Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ӷәынџьиа еиҭеиҳәеит Аԥсны АдәАР анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ иҳасаб ала иҟаиҵаша

© Sputnik / Томас Тхайцук ,Видеомост Сухум-Цхинвал
,Видеомост Сухум-Цхинвал - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны АдәАР анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩцәа иҟаҵоуп Максим Ӷәынџьиеи Даур Ақаҩбеи нанҳәа 9 рзы.
АҞӘА, нанҳәа 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ имаҵзура Аԥсны жәларбжьаратәи аренахь ацәыргараз еиҳа алшарақәа унаҭоит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Максим Ӷәынџьиа.
"Ари амаҵзура еиҳау амчрақәа унаҭоит Аԥсны жәларбжьаратәи аренахь ацәыргараз" - иҳәеит иара.
Максим Ӷәынџьиа иҳәеит Аԥсны аҩызцәа рыԥшааразы, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы ауснагӡатәқәа шимоу, амаҵзура ҿыц уи азы ишыхәарҭоу.
Максим Ӷәынџьиа жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аԥсны ахада ицхырааҩыс, жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рзы ААУ аректор ихаҭыԥуаҩыс дыҟоуп. Амаҵзура ҿыц ААУ аҟны арҵаратә ус иаԥырхагахом ҳәа иҳәеит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ имаҵзура егьырҭ атәылақәеи аҵараиурҭақәеи рымадара аҿиара иахәарҭоуп ҳәа иԥхьаӡоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0