Лагәлаа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2021
Уи аҿыцәааха аҳамҭароуп: Анатоли Лагәлаа аԥсуаа ҳдоуҳатә культура аӡыргаразы

Иахьа ииубилеи азгәеиҭоит апоет, апрозаик, Дырмит Гәлиа ипремиа алауреат, ажурнал "Алашара" аредактор хада, Sputnik Аԥсны алитературатә даҟьа ныҟәызго Анатоли Лагәлаа. Абжьааԥны иара егьырҭ ашәҟәыҩҩцәа ирызку анҵамҭақәа ҟаиҵозар, иахьа ихазы аколонка изыҩуам сҳәан, абри аус аҿы сицхраарц сыӡбеит.

Анатоли Лагәлаа дыздыруеижьҭеи уажәшьҭа 40 шықәса иреиҳауп. Асовет аамҭазы, ашкол ҳанҭаз, Очамчыра еиҿкаан алитературатә клуб. Мызкахь знык араион зегь аҟынтә алитература бзиа избоз ашколхәыҷқәа еизон, уи напхгара азиуан акритик Рауф Ебжьноу.

Иахьеиԥш исгәалашәоит Анатоли Лагәлаа иажәеинраалақәа рыԥхьашьа астиль усҟангьы иалхны ишимаз, зегьы дышрылукаауаз. Аклуб ахь иныҟәоз зегьы иара дҳаиҳабын, ишысгәалашәо ала, иажәеинраалақәагьы ркьыԥхьхьан. Ашьҭахь ҳаивнагеит, ҳаиҭеиқәшәеит аҵарақәа ҳанрылга ашьҭахь, ҳаибабон алитературатә хәылԥазқәа рҿы. Анатоли аҭаацәарагьы далалеит уи аамҭа иалагӡаны.

Уи иԥҳәысаагара атәы ҳалацәажәозар, иԥшәмаԥҳәыс дигаанӡа амшын аԥшаҳәаҿы ауаргьала гьежь дақәыртәаны зыргылара иаҿыз аҩнеихагылақәа руак инапы ақәкны илирбон убраҟа иара ауадақәа шиауа азы. Иажәеинраалақәа дахьрылзаԥхьоз адагьы, Анатоли инапы дықәыргыланы дшибоз азы илыԥшааху атекстқәа лыдигалон. Анаҩс, Алина Агәмааԥҳа аҿа лҳәеит, иаргьы мап зцәукуаз ауиакәхыз.

Џьапуа Рушьни еиҳабыс дызмаз аҭацаагацәа аҵх рҽалакны Ҷлоунтәи Дәрыԥшьҟа амҩа иқәлеит. Дәрыԥшьаа игәарымҭо иҟазма ҵхагәазы рқыҭа иалагьежьуаз абжьыуаа рыгәҭакы аԥҳәызба лымҵарсра ишахгамыз. Рушьни дыззымдыруадаз, иаразнак ақыҭауаа гәҩарас иҟарҵеит уаха "Радеда" ҳәа аӡә дыргараны ишыҟаз. Рыҽдырххо иалагазаап дәрыԥшьаа. Алина ахьышәҭҳәа адырра лырҭазаап аҭагылазаашьа ҷыдазы.

"Аҳаҳаи, иаргамахар, срышьҭуам лҳәан, зышьхәа ҳаракыз лҭаца еимаақәа лнапы инахаршәны, афасарақәа еимгәҳәо дыбналаны арахь даҳԥылеит", - ҳәа алаф ахиҳәаауеит, Толик иԥҳәысаагара иацу аҭоурых анеиҭеиҳәо. Ус иҳәоит уажәшьҭа, аха, аиашаҵәҟьа ҳҳәозар, дәрыԥшьаа цәгьала ирыцәцеит рҳәеит ҷлоуаа. Рыԥҳа дызгоз дшыбзиаз аурзымдырхуаз, аха маҷк рыҽдырххар акәымзи аԥшәмацәагьы...

