Аԥсны

Апроза, апоезиа, аиҭагақәа: Ажурнал "Алашара" ахәбатәи аномер ахҳәаа

Ажуранал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа иахьа иҳадигалоит ажурнал ахәбатәи аномер ахҳәаа.
Sputnik
Ажурнал "Алашара" 5-тәи аномер аатуеит ашәҟәыҩҩы, адраматург Анзор Мықәба ироман ҿыц "Ачамҳа ду аҵаҟа" захьӡу ала. Алагарҭа ануп ажурнал "Алашара" аԥшьбатәи аномер. Ароман азкуп ҳажәлар ирхыргаз атрагедиа дуӡӡа - амҳаџьырра. Ҳгәы иаанагоит ҳаԥхьаҩцәа ари аҩымҭа даара игәцаракны иаԥхьап ҳәа. Арҿиамҭаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы автор Ҭырқәтәыла акырынтә дцаны иҭиҵааз ҭоурыхқәоуп, убри азы мацарагьы хымԥада аԥхьара иаԥсоуп.
Апоезиа аҟәшаҿы иажәеинраала ҿыцқәа ануп апоет, аҵарауаҩ қәыԥш Џьамбул Инџьгиа. Урҭ ажәеинраалақәа иаабац поезиатә формала иҩӡам, рхы иақәиҭны, хԥа-хԥа, ԥшьба-ԥшьба цәаҳәа рыла еиқәыршәоуп, аепон поезиа астиль еиҳа иазааигәоуп. Иаагап урҭ рҟынтәи жәеинраалақәак:
Адгьыл ауаз
Аҵла ианырит…
Абӷьы ҟаҧшь – аҵыхәтәантәи амҩа.
***
Акасыш иларшәуп
ҭагалан алабжыш – абӷьы…
Аамҭа акәа – хьаак ҭаршәуп.
***
Ааԥын амаӡа – гәылшәеит
амахә
ашәҭқәа хнатит.
***
Ааԥын иацәиӡахьаз
Ашәҭ
Лааԥынра иашәҭны илзынхон.
Адунеитә литератураҿы зегьы реиҳа еицырдыруа жәеинрааланы ирыԥхьаӡоит Александр Сергеи-иԥа Пушкин иажәеинраала "Аӡын хәылбыҽха". Убри азоуп шамахак абызшәақәа зегьы рахь изеиҭаргахьоу апоетцәа. Ҳара ҳлитератураҿгьы ҳпоетцәа аӡәырҩы еиҭаргахьеит ари ажәеинраала ссир. Урҭ иреиуоуп: Дырмит Гәлиа, Ҷиҷико Џьонуа, Владимир Аҵнариа, Мушьни Лашәриа, Вальери Касланӡиа.
Аԥсны
Ароман ҿыци аиҿцәажәарақәеи: "Алашара" аԥшьбатәи аномер ҭыҵит
Урҭ аиҭагақәа ирхагылоу астатиа кьаҿ аҿы ҳаԥхьоит:
"Иҟалап, ари акьыԥхьымҭа ала, алитературатә шедеврқәа аԥсшәахь реиҭагара аус амца аҵаҳҵар ҳҭахызар… Иара убасгьы, иарбан бызшәазаалакгьы излаҩу, аԥсышәала ацәажәара зҭахым, излымшо ҩымҭакгьы аԥсабараҿы ишыҟам ҳҳәарц ҳҭахызар ҟалап… Даҽакгьы. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, аиҭагаҩцәа, иахьа уажәраанӡа баҩхатәрала аԥсышәала идырцәажәахьоу аҩымҭақәа, шамахамзар зегьы, ҟазаратә хаҭабзиарала аоригинал иаҟарамзаргьы, акалагьы иаҵахом ҳәа агәаанагара узцәырыргоит. Ус иҟоуп ҳхатәыбызшәа хазына алшарақәа, ус иҟоуп ҳарҿиаҩцәа хьӡырҳәагақәа рҟыбаҩ. Абар, уи ус шакәу зырҵабыргуа – аҩымҭа ссир аиҭагамҭа хазынақәа".
Абраҟа иацысҵар сҭахуп сара схатә гәаанагарак.
Сара сыхәҭаахь ала, урҭ аиҭагақәа зегьы ираԥнагоушәа збоит ҳхәыҷаас алитературатә хрестоматиақәа ирну, шамахак зегьы ҿырҳәала иаадыруа апоет Ҷиҷико Џьонуа еиҭагамҭа авариант. Абраҟа иаагап исҳәо зыршаҳаҭуа уи аиҭага ссир ахәҭак:
Аӡын хәылбыҽха
Асыҭәҳәа еимаҩны жәҩан аҷыҩуеит,
Анаатә ҩынтуеит цәқәырԥаҵас,
Зны гыгшәыгҵас иҟыуҵәыуеит,
Зных икьаасуеит уи хәыҷҵас!
