Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҭыԥ ҿыцқәа ирхаиргылаз, Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза акәша –мыкәша аимакқәа, Аԥсны АдәАР ацҳаражәҳәаҩцәа, Москва Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи реимак аҭышәныртәалара ацхраара ишазыхиоу шәырыԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.
Амаҵураҭыԥ ҿыцқәа рыҭара
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа анапхгаратә ҭыԥ ҿыцқәа рахь аҭарақәа ҟаиҵеит.
Ахада Иусԥҟала Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп Сергеи Шамба. Иара 2020 шықәса раахыс Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ҿыцс дҟаҵоуп Рауль Лолуа. Рауль Лолуа 2024 шықәса ажьырныҳәа мзазы Гәдоуҭа араион ахада и.н. ҳәа дҟаҵан, аха араионтә еизараҟны икандидатура шьақәыдмырӷәӷәеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ҿыц Рауль Лолуа аколлектив ддырдыруа Сергеи Шамба иусуразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, иазгәеиҭеит ҳаамҭазы амилаҭ шәарҭадара азыԥхьагәаҭареи анализ аҟаҵареи акыр рыҵаркуаны ишыҟоу.
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив рнапхгаҩ ҿыц Сергеи Шамба дыдирдырит нанҳәа 7 рзы.
Иара иазгәеиҭеит Шамба ари адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы ибзиаӡаны дшырдыруа, 13 шықәса инареиҳаны ари аминистрра аџьабаа шазибахьаз.
Дмитри Қәычбериа Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩыс дҟаҵоуп.
Абри азы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Ари аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Ҭемыр Ахьиба.
Максим Ӷәынџьиеи Даур Ақаҩбеи Аԥсны АдәАР анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩцәас иҟаҵоуп ҳәа аанацҳаит Аԥсны АдәАР нанҳәа 9 рзы. Максим Ӷәынџьиа 2010-2011шш. рзы Аԥсны АдәА рминистрс дыҟан. Даур Ақаҩба—Аԥсны АдәА рминистр.
Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега Алан Гаглоев иахь адашшыларатә шәҟәы наишьҭит Қырҭтәыла агрессиа 16 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.
Ақырҭуа агрессиа иахҟьаны иҭахеит зықьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, аха Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра рхаҵара, Урыстәыла анапхгара иаарласӡаны рыӡбра ашьакаҭәара аԥдырҟәҟәааит ҳәа иҳәоит иара.
Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьраҿы иҭахаз ргәаларшәара аҳаҭыраз акциа "Агәалашәара ацәашьы" мҩаԥысит Аҟәа.
Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа ацәашьқәа рыла арыцхә 8.08.2008, иара убас ажәа "Шәаҳгәалашәоит" еидкылан.
Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, аруаа, ауаажәларра, аполитикатә усзуҩцәа.
2008 шықәса нанҳәа 8 ауха Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла бџьаршьҭыхла иақәлеит. Ақырҭуа ар аԥхьа "Градқәа" рыла Цхинвал иалахысуан, нас ақалақь иажәланы рнапахьы иааргарц рҽазыркит. Иара убри аамҭазы ареспублика иахьаҵанакуаз зегьы ажәыларақәа цон.
Аибашьра хәымш ицон. Иара иалҵшәахеит Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра ахьазханаҵаз.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны аекономика аминистрра ахҳәаа анаҭеит АЕ "Аэро менеджмент" (уаанӡа АЕ "Дарт") иҟанаҵо аҽԥныҳәа аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аиҭашьақәыргылараз апроект ахарџьқәа рырхынҳәразы.
Аекономика аминистрра ари азхьаԥшра анаҭеит, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба Аԥсуа телехәаԥшраҿы апресс-конференциа мҩаԥигеит.
Иара иҳәеит аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аиҭашьақәыргылараз апроект аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны анагӡара ишаҿу, иахьазы Аԥсны иарбанызаалак ҭакԥхықәра ишаҵагылам.
