"Ԥсоу" аиҿахысра
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" иҟалаз ахысра иахҟьаны рашәара 23 рзы аӡәы дҭахеит, хҩык ахәрақәа роуит.
Ихацаркуп "Ԥсоу" аҳәааҿы аиҿахысрази, закәаншьаҭада абџьар амазаареи аныҟәгареи рзы ашьаус рашәара 24 рзы.
Ишьақәыргылоуп: рашәара 23 асааҭ 16:00 рзы гәыԥҩык автомашьына Cherry амаркала АҬ "Ԥсоу" Калашников иавтомат ала ахысра иалагеит. 27-нтә ихысит. Даур Камлиа ахәра иоуит. Дҭахеит Аслан Акаба, ахәрақәа роуит: Аида Задикиан, Леван Цицибаа.
Ашьаус хацыркуп уаанӡа, еилацәажәаны ацәгьоура мҩаԥыргеит ҳәа, закәаншьаҭада абџьар аархәеит, ирыман, имҩаныргон ҳәа.
Азинтә политиказы Апарламенттә еилакы аилатәараҟны Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут иҳәеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы иҟаз ахҭыс амазаратә еимакы шьаҭаны ишамоу.
Аишьцәа Камлиаа зҭатәаз амашьына Аҟәантәи инеит. Иара иашьҭанеиуан фҩык ауаа зҭаз амашьына. Аҳәааҿы дара изышьҭаз ирыхьӡеит, амашьына аҩнуҵҟантәи ахысрагьы иалагеит. Камлиаагьы аҭакс ахысра иалагеит.
Аиҿахысра иахҟьаны ахәра иоуит Даур Камлиеи, амҩан имҩасуаз ҩыџьа атәылауаа, Аслан Акаба иԥсҭазаара далҵит.
Ахҭыс иалахәын ҳәа агәызҩара ззыҟаз аҽа машьынак ала аҭыԥ аҟынтәи ибналеит.
Рашәара 25 рзы АҩАр аҟны ирҳәеит аиҿахысра иалахәыз зегьы аанкылоуп ҳәа.
Ацәгьоура руит ҳәа гәҩарас ирыманы рашәара 24 рзы иаанкылан Аԥсны атәылауаа Константини Игори Чаговецаа, аишьцәа Баҭали Беслани Гоџьуаа, Аслани Беслани Какалиаа.
Батал Гоџьуа, Беслан Гоџьуа, Константин Чаговец ҩымз ҳәа иаанкылоуп Гагра араионтә ӡбарҭа аӡбрала.
Рашәара 28 рзы ирбаандаҩуп: Беслан Какалиа, Аслан Какалиа, Игор Чаговец.
Атуризм аусхк аҟны аҭагылазаашьа
Рашәара 24 рзы Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба имаҵура шаанижьуа азы арзаҳал иҩит хатәгәаԥхарала. Арзаҳал макьана анапы аҵаҩым.
"Атуристтә еилазаареи ауааԥсыреи ари аӡбра ишақәшаҳаҭым рҳәоит, ирҳәоит атуризм аусхк аҟны аминистр адгылара ширҭо аҳәынҭқарратә политика амҩаԥгаразы", - ҳәа аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.
Рашәара 25 рзы Аԥсны Апарламент аҟны имҩаԥысуеит аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы аилак аилатәара.
Аиԥылара атема - атуризм аусхк аҟны азакәанԥҵаратә ҭышәныртәалара апроблемақәа.
Аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, атәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Атуризм аминистрреи атуристтә еилазаареи рхаҭарнакцәа.
Аԥсны аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рзанааҭ Еидгыла ақәшаҳаҭым атәыла аиҳабыра раԥшьгамҭа - аҳәаанырцәтәи агидқәа рзы арԥсыҽрақәа ҳәа иҳәеит Аидгыла ахада Дмитри Акәыциа Апарламенттә еилакы аилатәараҟны.
Иара иҳәеит атуризм аусхк ахаҭарнакцәа аԥыза-министр Александр Анқәаб ишиԥылаз. Анқәаб иҳәеит азакәанԥҵараҿ аиҭакрақәа азыԥхьагәаҭам аха иҟалоит урыстәылатәи агани аԥснытәи агани рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩхар ҳәа.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара апассаџьырцәа рымҩангара ҳәаақәнаҵоит аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра ҳәа лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Ауаажәларратә палата аилатәараҟны.