Зны аҩныжә ахыб иахыҩуеит,
Ачаз хәархәаруеит, хыла инас,
Зных, абан, ахышә иазыҩуеит,
Амҩа иқәхаз ҽыуаҩҵас.
Иажәит, иабаҟаз, ҳара ҳқәацәажә,
Қьамҭак иеиԥшуп, илашьцоуп,
Избан, ибыхьзеи сара сҭакәажә,
Ахышәаҿ бхырқәақәа бтәоуп?
Аурҭ ауубжьы бхы ҭнаҟьама,
Сҩыза, бкарахеит цәгьаӡа,
Мамзар бхахатә бгәы ԥнаҵәама,
Бдырды шбыргьежьуаз зынӡа?
Ишыжәдыруа еиԥш, сынтәа, раԥхьаӡатәи Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса ҵуеит. Ари аиубилеи ду аҳаҭыраз ажурнал "Алашара" сынтәа акьыԥхьра иаҿуп ҳпоет ду изку арҿиамҭақәа рацәаӡаны. Абри аномер аҿы Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабы иҳадигалеит "Амцажәла ҿыцәаара анақәым" захьӡу апоет иԥсҭазаареи ирҿиареи зегьы харҭәааны иузырбо аусумҭа бзиа. Аҩымҭаҿы ҳаԥхьоит:
Ҳаԥсеиқәырхаҩ, ҳаԥсҿыхҩы: Қәарсаииа Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса ихыҵразы лыҿцәажәара
"Инамҩатәны иазгәаҭатәуп, иахьа уажәраанӡагьы инхарҭәааны ишыҭҵаам Дырмит Гәлиа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи, еиҳаракгьы ареволиуциа ҟалаанӡатәи ашықәсқәа. Узаҩсуам иара убас Урыс Гәлиа ихаҭара. Усҟантәи аамҭала уахәаԥшуазар, аԥсуа нхаҩы доуҳала дхәыдам, агәаӷьра ду илоуп, имилаҭ хдырра ҳаракуп. Арҭ зегьы ааԥшуеит уи атәым дгьыл аҟны аҟазаара анышәашьа шимамыз, насгьы иԥсадгьыли иаԥсуареи зегьы иреиҳаны дшахәаԥшуаз уҳәа рыла. Ега рыцҳара дрықәшәазаргьы, аамҭа цәгьа ацәқәырԥақәа иҽрымҭакәа ихьышьҭрахь агьежьра илиршоит. Уи ихаҿсахьа иҿырԥшыгоу ируакуп ҳажәлар рԥеиҧш азықәԥараҿы. Урыс ихаҭара макьанагьы иахьынӡахәҭоу иӡыргамкәа иаанхозаргьы, ихаҿсахьа иаҳа-иаҳа аҽгәылнарҭәаауан Аԥсныҟа даныхынҳә инаркны иҭаацәеи иареи рдац-ԥашә амырӡразы, ааԥсарак, гәкажьра ҟамҵакәа илиршақәаз ангәааугӡауа. Уи маха-шьахалагьы, гәамчлагьы дыӷәӷәан, згәи зшьамхи еибагоз хаҵан. Еиҿирцаақәоз рыла еилыхха иубарҭоуп агәеилгара шилаз, дшеилҟьаз, ауадаҩра дшацәхьамҵуаз, идгьыл гәакьа дыӷәӷәаӡа дықәгылазар шиҭахыз".
