Ҳаԥсуа сатиратә проза амреиԥш иалыҷҷо ашәҟәыҩҩцәа дуқәа дреиуоуп Шоҭа Ҷкадуа. Уи данынцәырҵ инаркны иаразнак деицгәарҭеит, дрылаҵәеит, избанзар, исатира ажәлар рҟынтәи иаауан, ажәлар ирзааигәан, дара ирылиааит. Ашәҟәыҩҩы абаҩхатәра бзиа ициит азы, дшыҷкәынӡаз ажәа аԥсы ахьҭаз дақәшәеит, игәеиҭеит ижәлар еиҳа сатирала ироуҳәаша, иреилуркааша, изызурхәыцша шырацәоу, иара убри алагьы еиҳа иахьрыхьуа ухәышәтәыр шалшо.
Шоҭа Ҷкадуа ипроза, исатира анкьаӡа аахысгьы даара дазҿлымҳан ҳаамҭазтәи аԥсуа проза аклассик, Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа. Уи Шоҭа Ҷкадуа изкны аԥсуа проза дахьахцәажәоз иқәгыларақәа руакаҿы иҳәоит:
"Ҳара ҳлитератураҿы даара узхыҽхәаша асатирик бзиа, апрозаик ҟаимаҭ даланагалеит 60-тәи ашықәсқәа рзы. Сара уи раԥхьатәи ииумортә жәабжьқәа инадыркны сизҿлымҳауп, еиҳа-еиҳагьы агәра го саауеит уи ахара ицо ҳашәҟәыҩҩцәа дышреиуоу... Апрозаик, асатирик ииҩыз даҟьак ала иудыруеит уи асатираҿы абаҩхатәра имаҵәҟьан дааиу, ма ус ажәлар рҟынтәи иааигаз афольклор, алаф аҩаӡараҿы даангыло... Шоҭа уи изимырхаӡеит, даара иациҵеит, алаԥсақәа рацәаны иеиҭеит, асатиратә прозацқьа аҟынӡа ихеигалеит... Убри азоуп иаразнак иааиҩуаз зегьы ажәлар рҿы изнеиз, уа иагьзынхаз…"
Сара ибзиан исгәалашәоит, ҳара ҳхәыҷқәан, усҟан Ҷлоутәи абжьаратәи ашкол ахәбатәи, ма афбатәи аклассқәа руак аҿы ҳтәан, иҳаҳаит Ҭхьына ақыҭаҿы ҩымш рнаҩс ахәылбыҽха аспетакль "Чарирама" ҟалараны иҟоуп ҳәа. Усҟан Аԥсны даара ирылаҵәан иҟан "Чарирама" насгьы уа ихәмаруаз ҳактиорцәа, ҳара ахәыҷқәа, ахәыҷӡа инаиркны аду иҟынӡа зегьы бзиа иаабон, иаадыруан, иагьараангьы урҭ ррольқәа ҳара ҳхаҭақәа маӡала уаҩы ҳахьимбо қәаҵарак аҿы "инаҳагӡахьан!". Ҷлоу ақыҭан, ҳара ҳахьынхоз Аимара аҳаблантәи аспектакль ықәдыргыларан иахьыҟаз Ҭхьына ақыҭанӡа жәиԥшь километра еиҵаӡамызт, шәара шәазхәыц, закәытә бзиабараз ҳарҭ ахәыҷқәа иҳамаз, ааԥсарак ҟамҵаӡакәа убриаҟара километра аныҟәара. Насгьы, уахьгьы арахьгьы зынӡа иҟалон 27-километра, арахь ҳаимаақәагьы ҳреигӡон, амҩа абжарак, ахаҳәра ахьыҟамыз иҳашьхны мацара ҳныҟәон.
Урҭ ҳхәыҷра мшқәа даҽа бзиабарак рыцын, даҽа гәбылрак рыцын, насгьы ҳара ҳарҵаҩцәа иҳарҳәахьан уаҟа арольқәа назыгӡоз ҳактоирцәа дуқәа - Чынчор Џьниеи, Сергеи Сақаниеи, Амиран Ҭаниеи, Виачеслав Аблоҭиеи рнаҩсангьы изҩыз автор, ашәҟәыҩҩы Шоҭа Ҷкадуагьы дшыҟалоз, уи ҳара ҳзы даара акырӡа аҵанакуан, ахааназ иаҳхашҭӡомзт зныктәи ибла аҭаԥшра зыԥсаз.
