Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аччара баҩ алоума - малла ухбааланы уцозаргьы?: Шоҭа Ҷкадуа иповест иазкны

© Foto / предоставлено семьей Шоты ЧкадуаШота Чкадуа
Шота Чкадуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.08.2022
Анапаҵаҩра
Шоҭа Ҷкадуа сынтәа 90 шықәса ихыҵра иазку анҵамҭақәа рсериа хыркәшо Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа дазааҭгылоит иповест "Аччара баҩ алоума?".
Сынтәа ашәҟәыҩҩы - апрозаик, адраматург, асатирик Шоҭа Ҷкадуа 90 шықәса ихыҵит. Иара қәра дукгьы изнымҵит, 71 шықәса дшырҭагылаз 2003 шықәса алагамҭазы идунеи иԥсахит. 19 шықәса ҵуеит уажәшьҭа зҭеиҭыԥш еиԥш, згәаҭагьы ссирыз Шоҭа Еугьан-иԥа дҳалагыламижьҭеи. Зиубилеи азгәаҳҭо ашәҟәыҩҩы схәыҷаахыс дыздыруан сҳәар ауеит, избанзар иареи сареи қыҭак ҳаицалҵит.
Премьера комедии Кто из нас глухой? по одноименному произведению Шоты Чкадуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2022
Аԥсны
Асценахь агьежьра: насыԥ зцу Шоҭа Ҷкадуа ирҿиара
Ашәҟәыҩҩы ишәҟәқәа руак аԥхьажәаҿы аиумор аҵаҵаны абас иҩуеит: "Саргьы сиит Кәтол. Саниз Кәытгьы дыԥсхьан, илгьы каҳахьан. Узизеи ҳәа уаҩ ҽԥныҳәа симҭеит – сани саби еиқәшаҳаҭны ауп адунеи сшықәнагалаз…".
Иара дахькәтолтәиз анаҩсангьы, аибабара ҳаман иҭаацәеи ҳареи, иашьа Константини саби еиҩызцәан. Убарҭқәа рнаҩс, Аҟәагьы ҳаигәылацәан, ирлас-ырлас амҩаду аҿы ҳаибабон, ҳаицәажәон.
Аӡәгьы дсызгәаарым сгәахәуеит Шоҭа Ҷкадуа изы исҳәар, зынӡа зхы ӡырзымгоз, ахаангьы ашәҟәыҩҩыцәа ирыбжьалоз аҟыбаӡыба иаламыз иакәын сҳәар. Дуаҩы нарҳан аиашазы, убасҵәҟьа иара ирҿиарагьы ашьха ҳарак еиԥш ҳмилаҭтә литература иалыҳәҳәоит. Ҷкадуа ҳлитератураҿы егьырҭ ашәҟәыҩҩцәа рӷьырак реиԥш апоезиа ала дцәырҵит, аха анаҩс инапы злакыз апрозатә жанр иаҵанакуаз аҩымҭақәа ракәын, иара убас, хадара зуаз акәушәа збоит асатиреи аиумори. Аха, еиҳа ииашахоит адраматургиа ажанр аҿы актәи аҭыԥ аанзыкыло иоуп сҳәар.
"Санхәыҷыз исыҩуан ажәеинраалақәа, аха арифмақәагьы шырҭахыз анеилыскаа рыҩра саҟәыҵит" ҳәа ихы дахлафаауеит ашәҟәыҩҩы. Ус акәзаргьы, иҭаацәараҿы аибашьра аԥхьа атрагедиа ду аныҟала, иҷкәын Ҭемыр машәырла данҭаха ашәҟәыҩҩы ауаз ҟазшьа змоу ажәеинраалақәа рыҩра далагеит: "Аԥсреи ҳареи зынӡа ҳаизааигәахеит уажәы!" иҳәоит џьара. Иажәеинраалақәа зегьы ирныԥшуеит иҷкәын иҭахара инаҭаз ахьаа:
Ибылуеит, ибылуеит,
Ацәацәашь, Уара уеиԥш
Иаҿуп анҵәара.
Идыдуеит, идыдуеит
Адәныҟа,
Ажәҩангьы ҵәуеит
Уаха….
"Ашәҟәыҩҩы гәахәак, ма гәалак анимам, игәы анҭынчу – акалам шьҭимхыроуп", - иҳәон иара ишәҟәқәа рҿы. Иҟалап, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ицәырҵыз иажәеинраалақәа, иҩнаҭа инанагаз атрагедиа – иԥа машәырла иҭахара иахылҿиаазар. Сара усшәа сгәы азҩоит, иикьыԥхьыз ажәеинраалақәа реиҳарак ирыҵаҩу арыцхәқәа ангәасҭо.
