Максим Горки Аԥсны иҟазаара: иажәа ҳлитературеи ҳфольклори рзы аҵак ду аиуит

© Sputnik / Иван Шагин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМаксим Горки
Максим Горки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, Пушкин имедал иаԥсахахьоу апоет Мушьни Лашәриа дырзааҭгылоит аурыс шәҟәыҩҩы ду Максим Горки ирҿиареи Аԥсныҟа иаареи ирыдҳәалоу ахҭысқәа ртәы.

Цәыббрамза 6, 1929 шықәса рзы Максим Горки Аԥсны дыҟан. Уиижьҭеи иҵит 90 шықәса.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Адунеи аҟны зыхьӡ еицырдыруа урыстәылатәи ашәҟәыҩҩы хатәра, апрозаик, адраматург, асоциалисттә реализм алитература ашьаҭаркҩы Максим Горки изныкымкәа Аԥсныҟа даахьан. Иара иоуп СССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аханатә аԥҵара аԥшьызгаз, раԥхьатәи ари аусбарҭа хантәаҩра азызуаз.

Максим Горький на своей даче в Горках - Sputnik Аҧсны
Апролетартә шәҟәыҩҩы Максим Горьки иаԥсуа даҟьа

Иара ихьӡҵәҟьа Алексеи Пешков ауп, аха шәҟәыҩҩык иаҳасабала дырдыруеит Максим Горки ҳәа. Диит усҟантәи аамҭазы Нижегородтәи агуберниа азааигәара иҟаз ақалақь Канавино. Максим дшыхәыҷыз иан лыԥсҭазаара далҵит илыхьыз ачымазара бааԥс иахҟьаны, убри аҟынтә ахәыҷы нап идкыланы ианду Акулина Иван-иԥҳа длааӡеит.

Аҷкәын 11 шықәса анихыҵуаз инаркны ихы дамеигӡакәа аус иуан. Иԥсҭазааратә мҩа шьахәла ирныԥшуеит иповестқәа "Ахәыҷра", "Ауаа рҿы", "Сара суниверситетқәа". 23 шықәса анихыҵуаз инаркны адунеи атәылақәа дырҭаауа далагеит, дааӡеит Кавказынӡагьы. Иныҟәарақәа раан ихшыҩҵакқәа ақьаад ианиҵон, анаҩс иҩымҭақәа шьаҭас ироуит. Раԥхьатәи иажәабжьқәагьы усҟантәи аамҭазоуп аҭыҵра ианалагаз.

Убас еиԥш, 90 шықәса раԥхьа цәыббрамза 6 рзы, Максим Горки Аԥсны дааны дыҟан. Аԥсынтәыла даара бзиа ибон, ауаа дрыҿцәажәон, аҭыԥқәа еимидон, имаҷым ара иҟазаара иабзоураны иаԥиҵаз иналукааша аҩымҭақәа.

"Максим Горки аурыс шәҟәыҩҩцәа дреиуоуп аханатә аахысгьы. Асовет тәыла анеилаҳа ашьҭахь, иаамҭа цазшәа ргәы иаанагеит шьоукы, асоциалисттә реализм азы иқәгылаз уаҩын, Сталин ивагылаз иакәын ҳәа ԥхьаӡаны, иаартны акьыԥхь аҟны иҿагыло иалагеит. Иара даныҷкәыназ инаркны инапы иҵиххьаз иажәабжь ҟаимаҭқәа рыла адунеи аҿы деицырдыруа дҟалеит. Ипиеса "Аҵан" ("На дне") шьахәла ианыԥшуеит ауаҩԥсы иӡыргара, иркәаҳахьоу, изхысхьоу, иатәарымбо ауаа шуаау, урҭ рыӡбахә нбан дула ишҳәалатәу. Уи адунеи асценақәа зегьы ирхысхьеит, ҳара ҳҟынгьы зны иқәыргылан", - ҳәа азгәеиҭоит ашәҟәыҩҩы Мушьни Лашәриа.

Максим Горки Урыстәыла аҩнуҵҟеиԥш, акыр дныҟәахьан аҳәаанырцәгьы, хынтә ҳтәыла даҭаахьан. 1892 шықәса рзы Аԥсны даныҟаз иаԥиҵоит хашҭра зқәым ажәабжь "Ауаҩы иира".

"Новоросииски Баҭыми рыбжьара амҩа зыргылоз аусуҩцәа дрыланы аус иуан Горкигьы. Аӡҩыбжьа ақыҭаҿы аихамҩа аганахьала амҩадуқәа рыҟаҵара иаҿын ахацәеи аҳәсеи. Убарҭ рыбжьара ԥҳәыск адәны, абнаҿы ахшараура иақәылкит, дгәаҟуа далагеит. Иара абри ахҭыс хҭыгәлаҩыс даиуит, длыцхраауеит, еилиргоит. Орловтәи асаби ибжьы абра Аԥсны иқәыҩуеит. Ауаҩы иира, изҳара, адунеи аҿы ԥшәымас иҟазаара абарҭқәа ирыԥшьны даараӡа акрызҵазкуа жәабжьы иҩит", - иҳәеит Лашәриа.

