Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҳаԥсуара иазышәаҳәоз абырзен поет: Николаи Патулиди диижьҭеи 80 шықәса ҵит

© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааНиколаи Патулиди
Николаи Патулиди - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2024
Анапаҵаҩра
Абырзен поет, аиҭагаҩ, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьаз Николаи Патулиди диит нанҳәа 13 1944 шықәсазы Аҟәа араион Дмитриевка ақыҭа.
Абырзен поет Николаи Патулидии сареи ҳаибадырит 1983 шықәсазы сара Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иатәу ажурнал "Алашараҿы" аусура саналага. Иара усҟан Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿ ирлас-ырласны днеиуан, нас иара уаҟа еиҿкааз аурыс секциаҿы аусура далагеит. Николаи иажәеинраалақәа рнылон ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иҭнажьуаз ажурнал "Риҵеи" агазеҭқәа "Аидгылареи", "Советскаиа Абхазиеи", "Аԥсны ҟаԥшьи". Ирлас-ырлас дықәгылон аԥсуа телехәаԥшрала, уи игәаанагара даара пату рзақәын аԥсуа жәлар, избанзар, иара Аԥсны аԥсуааи ақырҭқәеи аҭыӡшәақәа анрыбжьала, иаразнак аԥсуаа рганахь диасит.
Иазгәаҭатәуп, уи дахьынхоз аҭыԥгьы Аҟәа Камсамольскаиа амҩа ахахьы акәын, уаҟа аиҳараҩӡак ақырҭуа милаҭ ракәын инхоз, иара аԥсуаа дҳадгылан акы аниҳәалак, иаразнак дыхҭаркуан, уимоу, напышьашәалагьы акырынтә дреисхьан. Аха иара ибзианы идыруан ҳаԥсадгьыл аҭоурых, убри азы акәын аԥсуаа дызрыдгылозгьы, уи дара ақырҭцәа рыхқәа шрыхнахуазгьы.
Аԥсны
Аҵх аҽеиҵых адгьыл ианахьӡа,
Аеҵә цәырҵын, аиҩхаагьы лашеит.
Ԥхьарцабжьык са исыԥхьеит ихааӡа,
О, сзаҵәым, са сымҩа шьоук аԥшуеит.
Кьаразаа рахь ишцоз еиԥш анкьа зны,
Исзыԥшу рахь снеиуеит сеиханы.
Сара, абырзенгьы, сгәырӷьо, сгәы азҳаны,
Снагылап уаҟа аԥсуаа рыгәҭаны.
Бзиа узбоит са сыдгьыл гәакьа, Аԥсны,
Уа уоуп разҟыс исымоу, зыгәра зго.
Абзиабара сгәаҵа иҭаҵаны,
Уа уоуп, иудыруеит, сашәабжьы зырго.
Аԥсҭазаара агьама са исзыркыз,
Уара сутәуп, сахьуҭаху сыхиоуп.
Иҟьаҟьаӡа са сымҩақәа аазыртыз,
Сыԥсадгьыл, зҿаԥхьа схырхәо уара уоуп.
Роман Аргун - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.08.2024
Аԥсны
Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыԥсҿыхҩы, рҩыза ду: Роман Аргәын игәалашәара иазкны
Абар Николаи Патулиди дшигәалашәо аибашьра аԥхьа иара аус ицзухьаз, акыр алитературатә хәылԥазқәа еицымҩаԥызгахьаз, усҟан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿ консультантс аус зуаз апоет-академик Владимир Занҭариа:
"Николаи Патулиди – Аԥсны инхоз абырзенжәлар доуҳатә ԥызас дрыман. Абаҩхатәра злаз поетын. Илирика акыраамҭа аҿыханҵа бзиеиԥш убла ихгылаз ахаҿсахьа лыԥшаахқәа рыла еибаркын. Ус исцәагозеи ҳәа, уалбагас акагьы иҩуамызт. Апоезиа ахаҭа-ԥсаҭа ззырҳәо цәалашәарыла иҭаиԥшыхәуан, уи агәеисыбжь-игәеисыбжьын. Урҭқәа гәаҭаны акәхап, Фазиль Искандер иабжьагарала СССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгылагьы даларҵахьан. Ареволиуциа зырцәқәырԥаз "Аидгылара" далахәын, Лыхнашҭагьы дыҟан. Аԥсуа интеллигенциа рыҩнуҵҟа ҳаҭыр иқәын: иуаҩразын, ипатриот-цаҳәцаҳәразын, ҩашьара зқәымыз иҟазшьа, иаамсҭашәара азын. Николаи Патулиди Аԥсны абырзенцәа рхеидкыла деиҳабын. Аибашьраан ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа омажә изаарцеит, аха иара ипринципқәа шьаҿакгьы шьҭахьҟа дрыцәхьамҵит. Аԥсны ахьыԥшымра ахақәҵара дазыхиан. Колиа депутатс даныҟаз, Иура Аргәын дзеиҳабыз апарламенттә комитет далан. Сара усҟан акультура аминистрс сыҟан. Даара ҳаизыразны аус еицаауан. Уи иабзоураны Апарламент иаднакылт акультура азы азакәан, аконцепциа ҷыда, аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аиқәырхаразын азакәанԥҵара. Николаи адырра бзиа иман, ихшыҩгьы-икаламԥынҵеиԥш иҵарын.