Шоҭа Ҷкадуа акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1946 шықәсазы. Данцәырҵ нахыс, инеиԥынкыланы аԥсуа литература амхурсҭа дҭан 57 шықәса. Шоҭа Еиугьан-иԥа исахьаркыратә литература рзааигәоуп ахәыҷы инеиркны аду рҟынӡа. Санхәыҷыз сзыԥхьоз искетчқәа иахьа уажәраанӡагьы реиҭаԥхьаразы агәаҳәара сцәымӡцац.
Ашәҟәыҩҩы ирҿиара зегь ааидкыланы азеиԥш хәшьара ауҭозар, аԥсуаа рыбзазара, рынхашьа, рхәыцшьа уҳәа аҵанӡа издыруаз иакәын ҳҳәар ауеит. Иҟоуп ашәҟәыҩҩцәа, ауаажәларратә политикатә ԥсҭазаара аганахь зхы зырхо зырҿиара иагырханы, уимоу иҟалалоит аполитика зынӡа ихнаԥааны рырҿиара мҩа ианацәхьаҵуагьы.
Шота Чкадуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2022
Аԥсны
Аҳра зуаз акомедиограф: Шоҭа Ҷкадуа 90 шықәса ихыҵразы
"Аҭынчра ахьчараҿ ашәҟәыҩҩцәа ирылшаша маҷӡам, ажәа ԥхала, ажәа цаҳәцаҳәла, ажәа иашала…", иҩуеит Ҷкадуа ашәҟәыҩҩы ирҿиара аԥсҭазаараҿы иааникыло аҭыԥ дазхәыцуа.
Ииашаҵәҟьаны, Шоҭа Ҷкадуа ачынуаа имҩаԥыргоз асистема зхы анрааланы иҟаз авторымызт, иара исатиратә, икомедиатә рҿиамҭақәа зегь рҿы усҟантәи аамҭа анегативтә цәырҵрақәа ҿаԥызыххаауаз литературан инапы злакыз, убри алагьы иааирԥшуан иԥсҭаазартә позициа. Дышәҟәыҩҩхаҭан, ҭынч, ԥсымшьа адунеи ианыз уаҩын. Амҩаду аҿы дануԥылоз иччаԥшь лаша аҵаҟа иҵәахыз ахьаақәа рацәазаргьы, Шоҭа Еугьан-иԥа акгьы инирԥшуамызт. Иара дреиуамызт "аиубилеи сзыҟашәҵа" ҳәа аиҳабыра рышәхымс илагылоз, мамазаргьы ателехәаԥшрахьы "исызкны адырраҭара ҟашәҵа" ҳәа аҭел иасуаз. Иара убри акәзарагьы ҟалап архивтә нҵамҭақәагьы змаҷу.
Шоҭа Ҷкадуа анаҳҳәо, иаразнак ҳхаҿы иааиуа асатиреи аиумори, акомедиақәеи ракәзаргьы ауеит, аха абри анҵамҭаҿы исҭахын ашкол санҭаз акырынтә сзыԥхьахьаз, абзиабара ҳаракы иасимволу "Аччара баҩ алоума" захьӡу 1961 шықәсазы ииҩыз аповест. Усҟантәи аамҭазы иҟамызт аинтернет, ателехәаԥшрагьы иахьеиԥш аканал рацәа аманы шьыжьы инаркны хәлаанӡа адырраҭарақәа цәырнаго иҟамызт. Асовет аамҭазы ашәҟәыԥхьара акәын еиҳа игәцаракыз. Ҷкадуа имоуп аповестқәа маҷымкәа, иаҳҳәап "Аԥҳәыс ласы", "Аԥҳәыс лгәы", "Иреиӷьу афакультет" уҳәа еиуеипшым атемакәа ахьышьҭихуа асахьаркыратә нҵамҭақәа. Аха, "Аччара баҩ алоума?" инагӡамхаз абзиабара ҵаҵӷәыс измоу, акыр алахьеиқәра зцу аҭоурых, усҟан ашкол иҭаз ҳзы иреиӷьу прозатә ҩымҭаны иҟан.
"Аԥхьаҩи Ш. Ҷкадуеи рыбжьара ацҳаражәҳәаҩ даҭахӡам: ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа дара рҿахәы рҳәахьеит, даара ибзиангьы ирҳәахьеит", - ҳәа иҩуан ашәҟәыҩҩы ирҿиаразы аҵарауаҩ Шоҭа Салаҟаиа.