Ажурнал иану иналукааша аҩымҭақәа рыӡбахә анаҳҳәо, хымԥада ҳазааҭгылар ахәҭоуп ажурналист-апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа ҳсахьаҭыхҩы бзиа Нугзар Логәуа изылкыз инеиҵыху астатиа. Араҟа иаарыԥшуп Нугзар Логәуа сахьаҭыхҩык, хәыцҩык, патриотк иаҳасабала шаҟа дыҭбаау, шаҟа дҵаулоу. Абар, Екатерина Бебиаԥҳа урҭ реиҿцәажәара шаалрыԥшуа:
"– Схәыҷра шықәсқәа раантәи сусумҭақәа сара ирылыскаауеит Камаҷыҷ Ҭаҭласҭан данылшьуазтәи ахҭыс аазырԥшуа сҭыхымҭа, – иҳәеит Нугзар раԥхьатәи ҳаиҿцәажәараан. – Абри аҟара афырԥҳәызбара зылзыршаз аԥсуа ԥҳәызба лхаҿсахьа аҩымҭа санаԥхьа нахыс сцәасжьы иалалеит, сартәомызт, сарцәомызт. Убри ақьаад аҟны иназгаанӡа ԥсгаха сымамызт. Убри аҟара иснырит…
– Сара насыԥ дуӡӡан исыԥхьаӡоит Аҟәатәи асахьаҭыхратә аучилишье санҭалаз ашықәсан Қарҭ асахьаҭыхратә академиа иалган иааз Сергеи Ҵәыџьба напхгара зиҭоз акурс сахьақәшәаз, – игәалашәарақәа ирыциҵон Нугзар. – Асахьаҭыхра агәаҳәара сыман, бзиа избон, аха аучилишье сҭалаанӡа уи закәыз цқьа исыздыруамызт. Сергеи Акәын-иԥа иаҳа-иаҳа салеихалон ари аҟазара, исирдыруан уи амаӡақәа. Мызқәак рыла избеит уи шаҟа ицәгьаз, шаҟа иуадаҩыз, амч-алша, абаҩхатәра, адырра уҳәа акырӡа шаҭахыз...
Иҵабыргны, асахьаҭыхра аформа иадҳәалан, акомпозициа шышьақәыргылатәу уҳәа Сергеи Нугзар усҟан изеиҭаиҳәақәаз адунеихаан ихамышҭуа игәаҵаҿ рҭыҧ ааныркылеит, иҧсҭазаараҿ лашарак изаадыртит.
Иара убас, Нугзар усҟан иҵараҿы, иусураҿы дыцхырааҩны диоуит курсла еиҳаны итәаз Амиран Адлеибагьы".
Аԥсны
Ҳбызшәеи ҳҟазареи ҳмалқәа зегьы иреиҳауп: асахьаҭыхҩы Нугзар Лагәуа иҿцәажәара - I ахәҭа
"Аиҭага ҿыцқәа" рыҟәшаҿы ажурнал абри аномер аҟны иануп ажурналист Ибрагим Ҷкадуа иажәабжь "Ишьхныԥсылаз ампыл" аԥсшәахь еиҭаганы. Уи ҟазарыла еиҭалгеит Ельеонора Коӷониаԥҳа.
"Аиҿцәажәара" арубрикаҿы араҟа ҳаԥхьаҩ иԥылоит апоет-академик Валентин Кәаӷәаниеи аҵарауаа қәыԥшцәа Саида Ҳаџьымԥҳаи Наала Барцыцԥҳаи реиҿцәажәара. Аиашаз, ари аиҿцәажәара даара уаҩы дагәыланахалоит, даднаԥхьалоит, даара гәаартыла еиҿцәажәоит еиуеиԥшым абиԥарақәа иртәу аколлегацәа. Иаагап реиҿцәажәара ахәҭа хәыҷык уи ус шакәу узырбо:
"Шәара шәаҳәшьцәа, ҟазшьала, адисциплина ақәныҟәарала аӡәгьы шәиеиԥшмызт рҳәоит. Убри аганахьала еиҳа шәзеиԥшыда? Шәаб дзеиԥшрааз ҟазшьала?
Елеонора лоуп ҟазшьала зегь реиҳа саб иеиԥшу. Лара баҩхатәралагьы ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи дҳаиҳаны дызбоит сара.
Саб деизарауаҩын. Аколхоз анапхгараҿы аус иуан. Даара илеишәа бааԥсын, дыџьбаран. Ихшыҩгьы цҳафыруан, ииҳәаз ԥхылнадон. "Ишԥаҟаҳҵари?" ҳәа идгылон агәыла-азла. Ақыҭаҿы иашьас дҟазҵаз аӡәым-ҩыџьам. Уи аҩыза аҟазшьа змоу ауаҩы ивагылара акыр иаԥсаны ирбозар акәхарын.
Сара баҩхатәра дук сыланы избом. Акызаҵәык, ахы аус адулара, ахџьабаарбара – убри сылоуп, убри зегьы ирыцкны избоит аԥсҭазаараҿы. Ауаҩы, жәапроцентк ирыдамзаргьы, џьара ҟыбаҩ кәицк илазар, ихы аус изадулар, дхысны дцеит ҳәа сыԥхьаӡоит. Еиҭасҳәахуеит, сара сахьынӡааихьоу иҟасҵаз хәыҷмыҷқәак исылзыршаз ҳәа сызхәаԥшуа, извызбо аџьабаауп, еиҭах аџьабаа. Аџьабаа убар, акырџьара уханагалоит, уахьақәымгәыӷуагьы.