Аибашьра ашьҭахь Владислав Арӡынба инапынҵала Бырзентәылаҟа идәықәҵахеит аделегациа, аԥсуа-ақырҭуа еиԥыларахь - Еиду амилаҭқәа реиҿкаареи Урыстәылеи аделегациа рнапхгарала (рыбжьаҟазарала) имҩаԥысуан уи Афины, асасааирҭа "Астир Палас" аҿы. Аԥсуа гәыԥ ду деиҳабын С.У. Багаԥшь. Николаи Патулиди далан абри аилазаара. Аибашьраан ақырҭуа режим ихнарҵәаз уатәи абырзенцәа акырӡа драбжьон рыҩныҟа, Аԥсныҟа ихынҳәырц. Пату иқәын, иажәа кыр ԥхылнадон. Дуаҩы аартын, диашаҳәаҩын.
Ааигәа исԥыхьашәеит адәқьанаҿы иара илирикатә еизгақәа руак, Сергеи Ҵәыџь иссиршәа сахьаркырала еибиҭахьаз. Сеиҭанагәылаԥшит уи. Сгәы инықәҩит аԥсуа-бырзен колорит згәылыҩуа иажәеинраала хазынақәа. Колиа идац-ԥашәқәа ҵауланы аԥсуа дгьыл иаларсын, арахь иара адунеитә культура иахәшҭаароу Еллада ду атрадициа аҟәыҵәак мырӡкәа иаазгоз, ахҵәара-хыԥсаара иақәшәахьаз бырзен ҷкәына еилҟьак иакәын. Ихьӡ ҳҳәалароуп, иҩымҭақәа ҳрызхьаҧшлароуп. Николаи Патулиди – аԥсуа-бырзен доуҳатә ҧсҭазаараҿы зхатә ҭыԥ ҷыда аанызкыло рҿиаратә уаҩуп, поетуп."
© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааНиколаи Патулиди иажәеинраалақәеи ипоемақәеи згәылалаз ишәҟәы
Николаи Патулиди - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2024
Николаи Патулиди иажәеинраалақәеи ипоемақәеи згәылалаз ишәҟәы
Никола Патулиди ҳара даара ҳгәы иладдун, уи абаҩхатәра бзиа ахьимаз адагьы, ҳажәлар гәкалаҵәҟьа пату рықәиҵон, бзиа ибон, абырзен бызшәахь иеиҭеигон ҳаԥсуа поетцәа рҩымҭақәа, иӡыригон, ҳаиԥыларақәа рҿы иара иажәеинраалақәа рыԥхьара дрылагаанӡа, раԥхьа, абырзен бызшәахь иеиҭеигоз аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа дрыԥхьон, убри алагьы ҵҩа змамыз анапеинҟьабжьқәа ҳамҭас иоуан. Ииашаҵәҟьан, ҳаԥсуа ԥхьаҩцәагьы, ҳажәларгьы, дара иртәу, ирылиааз аԥсуак еиԥш пату дуӡӡа иқәырҵон. Абар, аԥсшәахь иара иажәеинраалақәагьы ҳпоет гәлымҵәах Таиф Аџьба ишеиҭеигаз. Уи иеҭеигаз ажәеинраалақәа зегьы, аиҭага ҳәа ирнымзар, ԥсуа поетк иҩит уҳәап:
Адунеи аԥсы аршьаны,
Аԥсҭҳәақәа неилыҵ
Ицеит қәа ҟәандак каҭәаны,
Иҭынчроуп нхыҵ-аахыҵ.
Икәеицеиуа, еилыџьџьо,
Еҵәала ажәҩан рхиоуп.
Амза уахьынтә икаҷҷо
Иаҳагьы ицқьаӡоуп.
Уажәы абраҟа, иларҟәӡаны,
Ашьшьыҳәа ашәак науҳәар,
Иҟалап имарианы
Аԥсны зегьы иахьӡар.
Абар, шаҟа гәыблыла дигәалаиршәо апоет, ауаажәларратә усзуҩы, ажурнал "Аԥсны Аҟазара" аредактор хада Геннади Аламиа Николаи Патулиди изку астатиа "Аԥсни сареи ҳаԥсҭазаара еилоуп" аҟны:
"Аӡәаӡәала уҩызцәа ныжьны узнысуа амҩа дара рахь уаргьыжьуеит акәымзар хара уагарц уҟаӡам. Сҩызцәа гәакьақәа рылымкаа сыԥсҭазаара схызго сҭахымызт аха… "Гәалашәаран акәымкәа, сыԥсы злаҭоу шәакәны шәынха!" – ҳәа урҭ ирзысыҩхьазгьы баша ажәаԥшӡақәан ҳәа сҳәарын, сажәымҭыҽха агәалашәарагьы шыԥсҭазаароу сзеилымкаазҭгьы.