© Foto / из архива семьи АнквабЧлены приемной комиссии: слева направо – Анатолий Возба, Павел Адзынба, Лидия Чкадуа, Шота Арстаа, Владимир Анкваб и Владимир Агрба
Члены приемной комиссии: слева направо – Анатолий Возба, Павел Адзынба, Лидия Чкадуа, Шота Арстаа, Владимир Анкваб и Владимир Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2022
Члены приемной комиссии: слева направо – Анатолий Возба, Павел Адзынба, Лидия Чкадуа, Шота Арстаа, Владимир Анкваб и Владимир Агрба
Ацҳаражәҳәаҩ дшаҭахым шыздыруагьы, санҵамҭаҿы иаасырԥшыр сҭахуп арҿиамҭа бзиа ауаҩы идунеихәаԥшра шышьақәнаргыло, астериотипқәа дырхыҳәҳәаны ауаҩы иеилкаара илнаршар шалшо. Аповест "Аччара баҩ алоума?" санхәыҷыз акырынтә саԥхьахьан, аха саныҩдеидас иԥшьоу ак акәны аартрагьы сцәыуадаҩын. Сацәшәон усҟан иснаҭаз агәахәара ԥсасир ҳәа. Избанзар, ақәра иара атәы ҟанаҵоит, ауаҩы идунеихәаԥшра аҽаԥсахуеит. Уажәы ашәҟәыҩҩы иубилеи аламҭалазы еиҭаасыртит аповест, сыгәгьы азҩеит ақәыԥшра асентиментализм ҳәа изышьҭоу аилкаара шьаҭас ишамоу, уи ажәабжьгьы уи анубаалоит. Абзиабара ԥырхага аҭара агәнаҳақәа шацу атәы Ҷкадуа еигьырҭ иповестқәа рҿгьы иааирԥшуеит, иаҳҳәап "Аԥҳәыс ласы" аҿы, аха араҟа зразҟы зцымныҟәаз, зыԥсҭазаара трагедиала ихыркәшахаз дарԥысуп. Автор уаҟа иаҳирбоит ҟазшьала ихьысҳау, иӷәӷәам Шамиль ишилымшаз ибзиабара ахьчара. "Аччара баҩ алоума?" аҿы автор даҳирбоит амал аразҟы знамҭаз Нана. Ҷкадуа иҩышьа астиль имыруадаҩцәакәа еиҿкауп, иреиԥшуп ажәытә жәабжьқәа реиҭаҳәашьа. Иара хықәкыс иман сгәахәуеит, игәаӷьыуацәаз атемақәа иуадаҩым жанрла раарԥшра.
© Foto / Предоставлено Анатолием ЛагулааШота Чкадуа
Шота Чкадуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2022
Шота Чкадуа
Аповест ашәҟәыҩҩы инапы иҵыҵижьҭеи 60 шықәса ишреиҳаугьы, иқәыргыло азҵаатәқәа актуалра рцәымӡит. Аччара баҩ алоума – малла ухбааланы уцозаргьы?! Шаҟантә ирҳәахьоузеи бзиарҭа днанагеит аҭыԥҳа ҳәа, амал змоу рыҩны даныҩнанагало? Амал иалшома аразҟы аҭыԥ ақәҵара? Абас инаунагӡатәу азҵаатәқәа шьҭнахуеит аповест. "Аиашаз, амал уаҩ насыԥс ихәозар, мал рыгым урҭ. Уахьыԥшра узымдыруа ихиан аҩнуҵҟа. Ақыҭаҿы акәым, ақалақь аҿы ус ихиоу аҩны убацәом", - азҵаара ықәиргылоит автор аҩымҭаҿы.
Исентименталтә мотивуп ҳҳәозаргьы, арҭ азҵаарақәа иахьагьы ицәырҵуазар, ус анакәха автор иидеиа аҵакы аман. Нана дызланагалаз мыдгараа рцәаҩа рхукаауеит иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿ амал ада хәыцырҭа змам аԥсҭазаара иҳаднагало, амҩадуқәа рҿы иаҳԥыло аперсонажцәа. Мыдгараа рыҩны иҩноу аҭаца аччара зылцәыуадаҩу аилкаара рылшаӡом, избанзар, дара ртәала ауаҩы иааиҭахыу зегь лымоуп. Аразҟы аԥырхагахара хырҳага злоу усны иԥхьаӡам автор, аповест аҿы цәаҳәа хаданы уи атемагьы аликаауеит. "Аԥхәыс лас" аҿы ишыҟоу еиԥш, ари аповест аҿы аҭынхацәеи, агәылацәеи, азлацәеи аразҟы ԥырхага арҭоит. Автор Нана зыԥсҭазаара аиҭакра зылшо лакәымкәа дааирԥшуазаргьы, зырҵаҩра разҟыс ишьҭызхыз алакәны даҳирбоит. "Аԥҳәыс лас" аҿы акәзар, уи фырхаҵа хадас иалоу Шамиль иԥсҭазаара далҵуеит, аҷқәын диҭынхазаргьы. Чкадуа иповест "Аччара баҩ алоума?" аҿы ихы иаирхәоит амшынҵа. Нана лашьа абжьаҟазаразы ицны мыдгараахь инеиз илоуп иара ажәабжь шеиҭеиҳәогьы.
