Ҳаԥсеиқәырхаҩ, ҳаԥсҿыхҩы: Қәарсаииа Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса ихыҵразы лыҿцәажәара

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа Дом музей Дмитрия Гулия
Дом музей Дмитрия Гулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса ихыҵра аламҭалазы ажурнал "Алашара" аредактор Анатоли Лагәлаа длыҿцәажәеит Гәлиа иҩны-музеи аиҳабы Светлана Қәарсаииаԥҳа.
- Светлана, ибыдысныҳәалоит иахьатәи ҳаԥсуа жәлар рныҳәа ду! Ҳмилаҭ жәларык раҳасабала рыхьӡ адунеи иахзырҵәаз Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса ҵит! Ари аныҳәа ду Аԥсны ахы-аҵыхәа ҳажәлар иазгәарҭалоит ҳазҭагылоу ашықәс нҵәаанӡа… Шәара, Дырмит Гәлиа иҩны-амузеиаа шәзы ари аныҳәа алагоит есышьыжь, есҽны. Арҭ амшқәа рзы шәара шәахь имҩахыҵуа рацәаҩуп, ҳрылацәажәап сынтәатәи ашықәсаз имҩаԥыжәгаран иҟоу аусқәа.
- Иҭабуп, Анатоли. Ахацыркҩы ду, аԥсуа милаҭтә литература ашьаҭаркҩы, арккаҩы, ааӡаҩ, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра, ииашаҵәҟьаны, аԥсуа жәлар зегьы рзы имилаҭтә ныҳәоуп. Ишыжәдыруа еиԥш, Дырмит Гәлиа дгылан аԥсуа милаҭтә доуҳатә культура еиуеиԥшым амахәҭақәа рхыҵхырҭаҿы. Ахаҿы аагара уадаҩуп аӡәы имацара илиршаз, дзыхьӡаз, иҟаиҵаз аусқәа рымҽхак. Иахьа Дырмит Гәлиа иӡбахә анаҳҳәо, иаҳгәалаҳаршәоит уи еиқәиршәаз аԥсуа нбан, авторс дызмаз Аԥсны аҭоурых, раԥхьатәи асахьаркыратә шәҟәы, раԥхьатәи ажәабжь, раԥхьатәи аԥсуа роман, ҳмилаҭтә театр ашьақәгылара, аԥсуа газеҭ "Аԥсны" раԥхьаӡа аҭыжьра, аҭҵаарадырра ашьаҭаркра уҳәа зегьы рҿы мҽхакы ҭбаала илагала. Иџьоушьаша, Дырмит Гәлиа иажәеинраалақәеи шәышықәса уажәаԥхьа иҭыҵуаз агазеҭ "Аԥсны" ианылоз истатиақәа реиҳараки уанрыԥхьо, урҭ иахьатәи амш азы иҩушәа ауп ишыҟоу. Ԥсра зқәым аклассикатә рҿиамҭақәа ишырқәашьу еиԥш, иарбан аамҭазаалак ирышьашәалоуп, ауаҩы ианаҳәо, дзызнархәыцуа рацәаӡоуп.
"Бзазара имоуп згәы иҭоу зегь зҿы иззарҳәауа,
Зҿы иҭыҵуа ырҧшӡаны, ирҟәышганы изызҳәауа,
Дгыларада, цәшәарада, дасу рыграқәа дзырбауа,
Аиашахь дгыланы, ахәахәа иацәзыршәауа", - ҳәа иҩуан апоет.
Иара ихаҭагьы иԥсҭазаара зегьы убас ауп ишымҩаԥигаз – ааԥсарак ҟамҵакәа, ажәлар аҵара лашарахь ркылгара, иара убри алагьы милаҭк, жәларык раҳасабала рыхьчара, адунеи ажәларқәа рыларгылара – иԥшьоу хықәкны иҟаҵаны. Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра аныҳәа амҽхак ахьынӡаҭбаау азгәаҭаны, 2024 шықәса зегьы Дырмит Гәлиа ишықәсаны ирылаҳәоуп. Ҳәарада, уи ашықәс иҭагӡаны, иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа даара ирацәоуп. Иахьазы ҳара зегь реиҳа ҳҽыззаҳшәо, иахьеи-уахеи аус здаауло - урҭ аусқәа арккаҩы ду игәалашәара аҿаԥхьа ҳаԥхамшьартә еиԥш, уи ихьӡ иақәнаго рынагӡароуп. Дырмит Гәлиа ишықәс анаҳҳәа, уи иаанаго – ашықәс зегьы абри арыцхә иадҳәалоу хырхарҭала еиуеиԥшым аныҳәатә усқәа мҩаԥыргалоит ауп иаанаго. Убри азы ашықәс нҵәаанӡа ҳтәылаҿы иазԥхьагәаҭоуп имаҷымкәа аусмҩаԥгатәқәа. Аха Д.И. Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аҿы ари аныҳәа хацыркхоит арккаҩы даниз амш аҽны – жәабран 21. Уи аҽны, традициала ишаԥу еиԥш, Дырмит Гәлиа ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа анышьҭаҳҵалак ашьҭахь, ҳарккаҩы имшира ныҳәаҵас иазгәазҭо ҳџьынџьуаа аҭаауеит уи иԥсҭазаара аӷьырак ахьихигаз, ихшара ахьиааӡаз, ирҿиамҭақәа реиҳарак ахьаԥиҵаз, насыԥ ахьимаз, зны дахьгәырӷьоз, даҽазынгьы дахьыгәырҩоз, проблема шәкы-зқьы ахьиӡбоз, уахи-ҽни ааԥсарак ҟамҵакәа ижәлар рзы аус ахьиуаз – 50 шықәса раахыс илитературатә-мемориалтә музеины иҟоу апоет иҩны гәакьа. Есышықәса ари амш азы арахь имҩахыҵуеит ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, атеатр, асахьаҭыхра, амузыка уҳәа еиуеиԥшым аҟазара хкқәа знапы рылаку арҿиаҩцәа, арҵаҩцәа, ашколхәыҷқәа, астудентцәа, иара убас Дырмит Гәлиа игәалашәара еснагь иазҿлымҳау ҳџьынџьуаа.
© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аусзуҩцәа
Дом музей Дмитрия Гулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2024
Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аусзуҩцәа
Ҳара ҳмузеи рацәак ишдуумгьы, ауаа ахьеизо ҳәа иҳамоу азал акыр ишыҭшәоугьы, ари аҽны уи иаднакылоит имаҷымкәа асасцәа. Агәра ганы сыҟоуп аиубилеи аҽны урҭ рхыԥхьаӡара еиҳагьы ишеиҳахо ала. Аныҳәамш аламҭалазы, жәабранмза зегьы есҽны амузеи иаҭаауа ашколхәыҷқәа рхыԥхьаӡара, урҭ иаадырԥшуа азҿлымҳара, ииашаны, ҳгәы даара иаздырҳауеит.
Сынтәа есҽны зхыԥхьаӡара иазҳауа аекскурсиақәеи, Аԥсны ашколхәыҷқәа школа-школалеи класс-класслеи амузеи аҿы еиҿыркаауа аекскурсиақәеи, аныҳәатә қәгыларақәеи, Д.Гәлиа иҩымҭақәа рыԥхьареи ирҷыдангьы, иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп амузеи азал аҿы ашәҟәыҩҩцәеи, аҵарауааи, аҿарацәеи алархәны, Д.Гәлиа иԥсҭазаареи ирҿиареи ирызкны макьаназы цқьа иҭҵаам аганқәа ирызкны ақәгыларақәа. Иара убас, сынтәа 50 шықәса зхыҵуа Дырмит Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи еиԥш иҟоу, аԥсуа доуҳатә хәышҭаарақәа реиқәырхареи урҭ наҟ-наҟ реизырҳареи ирыдҳәалоу апроблемақәа ирызку ацәажәара амҩаԥгара. Насгьы, ахәылԥаз аҿы иҟалап ҳәа агәыӷра ҳамоуп ҳашәҟәыҩҩцәа рҿиарала реиндаҭларагьы – ҳахәылԥазқәа рҿы еснагь ишаԥу еиԥш, аҭыԥ роуп ҳәа ажәеинраалақәеи аиҭагақәеи рыԥхьара, апарадио ҿыцқәа рцәыргара.
© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааДом музей Дмитрия Гулия
Дом музей Дмитрия Гулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2024
Дом музей Дмитрия Гулия
- Амузеи аҩнуҵҟа иҟоуп иахьауажәраанӡа ирзымыӡбац апроблемақәа маҷымкәа. Урҭ зегьы шәара амузеи аусзуҩцәа шәгәы ишыҵхо даҽаӡәы игәы иҵхаӡом. Сара акырынтә сақәшәахьеит аиҳабыра рҿаԥхьа ԥсыхәа змам апроблемақәа шәанрылацәажәо. Ҳаӷеимҽхара, ианаамҭаз ирзышьақәмыргылаз Асахьаҭыхратә галереиа алахьынҵа зегьы ҳаблит, шьҭарнахыс уи аҩыза аус ҳҟәыблаазароуп. Сара излаздыруа ала, шәзықәдыргәыӷыз рацәоуп, напгьы адыркып ҳәа ҳгәы иаанагоит.
- Ааигәа ҳкультуратә ԥсҭазаараҿы иҟалаз атрагедиа, ҳмилаҭтә ҟазара иаиуз ааха ду згәы знамырхьыз ҳәа аӡәы дыҟоуп ҳәа сгәы иаанагом… Хнырҳәышьа змам цәыӡ дууп Ҳмилаҭтә галереиа асахьаҭыхымҭақәа рбылра… Уи иазкны иҟалаз аныҟала ашьҭахь убриаҟара рҳәахьеит… Аҵыхәтәантәи аамҭазы амузеи аиҭашьақәыргылара атема убасҟак лассы-лассы ҳалацәажәоит, уажәшьҭа уи аганахьала иҿыцу ҳәа акгьы сзымҳәозар акәхап… Аха уи иаанаго, уажәшьҭа сацәымшәо исҳәар ҟалоит аус хацыркуп ҳәа! Д.И. Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аиҭарҿыцра, хәҭакахьала, нап аркын 2022 шықәсазы. Усҟан аремонт рызун актәи аихагылаҿы иҟоу афбатәи аекспозициатә зали, акоридори, аусзуҩцәа руада хәыҷи. Иара убас иҿыцны ишьақәыргылан актәи аихагылаҿы хаз иҟоу даҽа ҩ-уадакгьы. Сынтәа иазԥхьагәаҭоуп аҩбатәи аихагыла, амемориалтә хәҭагьы (Д.И. Гәлиа икабинет) уахь иналаҵаны реиҭашьақәыргылара, афымца мҩангагақәа зегьы ҳаамҭа ишашьашәалоу ала рыԥсахра, абылрацәыхьчаратә система аиҭашьақәыргылара, аԥхарра анагара уҳәа реиԥш иҟоу, акрызҵазкуа аусмҩаԥгатәқәа ралыршара. Урҭ аусқәа зегьы ишәоуп-изоуп, рыҟаҵаразы иаҭаху ахарџьынҵа азԥхьагәаҭоуп, ари ашықәс азы ихацыркхоит. Ҳазлацәажәо аусқәа рыҟаҵара заҟа уадаҩра ацу, заҟа харџьгьы аҭаху ибзианы еилаҳкаауеит ҳара, акыр шықәса уи аҟаҵара иашьҭаз амузеи аусзуҩцәа, аха даара ҳақәгәыӷуеит уажәшьҭа мҩабжара инымхап ҳәа, избанзар, иаабоит аиҳабыра рҟынтәи ари аус ахаҵгылара бзиа шамоу. Агәра ганы ҳаҟоуп Д. Гәлиа иҩны-амузеи еиԥш иҟоу амилаҭтә хәышҭаарақәа реиқәырхареи реизырҳареи аԥсуа жәлар рдоуҳатә рҭоурых азы иаҵанакуа зегьы ибзиаӡаны еилыркаауеит ҳәа.
© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи - Sputnik Аҧсны
1/3