30-тәи ашықәсқәа раан Аԥсны аргыларақәа анцоз, Аӡҩыбжьа, иара убри аҭыԥан ахшараиурҭа ҟарҵеит иара ихьӡ зхыз. Ааигәанӡа иҟан, аибашьра иалаӡит, ахыбаҩқәа гылоуп уажәазы.

"Максим Горки Аԥсны даныҟаз, данаауаз Нестор Лакобеи Самсон Ҷанбеи иареи еиԥылеит. Аҟәа амаамынқәа рыҩны ҿыц ашьапы анакуаз убри ацентргьы дганы идырбеит. Аҟәа дналсны Очамчыра акыр дагәылаԥшит, даара пату иқәырҵеит, ашәаҳәарақәа, акәашарақәа идырбеит. Нас убарҭ ирызкны агәалашәарақәа иҩуеит, иааишьҭыз шәҟәык аҿы 30-тәи ашықәсқәа раан ианын ажәларқәа рҳәамҭақәа шеизгалатәу, ажәлар рышәаҳәарақәеи рыкәашарақәеи ҳасаб шырзулатәу, ишырӡтәым", - ҳәа дазааҭгылоит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциаициа ахантәаҩы Мушьни Лашәриа.

Максим Горки ииҳәаз даара аус ауит, усҟантәи аамҭазы Аԥсны ахаҵгыларагьы аиуит, ажәлар рҳәамҭақәа реизгара иаҿыз агәаҳәара рнаҭеит, аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа зҳәазеиԥш аԥсуа литература, афольклор еиҳа ианыԥшит, анырра ду анаҭеит.

"Иҟан аамҭақәак, афольклор ианагәҭасуаз, ажәытәра иагаз ҳәа Иуа Коӷониа иҩымҭақәагьы "ари ҳхаԥыц аҿеит, ажәытә аамҭа иахҳәаауп, ажәытәра иагеит" ҳәа ианҭырмыжьуаз, ианааныркылақәоз ыҟан иара данԥсы ашьҭахьгьы. Максим Горки ииҳәаз абраҟагы абри аусгьы иахәеит, Коӷониа иҩымҭақәагьы ҭыҵит, абӷа, амҩа роуит. Нас иажәабжь кьаҿқәа азырхианы иҭрыжьит аԥсышәала хаз шәҟәны. Горки ихьӡ акыраамҭа арҵарҩаратә институт иахын, убас еиԥш изыхқәаз ыҟан. Аха Асовет аамҭа ашьҭахь еиҳа идыркьаҿқәеит, даҽа хьыӡқәак рыла иԥсахын", - ҳәа азгәеиҭоит ашәҟәыҩҩы.

Городская больница им. Остроумова. - Sputnik Аҧсны
Остроумов и-Аҟәа

Мушьни Лашәриа излеиҳәо ала, Максим Горки уаниԥхьо, ишәҟәқәа анаашьҭухуа аамҭазы агәаҳәара ду уоуеит, ажәа закәу, ажәа ҵакыс иамоу, ашәҟәыҩҩра закәу, уи иаҵанакуа уеилдыркаауеит.

"Горки жәлара ирылиааз уаҩын, иифоз-иижәуаз имаӡамкәа данмаҷыз инаркны Урыстәыла далан. Урҭқәа ирызкны ԥсра зқәым аҩымҭақәа аԥиҵахьеит. Ихәыҷра, иеизҳазыӷьара ирызку иповестқәа адунеи зегь аҿы еицырдыруеит, иахьагьы, ҳәарас иаҭахузеи, иагәҭасны иҟаӡам, Москватәи аусҳәарҭа дуқәа, иаҳҳәап, Москватәи Адунеитә литература маҷымкәа аԥсуа аҵарауаа, аспирантцәа зылгахьоу убри Максим Горки ихьӡ ахуп. "Твертәи амҩаду" ҳәа изҿу Москва иагәылсны ицо иреиҳаӡоу амҩаду аҿы ибаҟа гылоуп", - ҳәа азгәеиҭоит апоет.

Иара убас, Белоруссиатәи авокзал аҿы Максим Горки ибаҟа ашьақәыргылара шыҟалаз атәы ҳзеиҭеиҳәеит ашәҟәыҩҩы.

"Максим Горки Италиа дыҟан акыраамҭа. Урыстәылаҟа данаа, ажәлар убраҟа Белоруссиатәи авокзал аҿы иԥылеит. Акыраамҭа ибаҟа ықәхны иҟан, аҭыӡшәақәагьы ацын, иқәдыргыло иқәдмыргыло еилкаамызт. Алибералцәа ирҭахымызт, аха уи ахьгылаз аҭыԥ аҟны еиҳагьы еиӷьны иқәдыргылеит анаҩс. Ибаҟа ианыԥшуеит алаба зку ауаҩы ҳаракы, зхы ҩаханы игылоу ауаҩԥсы ихаҿсахьа. Аус злоу абаҩхатәроуп, аполитика акәӡам, абаҩхатәра, ажәа сахьарк аиааира агоит", - ҳәа азгәеиҭоит Мушьни Лашәриа.

Максим Горки ишедеврқәа рыла ихьӡ иахьагьы уаҵәгьы адунеи аҿгьы ҳара ҳҿгьы иҟазаауа шәҟәыҩҩны даанхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0