"Чарирама" сааҭки бжаки ицон Ҭхьынатәи ашкол ашҭаҿы, адәахьы зехьынџьара илашьцахьан, аха аспектакль ахьымҩаԥысуаз иаакәыршан алашарақәа аркын, игылази итәази зегьы каххаа ирбон, ауха уа иҟаз аччареи, алафи, ахааназ ҳгәаҿы инхеит ҳара ахәыҷқәа ҳаиԥш, уи иахәаԥшуаз, ҭхьынаа рымацара ракәымкәа, уи акәша мыкәша инхоз ақыҭақәа рҟынтәи инеиз жәпаҩык ауаа. Аспетакль анаанҵәа, амҩаԥгаҩ даацәырҵны иҳәеит, уаха ара дшыҟоу актиорцәа рнаҩсангьы, иара аҩымҭа аԥызҵаз автор, ашәҟәыҩҩы ихаҭа Шоҭа Ҷкадуа. Убри ашәымҭазы абас жәабаҟа минуҭ анапеинҟьабжьқәа агәырқьҳәа рҿаархеит, еиқәтәомызт. Нас даацәырҵит иара авторгьы, аукы, ԥшӡакы, дыԥхашьа-ԥхаҵо, зегьы дхырхәан мацара аԥсшәа реиҳәеит. Убасҟан избаз ашәҟәыҩҩы, нас уи ашьҭахьгьы акырынтә дызбеит, ҳаицрылахәхахьан еицымҩаԥаагоз автортә хәылԥазқәа, аха иџьоушьаша, схаҿы иаанхаз, убасҟан, ҳанхәыҷқәаз избаз ихаҿсахьа ԥшӡа ауп.
20 инареиҳаны ажәабжьқәеи, аповестқәеи, апиесақәеи, акомедиақәеи, аинтермедиақәеи, аскетчқәеи уҳәа реизгақәа дравторуп.
Аԥсуа литературатә критика ашәҟәыҩҩы Шоҭа Ҷкадуа ирҿиамҭақәа алаԥш-хаа иҵнажьхьеит, ирацәаҩны ҳакритикцәеи ҳашәҟәыҩҩцәеи иҩымҭақәа рыбжьы рықәдыргахьеит, иазгәарҭахьеит уи иреиӷьӡоу ҳсатирикцәа рахь дшыԥхьаӡоу. Сара ибзиаӡаны исгәалашәоит аԥсуа-қырҭуатә еибашьра иалагаанӡа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аклуб аҟны еиҿкааз адраматургиа асекциа аҿы аҿар рзы уи иҟаиҵоз ажәахәқәа, алабжьарақәа. Иара ибзоуроуп усҟан ажурнал "Алашара" ианылоз аҿар рыдраматә рҿиамҭақәа адунеи ахьырбаз, уимоу, хатә хаԥшьгарала иахьеиҿыркаауаз абаҩхатәра злаз актиорцәа ҿарацәа аспектакльқәа, еиуеиԥшымыз асценатә қәгыларақәа, еиҳараӡакгьы Аҟәа авокзалаҿ иҟаз Акультура ахан аҟны. Уи иахьагьы изгәалашәо рацәаҩӡоуп.
Ш. Ҷкадуа илагала шьардоуп аԥсуа драматургиа аҟны, еиҳаракгьы акомедиеи асатиреи ржанр аҟны. Еиҳаракгьы абарҭ ажанрқәа рҟны ауп ибаҩхатәра ахьааԥшыз. Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы иқәыргылан икомедиа "Ҳауа идагәада". Убри нахыс ихьӡ еицырдырит. Ари аспектакль ала аԥсуа театр зегьеидгылатәи ахәаԥшҩы иахь инеит. 1964 шықәсазы Москва, Асовет Ар Рцентртә театр аҟны иқәыргылан "Жьулиеи Мажьулиеи" ахьӡны. Апиеса ԥыхьатәи СССР иахьаҵанакуаз атеатрқәа ҩынҩеижәихԥа рҟны иқәдыргылеит.
Егьырҭ ажәашықәсақәа раан Аԥсуа театр асценаҿы иқәыргылан иара ипиесақәа "Амардуан", "Алоу дгәаауеит", "Акьанџьа" уҳәа егьырҭгьы.
1970-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Аҟәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы иаԥҵан асатиреи аминиатиурақәеи ртеатр. Уи ахыҵхырҭаҿы игылан Ш. Ҷкадуа, Шә. Ԥачалиа. Атеатр апрограммақәа шьақәдыргылон ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа рыла. Атеатр аҿы еиуеиԥшым аамҭақәа раан ихәмаруан А. Ҭаниа, С. Сақаниа, М. Зыхәба, Ч. Џьениа, В. Аблоҭиа, Хә. Џьопуа.
