Аԥсны

Апролетартә шәҟәыҩҩы Максим Горки иаԥсуа даҟьа

1929 шықәса цәыббра 6-8 рзы Аԥсны даҭааит аурыс шәҟәыҩҩы Алексеи Максим-иԥа Пешков (Максим Горки).
Sputnik
Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа
1929 шықәса цәыббра 6 рзы Максим Горки Шәача дааит, уахьынтәи Аԥсны жәлар ркомиссарцәа рхеилак ахантәаҩы Нестор Лакоба дицны Аԥсныҟа рхы дырхеит ҳәа еиҭеиҳәоит Вианор Ԥачлиа ишәҟәы "Аурыс шәҟәыҩҩцәа Аԥсны" аҟны.
Гагра Горки аԥсшьаҩцәеи ақалақь ауаажәларреи дрыҿцәажәеит, Аҟәаҟа данаауаз амҩан Афон Ҿыцтәи асовнхара даҭааит. Цәыббра 7 рзы Аԥсны ЦИК ахантәаҩы, еицырдыруаз аԥсуа шәҟәыҩҩы Самсон Ҷанбеи агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредактор Мушьни Ҳашбеи ицны Аҟәа дааит.
Ашәҟәыҩҩы Ԥачлиа инарҭбааны иҩуеит Горкии Нестор Лакобеи, аԥсуа культура аусзуҩцәеи, акомпозитор Константин Ковачи реиԥылара атәы.
Горки аинтерес кны Ковач диазҵаауан Аԥсны иусуразы.
"Нас иара дсызҵааит: "Шәара шәхаҭа урҭ ашәақәа шәҳәо?" ҳәа. "Ааи, аанагӡаҩ ибжьы инаркны ашәа сагәыланахароуп. Фанографда ииашаны акы аҭаҩра цәгьоуп" — "Афанограф аҟамзаара уадаҩым дара ашәақәа рхаҭа шәара ишәызҳәозар. Хаҭала урҭ нагӡо шәара ишәылшәыршоит ашәа аҟазшьеи, иара зтәу ажәлар рдоуҳаи иныҭкааны аилкаара", - ҳәа еиҭеиҳәоит Ԥачлиа ишәҟәаҟны.
Усҟантәи аамҭақәа рзы Горки еицырдыруа шәҟәыҩҩны дҟалахьан. Аԥсны иара ҳаҭыр дула дрыдыркылеит. Иареи ицыз иԥеи иҭацеи амаамынқәа рааӡарҭаҟны хаҭала дрыцын апитомник амҩақәҵаҩ Смирнов. Цәыббра 8 рзы Горки Аҟәантәи дандәықәлоз, дахьаанҿасыз асасааирҭа "Риҵа" аҿаԥхьа ажәлар еизаны днаскьаргон ҳәа еиҭеиҳәоит Ԥачлиа.
Максим Горки Аԥсны иҟазаара: иажәа ҳлитературеи ҳфольклори рзы аҵак ду аиуит
Иара убасгьы иазгәеиҭеит Горкии, Лакобеи, Ковачи Аԥсны араионқәа рахьгьы ишцаз. Хаҭала ашәҟәыҩҩы даҭааит Аӡҩыбжьатәи ахәшәтәырҭа ҿыц. Убри аамҭазы уа ииз аԥшқа иҭаацәа Максим ихьӡырҵеит ашәҟәыҩҩы иаҳаҭыр азы.
Очамчыратәи араионтә центр аҟны ашәҟәыҩҩы ицыз иареи уаххьа ҳәа инеиԥхьеит Очамчыратәи араионтә анагӡаратә еилакы ахантәаҩы Дмитри Габуниа.
"Ауаа рацәан. Платон Ԥанцулаиа напхгара зиҭоз ахор аԥсуа ашәа "Шьардаамҭеи" ақырҭуа ашәа "Мравалжамиери" уҳәа егьырҭ ашәақәеи рацәаны инанагӡеит. Иара убасгьы аурыс ашәа "Сара сахьыҟазаалакгьы, сахьнанагазаалакгьы", - ҳәа азгәеиҭоит Ԥачлиа.
Аԥснынтәи иара Қырҭтәылаҟа дцеит, уахьынтәи — Италиаҟа ԥсшьара ҳәа.
Горки еиҭеиҳәон Аԥсны дшыҷкәынӡаз бзиа ишибаз, аԥсуа шәҟәыҩҩцәагьы рырҿиара илаԥш шахыз.
Арадио
Ебжьноу "М. Горки Аԥснытәи ианҵамҭақәа" иазкны: шьаҭас иазышьҭоуп иажәабжьқәа
Акыр шықәсқәа рышьҭахь иара Аԥсны аҟазара аусзуҩцәа ашәҟәы рзааишьҭит аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә поезиа аҭҵаара нап адыркырц.
1933 шықәсазы Горки иҩуан: "Еизыжәгала, ианышәҵала аԥсуа шәақәа, алакәқәа, алегендақәа… уи Аԥсны аҭоурых жәпаҩык иднардыруеит" ҳәа.
Уаанӡа, октиабртәи ареволиуциа ҟалаанӡа, Максим Горки изныкымкәа Аԥсны даҭаахьан. Раԥхьаӡа акәны дааит 1892 шықәсазы. Далахәын Новороссииск-Баҭым амҩаду аргылара. Абраҟоуп иахьиҩыз иажәабжьқәа "Калинини", "Ауаҩы ииреи".
1886, 1903 шықәсқәа рызгьы Горки Аԥсны (Гагра) дыҟан, аха апролетартә шәҟәыҩҩы хымш рыла Аԥсны далыргеит аполициа.