Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара атуристтә усхк азы азакәанԥҵарахь аиҭакрақәа алагаргалаӡом

© Sputnik / Томас Тхайцук Кабинет Министров Абхазии
Кабинет Министров Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара агәы иҭаӡам атуристтә усхк азы азакәанԥҵарахь аиҭакрақәа ралагалара азҵаара ашьҭыхра. Абри атәы ари азанааҭ знапы алаку ауаа иреиҳәеит аԥыза-министр Александр Анқәаб, аекономика аминистр, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр, аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы, ашәарҭадаратә маҵзура рнапхгаҩцәа алархәны.
Аҳазалхратәи аҳәаахьчаратәи маҵзурақәа рнапхгаҩцәа иазгәарҭеит Аԥсны иҭаҩу автомашьынақәа аҳәаа рахысраҿы иҟоу ауадаҩрақәа зыхҟьо аԥсшьаҩцәа ахьырацәоу шакәу.
Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура адырра ҟанаҵеит Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистрреи дареи реиҿцәажәарақәа раан азҵаара шышьҭыхыз аԥсуеи аурыси туристтә усхк ахаҭарнакцәа акы иазааины ажәалагалақәа ҟарҵарц азы алшара.
Анқәаб аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Кристина Озган ари азҵаара аҳәаақәҵара лнапы ианиҵеит.
Азакәанԥҵара инақәыршәаны, Аԥсны аҵакыраҿы екскурсиамҩаԥгаҩцәас иҟазар ауеит Атуризм аминистрраҿы аттестациа иахысыз аҳәынҭқарра атәылауаа заҵәык.
Атуристтә усхк ахаҭарнакцәа аԥыза-министр иахь аҳәара ҟарҵеит Аԥсны аекскурсиатә ус урыстәылатәи агидцәа рнапы алакра рылзыршо Аԥсни Урыстәылеи аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵараны иҟоушәа ирҳәо ажәабжь ахьынӡаиашоу азы адырра риҭарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0