Аибашьра ашьҭахь аамҭа бааԥсын, еиҳараӡакгьы уаанӡа зырҿиара мацарала зхы ныҟәызгоз ашәҟәыҩҩцәа рзы. Аха Шоҭа Ҷкадуа амамзаарагьы дахәамԥшӡакәа ишилшоз ала иаԥиҵон ирҿиамҭақәа, аԥсуа сценаҿ иара иҩымҭақәа есымша хадара рыман, урҭ ирылхны иқәдыргылон ҵакылагьы формалагьы еиуеиԥшымыз аспектакльқәа. Иуҳәар ауеит, Шоҭа Ҷкадуа акыр шықәса ҳатеатрқәа аҩбагьы рҿы иҩымҭақәа аҳра руан, ицназгозгьы дмаҷын.
Ҳаибашьра ашьҭахь Шоҭа Ҷкадуа ишәҟәқәа ҩба ҭыҵит. Аха макьана џьаргьы ианымшәалацкәа иаанханы иҟоуп, уи аибашьра аан ииҩыз, (џьаразаҵәык усҟан Гәдауҭа иҭыҵуз агазеҭ "Бзыԥ" ианын), аибашьра иазку иажәабжь ссирк. Уи ахгьы амаӡам, зынӡа икьаҿуп, аха, иклассикатә ҩымҭоуп. Насгьы, ари ажәабжь кьаҿ иугәаланаршәоит аурыс шәҟәыҩҩцәа дуӡӡақәа И. А. Бунини, А.П.Чехови рҩышьа, рстиль, ражәа артәашьа, рфилософиатә ҵакы. Хымԥада, ашәҟәыҩҩы ииубилеи инадҳәалан иҭыҵран иҟоу ашәҟәаҿы ианылап ҳәа сгәы иаанагоит, иара убасгьы ажурнал "Алашара" иааиуа аномерқәа руак аҿы ианылоит. Ари ажәабжь ссир шәагаала излакьаҿу ала, насгьы, ирацәаҩны иаԥхьарц ахьаҳҭаху азы, иамҩан исыԥхьаӡоит, абраҟа икьыԥхьзарц…
Гәдоуҭа ақалақь салаланы сышнеиуаз, лара даасыхьӡеит. Ар рымаҭәа лшәын. Уи лшәны уажә адагьы дызбахьан. Иԥхашьаны аӡә иҟны имцәажәоз – иахьа абџьар лкуп. Лхы снагәӡит. Машәыр бықәымзааит, дад, ҳәа саалықәныҳәеит. Аԥҳәызба дшацәыԥхашьоз абри ажәабжь салҳәеит. Аибашьраҿы медеҳәшьас дыҟан, иахьагьы дыҟоуп. Лнапаҿы дыԥсит жәаа шықәса ирҭагылаз арԥыс. Аԥсхыхра дахьаҿыз абас ҿааиҭит:
– Сара ианакәызаалакгьы абас дааигәаны аӡӷаб дсымбацт.
– Саргьы уара суҩызоуп, – лҳәеит.
– Ииашаны?! – иааџьеишьеит.
– Ааи, ииашаны… – Заҟа бхыҵуеи? – дышқьуаз длызҵааит.
– Зеижә.
Ус даақьит еиҭах. Ихьаа ӷәӷәан. Изыхгомызт. – Умшәан, ичҳа.
– Сшәаӡом, аха… сыԥсуеит! Сыхәра ашьа ааӡом. – Ус умҳәан, ухаҵами! – игәы лырӷәӷәон.
– Ахаҵагьы дыԥсуеит, иахьагарҭоу иқәшәар!..
– Умшәан. Аԥсра уазымхәыцлан.
– Сара… Сара ианакәызаалак аӡӷаб дгәыдсымкылаӡацт. Убас егьаансыжьуеит ари Адунеи! – ус ҿааиҭит арԥыс. Уахьихәаԥшуаз жәохә шықәсагьы иуҭомызт.
– Сара угәыдыскылоит, иҟалома?! – лҳәеит лара, дааччашәа, лгәи лылаӷырӡи еилаҵәо.
– Сыбжьоит! – иҳәеит иара, ахәыҷқәа реиԥш.
Дгәыдылкылт. Иара илаӷырӡ аҿаанахеит.
– Ԥсуа қьабзла шьҭа уара сутәуп. Аибашьра еилгар сугома?! – ихахәы бырфын лнапы алшьуа днеиҿаԥшит. Аха лашьцахьан.
– Бара быбзиоуп. Сшыԥсуа ббоит, аха сгәы
бырӷәӷәарц баҿуп. Аха шьҭа сара…
– Иауеи – уара?