Адокумент ҩ-транспорт хкык аҵанакуеит: жәҩык иреиҳамкәа изкуа автобусқәеи аа-ҩык иреиҳамкәа изкуа атакси ласқәеи. Адокумент иара убасгьы амҩангаратә формақәа ҭышәыннартәалоит.
Арҭ афакторқәа азԥхьагәаҭатәуп Аԥсны урыстәылаа аекскурсиақәа рымҩаԥгараз азҵаара аӡбраан ҳәа лҳәеит Озган. Лара иара убасгьы иацылҵеит аӡбра ареспублика аинтересқәа хымԥада ианыԥшыр шакәу, Атуризм аминистрреи апрофессионалтә еилазаареи адокумент аус шеицадыруыло.
Аԥсны атуристтә еилазаареи Атуризм аминистрреи урыстәылатәи аекскурсиамҩаԥгаҩцәа адгылара рызҭо апрограмма аус адыруылар ҟалоит.
Аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рзанааҭ Еидгыла ахаҭарнак Линда Амԥарԥҳа лажәақәа рыла ацхыраарахь иаҵанакуеит аметодикатә программақәа разырхиара, ареспубликаҿы иаргаманы аекскурсиақәа рымҩаԥгаразы аус зуыр зҭаху урыстәылаа рыҳәарала аинформациеи адгылареи рзыҟазҵо Аԥснытәи агидцәа рыԥшаара.
Амԥарԥҳа илҳәеит уажәы урыстәылатәи агидцәеи аԥснытәи аиурист хаҿқәеи ма ахатәхаҿқәеи аилаӡарақәа рыбжьарҵар шрылшо, ма ареспубликаҿы афирма аартны рхала аус рулар шауа.
Аԥсны урыстәылатәи аилахәырақәа аекскурсиақәа мҩаԥыргаларц азы аиқәшаҳаҭра аус адуылараан раԥхьа иргыланы изызхәыцтәу ареспублика ауааԥсыра ринтересқәа роуп ҳәа иҳәеит Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба. Иара иҳәеит ус анакәымха Апарламент аиқәшаҳаҭра аратификациа анамҭар ауеит ҳәа.
Аусеицураз амеморандум
Рашәара 27 рзы Аԥсни Урыстәылеи Рконституциатә ӡбарҭақәа аусеицуразы Амеморандум рнапы аҵарҩит.
Адокумент рнапы аҵарҩит аӡбарҭақәа рхантәаҩцәа Диана Ԥлиаԥҳаи Валери Зоркини.
Амеморандум хықәкыс иамоуп азин аусхк аҟны аинырреи аусеицуреи рзы ашьаҭақәа раԥҵара, аконституциа-ӡбарҭатә усураҿы аԥышәа аимдара, аҳәынҭқаррақәа рыҩбагь рҟны аус зуа аконституциатә зин аҭҵаареи иара ахархәараз апрактикеи рыҭҵаара.
"Амеморандум иаԥнаҵоит акраамҭатәи аусеицура алыршара Аԥсни Урыстәылеи Рконституциатә ӡбарҭақәа рыбжьара. Ҳазыԥшуп ҳнапы зҵааҩыз Амеморандум ҳтәылақәа рконституциатә усбарҭақәа рыбжьара аинырра аҿиараз имҩақәҵагахоит ҳәа" — лҳәеит Ԥлиаԥҳа.
Ашьаус
Аҟәатәи апрокуратура амилициа алеитенант Манча Кьахьба иганахьала ашьаус хацнаркит имаҵуратә уалԥшьақәа дырхыҳәҳәаны амч ихы иаирхәеит ҳәа.
Кьахьба Аҟәатәи амилициахь аусуразы иаашьҭыз амилициа аҭыԥ "Алашарбага" аҿы аоперативтә зинмч змоу усзуҩуп.
Ашьаусԥшаара ишьақәнаргылеит жәабран 3, 2024 шықәсазы иара ҭаҷкәымла Асҭамыр Сабекьиа 11-нтә дышисыз.
Сабекьиа — 2023 шықәса жьҭаарамзазы АҩАР аусзуҩцәа рганахьала амч ахархәареи раҳаҭыр аларҟәреи рзы агәҩара рыманы иаанкылаз иоуп.
Рашәара 28 азы Кьахьба Аԥсны АШәМ аамҭалатәи аҭакырҭахь днаган. Хара имгакәа Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭахь инашьҭхоит иара ирбаанадаҩразы азыҳәа.