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Дырмит Гәлиа, Баграт Шьынқәба, Иван Папасқьыр. 1957ш.

Дырмит Гәлиа, Баграт Шьынқәба, Иван Папасқьыр. 1957ш. - Sputnik Аҧсны
2/3

Дырмит Гәлиа, Баграт Шьынқәба, Иван Папасқьыр. 1957ш.

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи - Sputnik Аҧсны
3/3

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи

1/3

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи

2/3

Дырмит Гәлиа, Баграт Шьынқәба, Иван Папасқьыр. 1957ш.

3/3

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи

- Ԥшӡала, Д. Гәлиа иҩны-музеи аремонт ҟаҵаны ианалгалак, иахьа литературатә музеик злаҳамам ала, аамҭала акәзаргьы, даара ибзиахоит ҳәа сгәы иаанагоит, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рнапҩымҭақәа рыҵәахразы шәара шәахь инаргар урҭ рҭаацәа. Избанзар, урҭ ҭызҵаауа, ҳаԥхьаҟа аус рыдызуларан иҟоу ҳҵарауаа рзы даара иманшәалахон уи аус.
- Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рнапҩымҭақәа Д.И.Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи ашҟа рнагара, рыҵәахра аханатә инаркынгьы иаҿын. Ҳара иҳамоуп амузеи аҿы имаҷымкәа ҳашәҟәыҩҩцәа, еиҳаракгьы ҳаклассикцәа рнапҩырақәа. Иҳамоуп урҭ зегьы дасу хаз-хазы рнысымҩа, рырҿиаратә биографиа уҳәа еизганы иахьыҵәаху апапкақәа, амузеи абиблиотекаҿы иҟоуп рҩымҭақәа. Ииашоуп, аҭыԥ ҳацәмаҷуп, аха ҳашәҟәыҩҩцәа рырҿиаратә ҭынха аизгара ишрылшо ала иаҿуп амузеи аусзуҩцәа. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, ҿырԥшыс иаагозар, 2021 шықәсазы еицырдыруа ҳашәҟәыҩҩы Ҷыҷыкәа Џьонуа иҭаацәа ҳамҭас амузеи иарҭеит уи ирҿиаратә ҭынха, иара убас аус здиулоз истол, икьыԥхьга машьына, хыԥхьаӡара рацәала ишәҟәқәеи, иусумҭақәеи, инапҩырақәеи. Д.Гәлиа имузеи аҿы иҵәахуп, иаҳҳәозар, Миха Лакрба ирҿиаратә ҭынхагьы, вариант рацәала ипиесақәа, исалам шәҟәқәа. Уи асовет аамҭазы иԥшәма ԥҳәыс амузеи ҳамҭас иалҭеит. Ирацәоуп иара убас амузеи аҿы иҵәаху ҳашәҟәыҩҩцәа рлитературатә ҭынхақәа, рнапҩырақәа. Алитератураҭҵааҩцәа урҭ зегьы аус рыдуларазы алшара рымоуп. Насгьы ари амузеи аҿы иҵәахуп ҳпатриарх иԥа, еицырдыруа асовет шәҟәыҩҩы Гьаргь Гәлиа илитературатә ҭынха аӷьыраки, иахьа уажәраанӡа акьыԥхь зымбац ипиесақәеи, инапҩырақәеи. Урҭ сара хаҭала аус рыдызулон шықәсқәак раԥхьа.
Д.Гәлиа илитературатә музеи аусураҿы, аҭынха аиқәырхареи, ахьчареи, аларҵәареи инарҷыдангьы, акрызҵазкуа хырхарҭаны иҟоуп аҭҵаарадырратә усура. Макьана ирацәоуп ишахәҭоу еиԥш иҭҵаамкәа амузеи аҿы иҵәаху аматериалқәа. Иара убас имаҷым ихарҭәааны аҭҵаара зҭаху, мамзаргьы ҿыц блала изхәаԥштәу Дырмит Гәлиа ихаҭареи, инысымҩеи, ирҿиаратә ԥсҭазаареи ирыдҳәалоу аматериалқәа. Аинтерес ҷыда аҵоуп Дырмит Гәлиа ихаҭареи ирҿиареи аԥсуа милаҭтә ҟазараҿы иҟарҵаз анырра ду аҭҵаарагьы. Ажәакала, алитератураҭҵааҩцәеи аҟазараҭҵааҩцәеи рзы аусутә даара ирацәоуп, убри азы амузеи ареконструкциа аныҟарҵалакь ашьҭахь аҭҵаарадырратә усурақәа рзы аҭагылазаашьа еиҳа иманшәалахап ҳәагьы агәыӷра ҳамоуп.