© Foto / предоставила Элеонора Когония Алитературатә хәылԥазы. Ақәыԥшцәа рбиблиотека.
Абзиабаратә лирика аԥыжәара азҭо апоет: Анатоли Лагәлаа 60 шықәса ихыҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2021
Алитературатә хәылԥазы. Ақәыԥшцәа рбиблиотека.

Иахьа Анатоли дабдухахьеит. Иара иааӡеит ҩыџьа аԥацәеи ԥҳаки. Рыхҩыкгьы разҟыла еиқәшәоуп. Абраҟа ирҿиара азхәыцра салагаанӡа, салацәажәарц сҭахуп Анатоли Лагәлаа ишилшаз аӡәырҩы аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ирылымшаз - ихшара набыцрак аламкәа аԥсшәа дирҵеит, қалақь хәыҷқәак ишырзымҵара. Ари иаанарԥшуеит апатриотизм, ажәала акәымкәа, усла иназыгӡо шиакәу...

Уажәшьҭа илирикахь ҳхынҳәуазар, данҿазгьы, иахьа иаԥиҵогьы ақәыԥшра ацәа аҟәнуп. Анатоли згәы ԥшқоу уаҩуп, уи анырра анаҭоит ирҿиарагьы:

Аҵәа бҭахызар, ибызҿысхуеит,

Иаасызҿымхыр, сыԥсы ҭысхуеит.

Мацқьа-шьацқьа, мацқьа-ҭәамшьа,

Сара ԥхамшьа, бара ԥхамшьа…

Лагәлаа илира иахылҵуеит акыр иаарту, абзиабара зцу агәамҵра:

Бқьышә ҟаԥшьқәа сырҿалоит сҿыпны.

Ба быбла сынхыбхыр, лабжышҵас скашәоит.

Иџьоушьаша, зааӡатәи илирикеи иахьатәии уамак аивгара рымам, аромантикатә ҟазшьоуп ирнубаало, изыҩуа қәрала дышқәыԥшымгьы:

Усҵәҟьа былаԥш бымҵәахын,

Знык бысҿачча маӡала.

Анкьа сбышьҭан, бысҭахын,

Бахьцалакгьы, сылаԥш бхын…

Апоет абзиабаратә лирика мацара иҽҭеигӡом, уи ирҿиараҿы иуԥылоит ауаажәларратә хәыцрақәа. Аԥсадгьыл ахь имоу абзиабара, аполитикцәа дшырзыҟоу уҳәа иҩымҭақәа рҿы автор идунеихәаԥшышьа узалымкаар алшом:

Адгьыл иоуҭаз ахаан иԥсӡом,

Мышкызны иаап.

Ажәа еиӷьу акгьы ииӡом,

Ҳаиқәнархап…

Анатоли Лагәлаа иуаажәларратә лирикаҿы иалыскаауеит "Амшын дуӡӡеиԥш" захьӡу Дырмит Гәлиа изырхоу ажәеинраала. Апоет ҟазарыла илшеит аԥсуа литература абду исахьа аарԥшра, уи ицәырҵра ҳмилаҭ рхеиқәырхараҿ ҵакыс иамоу:

Ажәҩан дуӡӡа шанханы,

Адгьыл дуӡӡа иазыԥшуан.

Аурҭ ашьхақәа рханы

Иқәсуан, амитә арҵысуан.

Аӡә иԥсы зегь раӡаны

Уск иахҭниҵеит, ҳаиқәирхон.

Арахь, хаҭала дхәыҷӡаны,

Амшын дуӡӡеиԥш дыцәқәырԥон...

Зегь акоуп Анатоли Лагәлаа зегь раԥхьаӡа иргыланы абзиабаратә, аромантикатә лирика аԥыжәара азҭо поетны дызбоит, уи шьақәдырӷәӷәоит иеизгақәа ирну ажәеинраалақәа рӷьырак ирзалху атемақәа:

Сгәы снархьуеит ба быччаԥшь хыхәхәала

Анышь еиԥш исԥырҵны ианцо.