Адомбеиқәа Аԥсны
Урыстәыла аԥсабаратә мали аекологиеи рминистрра Аԥсны аекологиаз Аҳәынҭеилакы инанашьҭыз азҵаатәхәы ала ареспубликахь ашьхатә домбеиқәа раагарзы еизаку аплан еиқәнаршәеит.
Аԥсуа ган урыстәылатәи рколлегацәа шықәсыбжак аԥхьа амҩатә хсаала рзыршьҭхьан иҳәеит адепутат Резо Занҭариа аԥыза-министр Александр Анқәаб имҩаԥигаз аилацәажәара аҟны.
"Аекологиа аинститут аиҳабы Роман Дбари сареи ҳаицәажәараан ҳазааит, 1926 шықәсазы Аибга ишыршьыз усҟантәи аамҭазы аҵыхәтәантәи адомбеи. Убысҟын агәазыҳәара сызцәырҵит дара ҩаԥхьа ҳашьхақәа рыҟны анҵара. Сыҽрымаздеит Урыстәыла аԥсабара аминистрра. Шықәсык аахыс аиҿцәажәарақәа цоит", — иҳәеит Резо Занҭариа.
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа ҟазацәа Кавказтәи аԥсабаратә абиосфератә ҳәырԥсарра иаҭааны ашьхатә домбеиқәа рекологиа ҭырҵаауан. Иаԥҵахоит аԥсуа-аурыс аусуратә аексперттә гәыԥ.
Ашәарахқәа анҵахоит Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи ахәырԥсарраҟны. Уи азын иалхтәуп дара иахьырнаало аҭыԥ.
Тҟәарчал арекордқәа
50 инаркны 100 нызқьҩык рҟынӡа атуристцәа ирзыԥшуп сынтәа Тҟәарчал араион ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит араион ахада Исидор Дочиа.
"Уаанӡа асеиԥш ҟамлацызт. Агәра аагоит есышықәса Тҟәарчали Тҟәарчал араиони рахь аинтерес аазырԥшуа шырацәахо", - иҳәеит Дочиа.
Иара иажәақәа рыла мызкы аҩнуҵҟа аусурақәа хдыркәшароуп Аҟармартәи аӡхыҽҽарақәа рахь уназго ақалақь аҟынтәи амҩаду акаҭран ақәҵаразы.
Абри ашьҭахь атуристцәа рхыԥхьаӡара еиҳагьы еиҳахоит ҳәа агәрахаҵара имоуп Дочиа.
Аԥсшәа Google аҿы
Google Переводчик аҟны аԥсуа бызшәа ахархәара аиуа иҟалеит.
Аурыс бызшәа аҟынтәи аԥсшәахьи аԥсуа бызшәа аҟынтәи аурысшәахьи ажәаәқа реиԥш аҳәоуқәагьы реиҭагара алшоит ацҵаҟынеиԥш асаит адестоптә версиаҿгьы. Ари арҭбаара амаҵзура аҭоурых аҟны зегь раасҭа еиҳау акәны иҟоуп. Аусадулаҩцәа 110 бызшәа ҿыц аамҭак ала иацырҵеит, ауаԥс, ачечен, авар бызшәақәагьы налаҵаны.
Атәыла ахада иҟынтәи адныҳәаларақәа
Амедалқәа рыманы ашколқәа ирылгаз аушьҭымҭацәа Аҟәа рнапаҿы иддыркит.
Аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Иирзеиӷьеишьеит анасыԥ, аманшәалара, агәабзиара.
"Шәымчқәа рыгәра жәгала, ааԥсарада шәуыс шәазнеила. Хымԥада ԥхьаҟа ареспубликаҿы урҭ ахархәара роуеит, хаҭа-хаҭалагьы шәымч-шәылша шәтәыла ашәҭыкакаҷра, аизҳазыӷьара иадышәҵоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Сынтәа аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1900-ҩык, урҭ рҟынтәи ахьтәы медал рыманы – жәҩык, араӡнымедал рыманы –хҩык.
Аиааииҩцәа рзы аҳамҭақәа
Рашәара 28 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа БРИКС Ахәмаррақәа ирылахәыз аԥсуа спортсменцәа дрыдныҳәалеит, аԥаратә ҳамҭақәа риҭеит.