Аҳәатәи аҳәашьеи: Дырмит Гәлиа ифеномен иазкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2024
Арадио
Аҳәатәи аҳәашьеи: Дырмит Гәлиа ифеномен иазкны
- Сара издыруеит Дырмит Гәлиа иааиҩхьоу зегьы томрацәала рҭыжьра аҳәынҭқарра шадгылаз, урҭ быжь-томк рҟынӡа ҟалар ҟалап. Шәаргьы ааигәа ашәҟәы бзиаӡа ҭшәыжьит, Дырмит Гәлиа иҩны имҩахыҵхьаз аҳәаанырцәтәи ашәҟәыҩҩцәа дуӡӡақәа иҩны иаанрыжьыз адныҳәаларақәа, азеиӷьшьарақәа зну. Изусцәақәада урҭ, Дырмит Ду иашҭа игәырӷьаҵәа зшьапы ықәзыргылаз? Ԥыҭҩык рыӡбахә ҳабҳәар бзиан.
- ХХ-тәи ашәышықәсазы ҳтәылахь сасра ҳәа иаауаз зегьы - еицырдыруа аурыс шәҟәыҩҩцәеи апоетҵәеи, иара убас Асовет тәылеи аҳәаанырцәи рҿы идырыз ауаажәларратә усзуҩцәеи уҳәа аӡәырҩы, хымԥада, Аԥсны жәлар рпоет иҩны ашҟа имҩахыҵуан. Дырмит Гәлиа иҩны асасцәа рзы еснагь ашәқәа ҟьаҟьаӡа иаартын. Ари аҩны изныкымкәа иаҭаахьаз, итәахьаз-игылахьаз, апоет ду иҩызцәа еиҵбацәаны зхы зшьоз иреиуан адунеизегь аҿы ибзианы зыхьӡ наҩхьаз аурыс шәҟәыҩҩцәа:- Н.Тихонов, Е.Долматовски, Р.Гамзатов , Е.Евтушенко, Б.Ахмадулина, А.Дементиев, Ф. Искандер уҳәа ирацәаҩны. Еицырдыруа аурыс шәҟәыҩҩы Константин Симонов ихаҭа ишиҳәоз ала, Дырмит Гәлиеи уи иԥшәма ԥҳәыс Елена Андреи-иԥҳаи аныки-абыки реиԥш ибон, рԥа еиҳабы Гьаргь Гәлиа иашьак иеиԥш дизыҟан. К.Симонов иажәақәа рыла, Д.И.Гәлиа "баҩхатәра ҷыданы илан ауаа рыгәқәа иара ихаҭа ишҟа акәымкәа, дара бзиа ирбоз, рыԥсҭазаараҿы ихадоу, рыԥсы зызҭоу разхьарԥшра". Д.И.Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аеқспозициатә залқәа рҿы, ишыжәдыруа еиԥш, ицәыргоуп Дырмит Гәлиеи еицырдыруа аурыс шәҟәыҩҩцәеи реиҩызара атәы зҳәо имаҷымкәа афотоҭыхымҭақәеи, асалам шәҟәқәеи уҳәа егьырҭ аматериалқәеи. Амузеи анаартыз аҽны инаркны иаԥшьган амузеи иаҭаауаз асасцәа ргәаанагарақәа знырҵоз ашәҟәы. Ара иҟоуп адунеи аҿы еицырдыруа ауаа, Д.Гәлиа иҩны 50 шықәса рыҩнуҵҟа иаҭаауаз ауаа рақәҿыҭрақәа, ргәаҳәарақәа, рзеиӷьашьарақәа рацәаны. Аҭоурых ҵакы змоу ари ашәҟәы хазны аҭыжьра алҳаршеит 2019 шықәсазы, амобилтә еимадара "Аҟәафон" ацхыраарала. Иахьазы уи инагӡаны ихарҭәаахеит. Сынтәа, алшара ҳауазар, иаҳҭахуп уи ҿыц ихарҭәааны аиҭаҭыжьра. Иара убасгьы иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп Д.Гәлиа 150 шықәсазтәи ииубилеитә ныҳәамш инаркны иҿыцу "Ақәҿыҭратә шәҟәы" ахацыркра.
Инаԥшьԥҳа илҳәеит Дырмит Гәлиа ирҿиамҭақәа иахьагьы актуалра шрымоу
 - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2024
Аԥсны
Инаԥшьԥҳа дазааҭгылеит Дырмит Гәлиа ирҿиамҭақәа иахьагьы актуалра шрымоу