Сагоит саргьы аҵахь сҵаакәкәала,

Сгәабжьыҵәҟьагь зынӡа исмаҳаӡо…

Анатоли Лагәлаа иреиӷьу аҟазшьақәа змоу уаҩны дсыԥхьаӡоит. Даара алаф ныҟәызго, ачеиџьыка змоу уаҩуп. Зны сыла ишабоз иоуз ипремиа зегь ақьафурҭаҿ инижьит. Усҟан Анатоли иҩызцәа-иԥызцәа аашьҭыхны уи азгәаҭараз уахь дцеит. Сара алаф иасҳәон "аҟәышқәа рыпремиа рҭаацәа рахь иргоит, уара ҳара иҳахҭнуҵеит" ҳәа. Абас дыҟоуп иара.

Исҳәарц сҭахуп иара бзиа иибо апартиагьы шыҟоу. Урҭ уажә амчраҿы иааины иҟоуп, аха иара макьана ажәеинраала рзимкыцт, иалырхаанӡа реизара ду аҿы дшықәгылазгьы. Иареи сареи арҭқәа ирызкны аепиграммақәагьы еимаҳдалоит. Ҵыԥх пандемиаха дзыдгылоз апартиа аизараҿы дықәгылон, уаанӡа сара игәасҭеит аԥаҵагьы "шидигалахьаз". Иааџьасшьеит, Толик аԥаҵа ныҟәиго дсымбацызт. Нас, аҩны сахьтәаз, са стәала абас сҳәеит:

Толик иоуижьт иԥаҵа,

Измааноузеишь, измаана?

Авирус иахәоит ҳәа иаҳама,

Анқәаб мамзаргьы идиҵама?..

Толик иоуижьт иԥаҵа,

Акоронавирус данацәшәа,

Аинаугурациа ааигәахоит,

Апоет уи иҽазыҟаиҵоит…

Ари ашьҭахь "акоронавирус сышҳам ишасыргаша" азы аҭак сиҭеит:

Изыбҭахузеи аԥҟьаԥца? Сҩыза бзиа, ихаҵа,

Бышлиапа иреиӷьӡоу набхаҵа,

Ибхабмыршҭын бнапхаҵа,

Ишьҭыхгәышьа бҟамчԥҵаҵа,

Лаԥшык ақәымшәарц сԥаҵа,

Амышьҭацәгьақәа ԥхаҵа!

Апоет Лагәлаа иажәеинраалақәа рҿы аполитикцәа рахь аҵәы аниршәуа ыҟоуп:

Зегьы здыруа игәра шәымган,

Баша шәҽашәымҭан иган.

Аамҭа ҽамҩак ала ицоит,

Иара зынӡа ҽак шәирҵоит…

Анатоли Лагәлаа илшарақәа зегь иреиҳау џьысшьоит алитература-уаажәларратә журнал "Алашара" аредактор хада иаҳасабала иибахьоу аџьабаа. Иарбану араҟа иалкаатәу? Анатоли аредактор иаҳасабала аԥхьаҩцәа ирыдигалоит жанрла еиуеиԥшым анҵамҭақәа, аклассикцәа инадыркны аҿар рҟынӡа дзаҩсуа авторк дыҟам. Иахьа ажурнал иамоу алшарақәа рацәамзаргьы, иара игәы камыжькәа атираж ашьҭыхреи агонорартә система аиҳатәреи дрызхәыцуеит.

© Foto / предоставлено Елеонорой Когониа Анатоли Лагәлаа, Дырмит Габалыиа, Елеонора Коӷониаԥҳа
Абзиабаратә лирика аԥыжәара азҭо апоет: Анатоли Лагәлаа 60 шықәса ихыҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2021
Анатоли Лагәлаа, Дырмит Габалыиа, Елеонора Коӷониаԥҳа

Арҿиаҩы иаҳасабала Лагәлаа апрозагьы инапы алакуп. Исҳәарц сылшоит иара дазааигәоуп ҳәа аклассикатә жәабжьҩратә стиль. Апоезиаҿы агәыԥшқара шааирԥшуеиԥш, ипрозаҿгьы уи инубаалоит. Иажәабжьқәа руак "Иҭынчым аҵх" азкуп аҭыԥҳа ллахьынҵа:

"Нас лҿы ааихыхны дыҳәҳәарц далагон, аха лыбжьы ацәқәырԥақәа ианрылаӡлак, лара лхаҭагьы илаҳаӡомызт. Ус, уажәраанӡа зҽыҵәахны иҟаз лыхшыҩ ааимшәан алашьцара аӡә ицәаара, аӡә игага лара илԥырҵны иццакыццакуа ацара ишаҿыз гәалҭеит".