Нанба иажәаәқа рыла Аԥсны аекономика аминистрреи АЕ "Дарти" рыбжьара 2022 шықәса мшаԥымзазы ахԥатәи ахаҿқәа аусеицура иаламгалакәа Аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аиҭашьақәыргылара апроект анагӡара ргәы ишҭоу азы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. АУН "Аҳаирбаӷәазеи" АЕ "Дарти" аусурақәа мҩаԥыргон агенттә еиқәшаҳаҭреи аԥсахтә еиқәшаҳаҭреи рҳәаа иҭагӡоу апроект документациа аус адуларазы. Усҟан иара аинвестор хада ҳәа ишьан. Аха апроект анагӡаразы аԥара ԥсахтәхеит. Арԥсахҩы – аилахәыра "Дарт", аԥсахҩы - АУН "Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа". 120 миллион мааҭ апроект-сметатә документациеи абаӷәаза аинфраструктуреи ирзырхан.
Аԥснытәи аган иуристтә хатәтәҩын, аԥарақәа аилахәыра "Дарт" анапаҿы иҟан.
Нанба иҳәеит аилахәыра агәаанагарала аԥснытәи аган аексклиузивтәра еилаганы ахԥатәи аган апроект иаднаԥхьалеит .
Аминистр иажәақәа рыла аилахәыра активла аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра аус адулара иалахәын, "Дарт" апроект анагӡаразы еиндаҭлоз х-лахәылак иреиуан.
""Дарт" апроект анагӡаразы еиндаҭлоз ирылахәын. Уи иаҿаԥнаҽуеит аиқәшаҳаҭра еилаган ҳәа иҟарҵо аҳәамҭа, избанзар, аиқәшаҳаҭра анормақәеи аԥҟаррақәеи ирықәшаҳаҭымзар аиндаҭлара излалахәхарыз" ҳәа иҳәеит иара.
2023 шықәса цәыббрамзазы аиндаҭлара мҩаԥган, иалахәын АЕ "Дарти" ИАЕ "Инфраструктурное развитиеи".
Абжьаҟазаратә миссиа
Москва ықәгылеит Қырҭтәылеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра аус адуларазы ҳәа лҳәеит Урыстәыла АдәАР ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова.
Абри азы аинформациа кьыԥхьын Урыстәыла АдәАР аофициалтә саит аҿы Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла аганахь ала агрессиа 16 шықәса анахыҵуаз аҽны.
" Аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы лагаланы иҟалоит қырҭтәыла-аахыҵ-уаԥстәылатәии қырҭтәыла-аԥснытәии аҳәаақәа рдемилитациа апроцесс, анаҩстәи адемаркациагьы ацҵаны" ҳәа лҳәеит АдәАР ахаҭарнак.
Захарова илҳәеит арҭ ахықәкқәа рактуалра еиҳагьы ишацло Мраҭашәара арҭ атәылақәа рҟны аиҿагыларақәа ахы ианархәарц ианалаго.
Урыстәыла аҵара аминистр Аԥсны
Урыстәыла аҵара аминистр Сергеи Кравцов даҭааит Аԥсныҟа дааит. Урыстәылатәи аминистр дымҩаԥыргеит Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиеи Гагра араион ахадара ахаҭарнакцәа. Сергеи Кравцов даҭааит СССР ҩынтәтәи афырхаҵа Витали Попков ихьӡ зху Гагратәи 2-тәи ашкол. Кравцов хынҩажәижәаба шықәса инареиҳаны ари ашкол аҿы аус зухьоу Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Аделаида Қапба ииасыз лиирамш лыдныҳәало ашәҭқәа лиҭеит, арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи дрыҿцәажәеит.
Ашкол аҵаҩцәа асасцәа ашкол амузеи ддырбеит, изеиҭарҳәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых, иҭахаз рыӡбахә.
Кравцов "Артекынтәи" иааз ахәыҷқәа дрыҿцәажәеит. Иҳәеит Инал Габлиеи иареи "Артек", "Орлионок", "Смена" рахь ҽааны ахәыҷқәа еиҳа ирацәаны рышьҭра аиҿкаашьа ишалацәажәаз.
Маркәылатәи анышәыжцәа
"Ажҩы еиқәаҵәақәа" ҳәа изышьҭоу Маркәылатәи ажәытә анхарҭа ҭыԥ дырҳәит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, археолог Галина Требелева.
Галина Требелева илҳәеит арҳәцәа иргаз макьаназ ишышьақәыргылам, аха аԥхасҭа ду шыҟаҵоу.