Аҩны аџьабаа жәбозма?
Амарксистцәа ус рҳәон, ашкол аҿгьы иаҳдырҵон, "труд создал человека, развил его мышление и речь" ҳәа. Ус иагьыҟоуп иара. Махәҿала аусуроуп са сзааӡаз. Асовет мчра иацын аџьахаџьафара, ҳабацәа аколхоз аҿы иҵакын уҳәар ҟалоит. Убри ацәқәырԥа саргьы исыхьӡеит. Ақыҭаҿы арашәара, алаҵара, аҭаҭын, ачаи – ахәмарха аамҭа ҳамамызт, аха убарҭ аусхкқәа ракәымзар, исылааӡахомызт ахџьабаарбара. Москва аспирантурахь сахьцаз сеиқәзырхаз убри ауп.
Аколхоз аҿы, ачаихыхраҿы, уажәы ихырҽхәарамхааит, аха "астахановец" ҳәа рҳәо аҟынӡа схандеиуан, шә-кьылак рҟынӡа анҿысхуаз убарын. Исывагылан сҿыхшьа гәарҭон џьоукы-џьоук. Амала абри аҭаҭынҿыхра, аҭаҭынҷаҷра уамакала исҭахымызт, афҩы бааԥсын. Абри санбацәыбнало, санбацәцо ҳәа сыҟан".
"Ахчыԥсы жәлар рыхдырреи рцәажәашьеи ирызкны згәаҭарақәак" ахьӡуп "Аҭҵаарадырра" аҟәшаҿы иану аҵарауаҩ Алина Ачаԥҳа лыҭҵаамҭа. Араҟа автор иазгәалҭоит:
"ХlХ ашәышықәса алагамҭазы Кавказ иқәынхоз аԥсуа жәларшьҭрақәа ага инаркны ашьханӡа инаӡон. Уи аамҭазы, ажәлар рҿы: "Ацгәы аҩны ахыб ишықәыз ага инаркны ашьханӡа инеиуан" ҳәа иалацәажәоит.
"Аибашьрақәеи ахҵәарақәеи уҳәа аԥсуаа зықәшәахьаз амыҟәмабарақәа ирыхҟьаны, рҳәаақәа егьа иласкьа-ҩаскьазаргьы, ХlХ ашәышықәса азыбжанынӡа, аӡиасқәа Ҟәбинеи Егри рыбжьара, агаҿа зегьы Аԥсны ахьӡ шахыц иахын, уи Аԥсны ду (Большая Абхазия) ҳәа иашьҭан (Гыцба 2002: 399).
Жәытәаахыс ашьхарахь инхоз аԥсуа хылҵшьҭрақәа, Кавказ акаҵәарақәа рыгәҭылакны нхыҵгьы-аахыҵгьы ахәадра иаҿатәан. Урҭ зегьы бызшәак еиднакылон, шьҭрала еизакын.
Аԥсны мраҭашәара аганахьала, аӡиас Ԥсоу инахыкны, Мзымҭеи Бзыԥи рхахьы, Амшын еиқәа аҟынтәи 550-600 метра аҳаракыраҿ инхон зхы иақәиҭыз аԥсуа жәларшьҭрақәа ргәыԥ аҳҷыԥсы жәлар.
Ҭоурыхла Аҳҷыԥсы Аԥсынтәыла иаҵанакуан. Аҳҷыԥсаа рцәажәашьа, аԥсуа бызшәа адиалектқәеи ацәажәашьақәеи ирыхәҭакуп. Урҭ рыԥсҭазаара гәыцәс иаман агәымшәара, ахаҵара, ахақәиҭра, абзиабара, ахьӡ-ахьымӡӷ, асасдкылара, агәыҭбаара."
Ажурнал "Алашара" ахәбатәи аномер еиуеиԥшым аҟәшақәа рҿы иануп иара убасгьы абарҭ авторцәа рырҿиамҭақәа: Апроза аҟәшаҿы- Платон Ҷкадуа, Иури Лакрба, Нонна Џьынџьалԥҳа, апоезиа аҟәшаҿы - Анатоли Лагәлаа, Валентин Сарокин, аҭҵаарадырреи апублицистикеи рыҟәшаҿы - Руслан Қапба, Диана Џьынџьалԥҳа, Инал Гыцба.
Ажурнал "Алашара" 5-тәи аномер иаарласны Аԥсны араионқәа зегьы рҿы инагахоит.