- Сара Дырмит Гәлиа ихьӡала еиҿкаау Аҳәынҭқаратә комиссиа аҿаԥхьа иҟасҵаз ажәалагалақәа ҩба ирыдгылеит, апоет ахәыҷқәа ирызку иажәеинраалақәа хазы шәҟәны, асахьа бзиақәа ацҵан аҭыжьреи, иара убасгьы, уи игәалашәарақәеи, иреиӷьӡоу иажәеинраалақәа рыхәҭаки аԥсышәалеи ҭырқәшәалеи шәҟәыкны разрыхиара. Урҭ аҭырқәшәахь реиҭагара даҿуп ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа р-Ассоциациа иалоу, апатриот ду - Октаи Чкотуа. Уи даара акраанагоит иахьа мшын нырцә инхо ҳауаажәлар зегьы рзы, избанзар, ҳара ҳныҳәа даргьы ирныҳәоуп. Убри аганахь ала, урҭ атомқәа иргәыламло, шәара аҭыжьра акразшәрыхиома сынтәа?
- Ишудыруа еиԥш, Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра инадҳәаланы иаԥҵоу Аҳәынҭқарратә комиссиа, амузеи еиҳабык лаҳасаб ала, саргьы салоуп. Уи ажәалагала иадгылазгьы среиуоуп. Аԥсны акультура аминистрреи ҳареи ҳаицҿакны уи акомиссиа ашҟа иҟаҳҵаз ҳажәалагалақәа руак азкын сынтәа ҳпатриарх ииубилеи инадҳәаланы, иалҳаршарц Ҭырқәтәыла ҳџьынџьуаа ахьынхо ақалақьқәа рҿы Дырмит Гәлиа имшқәа инарҭбааны рымҩаԥгара. Амузеи аҟынтәи иҳалшоит ҳџьынџьуаа рзы аинтерес зҵоу ацәыргақәҵа аиҿкаара. Аԥсуа ҩыратә ҭоурых хацзыркыз, дшыхәыҷӡаз амҳаџьырра зыхганы, зыԥсадгьыл ахь ахынҳәра зқәашьхаз ауаҩы инысымҩа шыҟоу ала, уи имшқәа ҳажәлар ахьынхо атәылаҿы рымҩаԥгара асимволтә ҵак ду амоуп ҳәа агәаанагара ҳамоуп. Д.И.Гәлиа иҩымҭақәа аҭырқәшәахь реиҭагара даара иус дууп, уи алзыршо ауаа иахьа иахьҳамоугьы, насыԥуп ҳәа сгәы иаанагоит. Дырмит Гәлиа – хаз игоу дунеиуп, зеиԥшыҟам цәырҵра дууп аԥсуа культура аҭоурых аҿы. Аԥсуа жәлар милаҭк раҳасабла реиқәырхара хықәкыс иҟаҵаны, аҵаралашаратә мҩа ашҟа ркылгара уалԥшьас зхы иадызҵаз Арккаҩы ду иҿаԥхьа ҳарҭ, уи имца збызшәа еиқәнархаз зегьы иаҳуалԥшьоу даара ирацәоуп… Дырмит Гәлиа ихәышҭаара – Аԥсни аԥсуааи ирхәышҭаароуп. Уи наунагӡа аԥсы ҭазарц, ҳаԥхьаҟа еиҵагылараны иҟоу абиԥара рзы азҿлымҳара ду аманы, имҩақәҵаганы, илашарбаганы аҟазаара ауп изызку зегь раԥхьаӡагьы ари аҩны аҿы аус зуа ауаа иаҳуалԥшьоу.
- Светлана, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа реиԥш, ҳаинтеллигенциа зегьы даара пату рзақәуп Гәлиа Ду ихәышҭаара бҩызцәеи бареи амца "еиҿакны" иахьаажәго, аԥхарра ахьагшәмырхо, алитературатә хәылԥазқәеи аинтерес зҵо аиԥыларақәеи ахьымҩаԥыжәго, Апоет изку ашәҟәқәа ахьҭшәыжьуа, раԥхьаӡа акәны Аҩны-амузеи Асаит ахьеиҿышәкааз, уи ахан хьыцәцара аиҭашьақәыргылара иалагартә аус бзиақәа шәахьырҿу. Сынтәатәи ашықәс ҳтәыла аҩныҵҟа аизыразреи, аилибакаареи, напеикәыршарыла аибабареи, ҳбызшәа ԥшӡеи ирышықәсзароуп, избанзар, аԥсуа жәлар ҳабла хызтыз, Дырмит Ду ииубилеиуп! Сара сгәы иаанагоит, сынтәа ииуа аҵеиреи, сынтәа аҟазараҿи, алитератураҿи, аҭҵаарадырраҿи иаԥҵахо зегьы даҽа насыԥ бзиак рымоуп, иаарылукаартә иҟалоит ҳәа!.. Анцәа илаԥш урҭ ҷыдала ирхызааит!
Ажәабжьқәа зегьы
0