Абокс азы ахьтәы медал згаз Герман Арџьениа иҭоуп асертификат - 500 000 мааҭ зҵазкуа, иазыҟаҵаҩ Елизбар Џьологәуа –250 000 мааҭ, абырзен-аурым еиқәԥараҿ араӡны медал зауыз Рамазан Арапханов иҭан асертификат 300 000 мааҭ зҵазкуа, иазыҟаҵаҩ Алихан Арапханов – 150 000 мааҭ, самбо, зых иақәиҭу ақәԥара, абокс, дзиудо рзы аџьазлых медалқәа зауыз Рахман Напиџьиев, Даниил Харчлаа, Марат Кокосқьериа, Беата Арышԥҳа, Инал Гаделиа 200 - 200 000 мааҭ рырҭеит, разыҟаҵаҩцәа Марат Абитов, Рамзик Алабиан, Дауҭ Лазба, Альберт Кардиоӷлы, Андрей Погосов – 100 - 100 000 мааҭ.
Аслан Бжьаниа иара убас Герман Арџьениа иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа - "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианеишьеит аспорт аҟны аихьӡара дуқәа рзы, Аԥсны абокс аҿиараҟны илагаламҭазы, абаҩрҵәыратә культуреи аспорти апропаганда рзуразы.
Аԥсны акоманда Казан иқәгылеит иаԥсаны, шьҭахьҟа ахьамҵра, агәаӷьра, аиааиразы ахамеигӡареиԥш иҟоу ҳажәлар иреиӷьу рҟазшьа аҷыдарақәа аарԥшны ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
"Аԥсны зегьы шәықәгыларақәа рбеит, аицлабрақәа бжьамыжькәа ҳрыхәаԥшуан, ҳрызгәдууп ишәымоу ақәҿиарақәа. Агәра згоит аԥхьаҟатәи БРИКС ахәмаррақәа рзы ҳкоманда иҵегьы еиӷьны аҽазыҟаҵара шрылшо", - ҳәа иҳәеит атәыла ахада.
Аспортсменцәа ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа, аиааира ҿыцқәа, есааира аизҳара.
Аԥснытәи акоманда БРИКС Ахәмаррақәа рҟны иаанарԥшит аиааиреи аԥыжәареи рахь агәаҳәара ду, убри аан Ермантәылеи Ҭырқәтәылеи реиԥш иҟоу аҳәынҭқарра дуқәа ираԥыргеит иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
"Иҟазшьарбага ҷыданы иҟоуп амедалқәа зегьы абокс, ақәԥара, самбо, дзиудо реиԥш иҟоу ахәмаррақәа рҟны ишгоу. Ари аҽазныкгьы иаанарԥшуеит аԥсуа жәлар рдоуҳа, ихьамҵӡо рҟазшьа ҷыда", - ҳәа иҳәеит иара.
Шургалин иазгәеиҭеит Аԥсны еизгоу акоманда асеиԥш иҟоу жәларбжьаратәи аицлабра дуқәа иахьрылахәхаз аҵакы дуны ишамоу, уи аспортсменцәа рылшарақәа рыдагьы атәыла аспорттә усзуҩцәагьы русура ду шаанарԥшуа.
Аԥснытәи абанкнотақәа
Аԥсны Амилаҭтә банк иҭнажьыз абанкнотқәа Гонконг имҩаԥысуа ацәыргақәҵаҿы иӡыргоуп.
Hong Kong International Numismatic Fair — Азиа имҩаԥырго анумизматцәа рцәыргақәҵоуп, ари ауснагӡатә Аԥсны абанк хынтәуп иалахәуижьҭеи лҳәеит абанк адәныҟатәи аимадарақәа рзы аҟәша аиҳабы Лиана Агрԥҳа.
Ацәыргақәҵаҿы иӡырган абанк иҭнажьхьо абанкнотақәа зегьы, урҭ ирхыԥхьаӡалоуп ааигәа иӡыргаз алышькьынтыри, Кавказтәи абынҽацәи, ахьшьи зну. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа банкнотақәа аархәеит Китаи, Таиланд, Сингапур рҟынтәи аизгаҩцәа.
"Раԥхьаӡа акәны ҳтәылазы ацәажәара рацәа мҩаԥаҳамгеит, избанзар ауаа уаанӡатәи ҳаиԥыларақәа рыла ҳардыруан", - ҳәа лҳәеит Агрԥҳа.