– Акгьы… Уажә дааиуеит иара… Нас сан дҵәуалашт… Абар дааит… Заацәан дааит, аха…
– Исылшоз зегь изыҟасҵеит аҷкәын қәыԥш, аха имыхәеит. Ауха асааҭ аказын идунеи иԥсахит. Аӷа дҳакәшаны дтәан. Ахә дысзалымгеит. Дықьуа даналагалак – дысгәыҵарӷәӷәа дааныскылон. Иара сшьапы ишьышьуан, ишьышьуан, ацәажәара ицәыуадаҩын.
– Бара быбзиоуп! Сеиқәхар бсыццаҵәҟьома? – ҳәа
дсазҵаауан.
– Суццоит, баша исҳәома! Амала уанбзиахалакь мап сцәумкааит?!
Иааҩуан ахысыбжьқәа ҵыхәаԥҵәарада.
– Мап скӡом… Бара быбзиоуп… Беибашьуеит…
– Ус шәҳәоит, нас шәыԥсы аншәоулакь – аԥшӡақәа
шәрышьҭалоит!.. – сҳәеит сыҽхырччо.
– Ус бымҳәан, мамзар баша сбыргәыбзыӷуа џьысшьоит, – иҳәеит.
– Сара санхәыҷыз аҵла ҳаракқәа рықәлара бзиа избон. Асас данаҳҭо бзиа избон… Ҳани ҳаби џьара иҟан ианаауаз бзиа избон. Адунеи аҿы џьара гәырҩак ыҟамызшәа ажәҩан цқьан, аеҵә аҵыџьџьаауа иԥшӡан. Агәгәаҳәа ахысбыжьқәа, аҭҟәацбыжьқәа ааҩуан. Ҩыџьа аҿар аԥсреи абзареи ирыбжьагылан. Астәи иара иҩнынӡа – сааҭк ала унеиратә иааигәан. Аха иара изыԥшын аҽа мҩак…
Маҷ-маҷ иҿыцәаауан ибжьы. Маҷ-маҷ ишьышьуан лнапы. Лара анык, еҳәшьак леиԥш иаԥхьа дтәан.
– Усҟан сара срызхәыцуан аҩны итәаны зыбз иаасуа ҳцәа ҳхызхуаз аҳәса, аҭыԥҳацәа, аҭыџьҳацәа.
Урҭ ражәа уазхәыцыр, арра ицаз аҭыԥҳа лыламыс уахь инлыжьуазаап, дыцқьаны аашьа лымамзаап! Дара ракәзаап аԥсуара еиқәзырхо…
Убарҭ абз дуқәа ҳарзеилкаауам азоуп ари аҷкәын қәрахьымӡа ахшцәа зхьыкәкәа исымпыҵаԥсыз ихьӡ аргама изысымҳәо, схаҭагьы схы зӡырсымго. Уи иаҵанакуа еилызкаауагьы ҟалашт, аха иззеилымкаауа еиҳахоит. Иансывалалак – ихәыҵыччо иалагалашт…
Саргьы ажәа лысҭеит, арԥыс қәрахьымӡа ила
Сықәны, агәрагьы лсыргеит рыхьӡқәа шысмыраргамо ала.
– Иарбан газеҭу изнаҳҵара? – слазҵааит сара.
– Шәара иахьышәҭаху! – лҳәеит лара. Нас инацылҵеит:
– "Бзыԥ" ианылааит. Бзыԥ ауми иахьа зегь ҳзыхьчо! Абри амаӡа хәыҷгьы ахьчааит! – лҳәеит.
– Иҭабуп бымаӡа са сҟны иахьаабыртыз. Уигьы ҳҭоурых иаҟәырҷахоуп.
Сара агәра згар сҭахуп ҳаԥхьаҟа макьана игыларан ишыҟоу иахьа ҳлитератураҿы зегь раҵкыс ихьысҳау адраматургиа ажанр аԥызҵаша аҿар. Избанзар, ҳара ҳашәҟәҩраҿы иҟоуп ауасхыр бзиа, иаԥҵоуп зеиӷьҭам арҿиамҭақәа, урҭ ҳатетрқәа рыҿгьы аԥсҭазаара роухьеит, ахааназ ҳгәалашәараҿы иаанхоит. Ус анакәха, Шоҭа Ҷкадуа иус иацҵахоит, иҵегьы, иахьатәи ҳаамҭа атәы зҳәаша аҩымҭақәа цәырҵуеит, ҳагәқәа зырхаҵаша, ҳзыргәырӷьаша, ҳзыргәырҩаша, насгьы, ҳзырччаша лаф хаала. Ус еибаркуп адунеи, ҳаргьы уи ҳшаны ҳақәызҵаз, разҟыс анцәа иҳаиҭеит, абаҩхатәра ссир змоу ауаа бзиақәа ҳамҩаҿы иаҳԥигалаларц…