Борис Гургулия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2024
Аԥсны
Иԥсадгьыл ахьаа игәы ҵнаблаауан: Борис Гәыргәлиа игәалашәара иазкны
"Ажәытә бырзен поет" ҳәа засҳәоз сҩыза Николаи Патулиди… Зны-зынла сгәы иаанагон уи, ахаан аахыс сыԥсадгьыл иқәнагалоз иуаажәлар иреиуази мпыҵахалаҩцәак рыгәнаҳа рхихырц иҭахызшәа. Иҳәон, еиҭеиҳәон, абырзенцәа аныхдырҵәа урҭ рыҩнык аԥсыуак дшыҩнамлаз, рахәык-шәахәык аӡәгьы дышрыламкьысыз, гәаҟрас иҟоу зегьы рыхганы, рыԥсы рыманы ихынҳәызгьы игәырӷьаҵәа ирԥылаз аԥсуаа шракәыз. Убри акәын Николаи Патулиди Аԥсны, аԥсуаа ирызкны иаԥиҵоз иҩымҭақәа аилкаара ҵауыла, агәыбылра ду зырныԥшуаз, еиҭеигозгьы аԥсуа поетцәа иреиӷьу рҩымҭақәа зракәыз.
Сара Бырзентәыла снанагахьеит. Аԥсуа бираҟ Олимп ашьха – Анцәақәа ртәарҭа ианахасыргыла, хә-минуҭкгьы мҵит, хымыз раахыс иамуцыз ақәаршҩы кыдхаҽа илеит.
Рыԥсы ргеит аԥсабара ауааԥсыра. "Шәара шәаҳаҭыр азоуп Зевс аарҩара бааԥс ҳзацәиихьчаз!" – игәырӷьон аҩынтә раан ақырҭуа қәылаҩцәа иқәрцаз аԥсуа бырзенцәа. Урҭ зегьы ргәы иладууны иӡбахә рҳәон, дара ирылымшаз илыршаны ашәарҭаамҭаз Аԥсны нызмыжьыз, уи Прометеи еиԥш наӡаӡа зыхьӡ адызҳәалаз Николаи Патулиди".
Иури Лакербаи - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2024
Аԥсны
Зашәақәа ҳацу апоет: Иури Лакербаи диижьҭеи 90 шықәса ҵит
Иҟалап, аԥсуа жәлар абриаҟара ешьара рызуа ирыдгылаз, ииашаҵәҟьан урҭ рыбзиабара ихнаххьаз, уимоу, ишиашоу аоргинал аҟынтә ҳпоезиа еиҭеигаларц азы аԥсшәа аҵара иаҿыз, ипатриот дууз Николаи Патулиди иахьауажәраанӡагьы иԥсы ҭазҭгьы, аԥсуаа мыцхә бзиа ҳахьибоз иахҟьаны ааха ӷәӷәақәа иоухьаз ракәмызҭгьы. Аха ҳаԥсадгьыл ус иҟоуп, знык гәыкала бзиа избаз, уи ахааназ датәнатәуеит, дашьҭӡом, ма ихы ақәиҵароуп, ма иара ада ԥсыхәа имамкәа гәышԥыла ихьчалароуп. Абас, каламлагьы, гәышԥылагьы ҳаԥсадгьыл зыхьчоз атәым милаҭ еиуаз, аха зхы инаркны зшьапаҟынӡа аԥсуара злаҽхьаз, ҳҵеицәа дуқәа аӷьараҳәа ешьара рызуа ирывагылаз дреиуоуп, аԥсуаа ҳгәы иҭымҵәо иҭазаауа апоет Николаи Патулиди. Сцәажәара хсыркәшар сҭахуп сара доуҳала даара исзааигәоу уи иажәеинраалақәа руак ала, убригь еиҭеигеит Таиф Аџьба:
Еллада уахь
Убжьы саҳауеит. Еллада,
Ахақәиҭра иашьҭоу, игәжәажәо,
Ахаҵабжьы, амцабз иаҩызоу –
Ақәԥарахь ирыҧхьо зегьы.
Избоит сара, абар, ухаҿсахьа –
Икәабоуп уи ашәышықәсқәа ршьала.
Аха инхеит уи наӡаӡа ишқәыԥшу,
Иԥшуеит ԥхьаҟа гәыӷрала иҭәны.
Еллада, дабаҟоу Маколис,
Уҵеи – Анцәа аиаша иазишаз?
Иубома агыгшәыг ашьаԥхыцқәа
Геракл игәаҵәа ишазгәышьуа?
Нас избан, узыԥшузеи, Еллада?
Уа угәаӷьра, угәымшәара абаҟоу?
Агәра згоит, агәра згоит ишкаужьуа
Арыцҳара, агәаҟра, ашәеиқәа!
Иԥыххаа узҭаку аихагәара,
Угылап уа убӷа неиҵыхны.
Уҩаҵаԥшып ажәҩан кеикеиуа,
Ахақәиҭра ԥхап имраха.
Ажәабжьқәа зегьы
0