Автор гәызианрыла иааирԥшуеит злахьынҵа зеижьаз Асида лҭоурых. Лара агха ҟалҵазаргьы, иубоит автор дышлықәмыӡбо, лахь шлиимҭо дыржьартә лхы иахьақәналыргаз азы.

© Foto / предоставила Элеонора Когония Алитературатә клуб "Ажәа" аҿы аиԥылара ашьҭахь
Абзиабаратә лирика аԥыжәара азҭо апоет: Анатоли Лагәлаа 60 шықәса ихыҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2021
Алитературатә клуб "Ажәа" аҿы аиԥылара ашьҭахь

Анатоли Лагәлаа аибашьра атемагьы давымсит ипрозаҿы. "Аҳаҭгәынцәа рырҳәыҩцәа" захьӡу иажәабжь адокументалтә ҟазшьа амоуп уҳәар ауеит, избанзар ҳара ҳазхаану, иаабахьоу ҭоурыхуп иааирԥшуа. Араҟа иара аҳаҭгәынқәа зырҳәуаз агвардееццәа рыпсихологиа ҳирбоит. Урҭ аԥсуаа рышьра, рықәхра анаҩсангьы, анышәынҭрақәа рырҳәрагьы ишацәыԥхамшьо ааирԥшуеит:

"Уахык реиҳа ахысрақәа анааиқәтәа, иалагеит рус. Аԥсыбаҩқәа ирмеигӡакәа, ломла, баҳала иҵырхуан, ироуазгьы макьаназ ииашан иеиҩшо иааиуан".

Ари ажәабжь анҵәамҭаҿы урҭ рықәнага иақәдыршәеит аԥсуа еибашьцәа. Апоезиаҿгьы Лагәлаа акырынтә дазхьаԥшхьеит аибашьра атема:

"Ҳаҷкәынцәа, ҳалымқәа,

Аԥсны ҭашәмырцәыкәа,

Аӷа дҭамырхакәа шәхынҳәуам", - иҩуеит иара урҭ дрызгәыдуны.

Ирҿиараҿы иуԥылоит ахәыҷтәы жәабжьқәа, аповестқәа, инапы рылакуп апублицистика, аиҭагара, апародиақәеи аепиграммақәеи. 2017 шықәсазы иара ихәыҷтәы жәабжьқәа еидызкыло ашәҟәы "Ардәына" азы "апроза аноминациаҿы" ианашьан Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа.

© Foto / предоставила Элеонора Когония Зураб Џьапуа, Алықьса Гогәуа, Анатоли Лагәлаа, Елеонора Коӷониаԥҳа.
Абзиабаратә лирика аԥыжәара азҭо апоет: Анатоли Лагәлаа 60 шықәса ихыҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2021
Зураб Џьапуа, Алықьса Гогәуа, Анатоли Лагәлаа, Елеонора Коӷониаԥҳа.

Анатоли Лагәлаа абарҭқәа инарҷыданы ажурналист иаҳасабала Аԥсуа радиои ателехәаԥшреи рҿы имаҷымкәа алитературатә дырраҭарақәа еиҿикаахьеит.

Иахьа 60 шықәса ихыҵра азгәазҭо ҳҩыза изеиӷьасшьоит арҿиаратә гәазыҳәара ду. Апоет иажәеинраалақәа руак аҿы "Зны сызҭахыз рацәаҩын" иҳәазаргьы, сгәы иаанагоит иахьагьы дызҭаху маҷҩым ҳәа. Ҽаанбзиала, Анатоли Лагәлаа!..

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0