"Арҳәцәа акультуратә ҿысҭақәа зегь еиладырбгеит. Ҿысҭа-ҿысҭала акәымкәа жра-жрала анышә иахысит. Уи иаанагоит уажәшьҭа уа ижу, ишыржыз, иарбан материалқәаз ирыцжыз уҳәа акгьы ҳзышьақәыргылом, иаҳзеилкаауам" — лҳәеит Требелева.
Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа иазгәаҭан ирымаз аусурақәа ааныжьны идырҳәыз ахәҟьаҟьараҿ аусурақәа ирылагар акәхеит.
Фридонна Аҩӡԥҳа лзы аԥареизгара
11 шықәса зхыҵуа Фридонна Аҩӡԥҳа лзы афонд "Ашана" ирыланаҳәаз аԥареизгара хыркәшоуп! Еизгоуп 25,8 миллион мааҭ, урҭ ахимиатерапиеи абӷашшаратә хшыбаҩ атрансплантациеи ирзырхахоит.
11 шықәса зхыҵуа Фридонна илыдырбалеит иӷәӷәоу алимфобласттә леикоз. Израильтәи ахәышәтәырҭаҿы ахимиатерапиеи абӷашшара хшыбаҩ атрансплантациеи рыҟаҵара рылшоит. Зықьҩыла ауаа ахәыҷы лҭаацәеи афонд "Ашанеи" рааԥхьарала аԥареизгара иалагеит. Аԥарақәа еизыргон агәыҳалалратә акциақәа рҿгьы.
Фридонна Аҩӡԥҳа лыцхырааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит астанциа "Гәыма" аҿы нанҳәа 7 ауыха. Аконцерт аҿы иқәгылан ахәыҷтәы вокалтәии акәашаратәии коллективқәа, аԥсуа артистцәа.
125 нызқь мааҭ инеиҳаны еизыргеит Фридонна Аҩӡԥҳа лыхәышәтәра адгыларазы "Гәыма" аплошьчадкаҿы имҩаԥгаз агәыҳалалратә концерт аҿы,
Иара убасгьы ирацәаҩын абанктә хсаалахь ииазгозгьы.
Аӡсара
Нанҳәа 10 рзы Аҟәа имҩаԥысит аӡсаратә еицлабра SwimSukhum 2024, уи иалахәын аԥснытәии урыстәылатәии аӡсаҩцәа.
Аицлабра хацыркын асқьала "Аԥра" аҟынтәи. Апрограмма иалан еиуеиԥшым абжьаӡарақәа: 500, 1000, 3000 метра. 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рызгьы иҟоуп еиҳа имаҷу абжьаӡарақәа — 100, 200, 300 метра.
Сынтәатәи аӡсаратә еицлабра SwimSukhum 2024 агәыҳалалра иазкуп — идырҳауа аԥара зегьы Фридонна Аҩӡԥҳа лыхәшәтәра иазырхахоит.
Аицлабра еиҿыркааит Аԥсны атриатлон азы афедерациеи аилахәыра "А-Мобаили". Апартниорцәа — Sputnik Аԥсны, АААК, Аҳәынҭспортеилакы, Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти рзы аусбарҭа.
Европатәи араӡны
Сандро Цымцба араӡны даиааит 13-14 шықәса зхыҵуа арҧарцәа рыбжьара абокс азы Европа аҧхьахәгаразы аицлабраан.
Иара афинал аҿы ермантәылатәи аспортсмен диҵахеит ҳәа аанацҳауеит Аҧсны Аспорт азы аҳәынҭеилакы.
Цымцба — 13-14 шықәса зхыҵуа рыбжьара Урыстәыла аҧхьахәгараҿы аиааира игахьеит. Босниеи Герцеговинеи иара дықәгылон Урыстәыла еизгоу акомандазы 63 кьыла иҟоу рыбжьара.
Аҧснытәи аспортсмен Гагра араион Ахәыҷтәы спортшкол №1 дааӡамҭан, Едгар Қриеи Елызбар Џьологәуеи ирҵаҩцәа ракәын, иара раҧхьатәи иазыҟаҵаҩ Владимир Шульгин иакәын.