© Foto / Предоставлено Анатолием ЛагулааАрмарахь - Шоҭа Ҷкадуа, агәҭаны - Алықьса Гогәуа
Шота Чкадуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2022
Армарахь - Шоҭа Ҷкадуа, агәҭаны - Алықьса Гогәуа
Схәыҷра ашықәсқәа раамҭа сазыгьежьуазар, хымԥада усҟан санаԥхьаз исыцралаз амца, уажәшьҭа 60 шықәса ирзааигәо автор еиҳа ҭынч исыдыскылеит, аха зегь акоуп раԥхьа ианаасыртызтәи агәалашәара иахьагьы исыцуп. Исгәалашәоит Нана лразҟыдара, насгьы уи дызланагалаз илыхҭыргоз ариашаразы мчы ахьлымамыз шыгәнызгоз, убри адагьы, ауаҩы аҭаацәара даналало абзиабара шьаҭас иамаз шиашоу.
"Ашәҟәы бзиа уаԥхьан уаналгалакгьы ауп еиҳагьы "аусура ианалаго", - иҩуан автор ихаҭа аҩымҭа бзиақәа рнырра дазхәыцуа. Ииашаҵәҟьаны, аҩымҭа бзиа ауаҩы дааӡоит, дархәыцуеит. Абас иҟоуп зиубилеи азгәаҳҭо Шоҭа Ҷкадуа ирҿиара зегь.
Апрозаик дызлаҩуа абызшәа атәы ҳҳәозар даара иазааигәоуп абзазаратә лексика, иара ибзианы иидыруа ауаа рцәажәашьа стиль ауп иалихыз:
_Џьоушьҭ ибзиахәха иҟоуп, амш лгоит!", - иҳәеит ҳанаауаз Парҭен (Нана лашьа. Е. К).
_Ааи, шьҭа… _сҳәеит сара.
_Ашьқаԥқәа, ауарҳалқәа, адиуанқәа ҳәа ирзыҩнажьыз умбеи?
_Избеит, ааи…
Абас хыхь иаагоу аицәажәарала ихыркәшоуп Нана лҭоурых. Лара илылымшеит лразҟы аиҭакра, лашьа Парҭен еиқәиԥхьаӡо амазара, лынасыԥ аҿы нырра дук азыҟаҵом. Мшәан, аччара баҩ алоума, ихәыцуеит ауаа иахьагы….
Ҷкадуа иҩышьа зеиԥшроу ала, ажәытә ажәабжьеиҭаҳәара астиль еиҳа изықәҿиоз шәҟәыҩҩын. Иажәабжьқәеи иповестқәеи рҿы иубоит уи жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рҿы аиԥш, имыруадаҩкәа, акыр иԥсабаратәу амҩа шылихыз.
R.S. Ш. Ҷкадуа ирҿиара иазкны аколонкақәа рыҩра сҽаназыҟасҵоз абиблиотекақәа рҿы уи илитературатә ҭынха садҵаалеит. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыҵхьоу ишәҟәқәа еиқәханы ишыҟоугьы, иара изку астатиқәа шаҳԥылогьы, ихьаауп иҩымҭақәа реизга ахьҳамам. Ус иҟоу ашәҟәқәа аԥхьаҩ ддырманшәалоит. Аизгақәа ирнызар бзиоуп ашәҟәыҩҩы идҳәало зегьы, усҟан аҭҵааҩгьы дарманшәалоит. Абри азы игәаанагара иҩхьеит акритик Руслан Қапбагьы: "Угәы еихьнамшьырц залшом, ихьааугартә иҟоуп уи илитературатә ҭынха ахьгәыгәҭажьу, иахьеидкылам, иахьҭыжьым". Сынтәа зиубилеи азгәаҳҭо Шоҭа Ҷкадуа иреиӷьӡоу аҭыжьымҭақәа дрыԥсоуп, аха ҳахуаадара иахҟьоу, даҽа мзызк амоу здыруада, аха иҟаӡам Ҷкадуа иҩымҭақәа реизга.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0