Sputnik аматериал аҿы шәаԥхьа атәылаҿы иҟаз аполитикатә кризис ишаиааиз, аоппозициатә ҿагылара шхыркәшахаз, аганқәа ззааиз, Аԥсны ахада иалхрақәа анымҩаԥысуа арыцхә, Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура иалагаран ианыҟоу.
Sputnik
Аиҿагыларақәеи азааибагарақәеи
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьарҵаз аинвестициатә еиқәшаҳаҭра иахәаԥшраны ианыҟаз, абҵара 15 рзы Аҟәа аоппозициатә қәгыларақәа ирылагеит. Аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс ааигәа-сигәа еизаз ауаа ари аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара иаҿагылеит, адепутатцәа уи мап ацәкра мацара акәымкәа, амораториум адҟарҵаларц адҵа ҟарҵеит.
Сааҭқәак рышьҭахь, ақәгыларақәа аилаҩынтрақәа рахь ииасит. Апарламент азааигәара еизаз ауаа аанда ԥҽны раԥхьа Жәлар Реизара ахыбра иҩналеит, анаҩс –аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс зегьы ааныркылеит.
Хымш рыҩнуҵҟала аганқәа иаку акы азкылсра рылымшеит. Апарламент адепутатцәеи Ауаажәларратә Палата алахәылацәеи аиҿцәажәарақәа рҿы абжьаҟазацәа раҳасабала иқәгылеит, аха ари азҵаара аҵыхәтәа аԥҵәара алыршахеит аҩаша, абҵара 18 рзы.
Атәылахьчара аминистрраҟны, Апарламент адепутатцәа аганқәа рыбжьара ишиашоу аиҿцәажәарақәа еиҿыркааит. Атәыла анаԥхгара рганахьала урҭ рхы рыладырхәит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ауаажәларратә палата алахәыла Давид Ԥлиа, Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы аиҳабы Оҭар Хьециа, аоппозициаа рганахь ала – Акоординациатә хеилак алахәылацәа Адгәыр Арӡынба, Кан Кәарҷиа, Леван Миқаа.
Аиҿцәажәара жә-сааҭк инарзынаԥшуа ицон. Аганқәа аизыразра азкылсра рылшеит, уи инақәыршәаны атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа аанижьит, ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аамҭала урҭ рынагӡара далагеит.
Аиқәшаҳаҭра апункт аҿы иара убасгьы иазгәаҭан Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәабгьы имаҵураҭыԥ аанижьроуп ҳәа. Уи инақәыршәаны Валери Бганба аамҭала аиҳабыра рнапхгаҩыс дҟаҵан.
Амаҵурааныжьрақәа
Уи аухаҵәҟьа, аиқәшаҳаҭрақәа рышьҭахь аоппозициаа аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс аанрыжьит, урҭ рыхьчараз уахь инеит Аҳәынҭқарра ахьчаратә мчқәа.
Аҩаша, Жәлар Реизара адепутатцәа изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥыргеит, уаҟа ирыдыркылеит аҳәынҭқарра ахада имаҵзура ҭыԥ шаанижьаз арзаҳал. Аилатәара иалахәыз 31-ҩык адепутатцәа рҟынтәи 28-ҩык рыбжьы рҭиит. Ҩ-биуллетенк ԥхасҭатәын, амч рымам ҳәа ирыԥхьаӡеит.
Аԥсны Аконституциа инақәыршәаны, Аԥсны ахада инапынҵақәа аамҭала рынагӡара инапы ианҵоуп атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба. Анаҩс, абҵара 20 рзы, иара аԥыза-министр Александр Анқәаб имаҵура ааныжьра идикылеит.
Ахаша, абҵара 20 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада атәыла ахада иалхрақәа 2025 шықәса жәабран 19 рзы имҩаԥысуеит ҳәа рыланаҳәеит.
Раԥхьатәи анапынҵақәеи ардыррақәеи
Бадра Гәынба Аԥсны ахада изинмчрақәеи иҭакԥхықәрақәеи ихахьы игеит.
"Сара анапхгаҩцәеи анапхгаратә усбарҭақәеи зегьы анапынҵақәа рысҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны рнапынҵақәа нарыгӡаларц, аҳәынҭқарра аиқәырхареи аусура аиҿкаареи рзы", - ҳәа иҳәеит иара.
Гәынба араионқәа рхадацәа аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәеи ихымԥадатәиу абзазареиҿкаарақәеи иҭышәынтәаланы русура мҩаԥыргаларазы адҵа риҭеит. Иара убас, анапхгаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит апровокациақәа рҽырцәырыхьчарц, атәылауаа ргәы иҵхо азҵаарақәа рыӡбара азхьаԥшра арҭаларц, афымцамч азы ауалқәа реизгаразы аусура арӷәӷәара ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭаларц.
Иара убасгьы атәыла ахада и.н. аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩа рԥылара мҩаԥигеит. Аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аекономика аминистр Кристина Озган, афинансқәа рминистр Владимир Делба дасу рҭыԥқәа рҿы русура амҩаԥысшьа азы адырра ҟарҵеит.
Ахәаша, абҵара 22 рзы Бадра Гәынба аиҳабыра алахәылацәа аԥыза-министр и.н. Валери Бганба дыдирдырит.
"Сгәыӷуеит, шәара еилышәкаауеит ҳәа ҳара ҳазҵагылаз аҭакԥхықәра, ауаа ргәазыҳәарақәа раарԥшра алшартә иҟаларц азы атәыла алхрақәа рҟынӡа инаҳгароуп. Убри азы дасу ҳҭыԥқәа рҿы иалшо зегь ҟаҳҵароуп. Аҳәынҭқарра аҿаԥхьа иҳаду аҭакԥхықәрақәа зегьы наҳагӡароуп", - иҳәеит Бганба.
Валери Бганба ибеиоу аполитикатә нысымҩа змоу ҳәынҭқарратә усзуҩуп. 2014 шықәса инаркны жәашықәса рыҩнуҵҟа ихадоу аҳәынҭқарратә маҵураҭыԥқәа ааникылон: Апарламент ахантәаҩыс, ҩынтә Аминистрцәа реилазаара ахадас, ҩынтә Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо иакәны.
Москва ареакциа
Москва аибарххарақәа реицәахара аԥырҟәҟәаара алызмыршаз Аԥсны анапхгареи аоппозициеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа хшыҩзышьҭра рнаҭеит. Абри атәы лҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.
Лара инаҵшьны иазгәалҭеит, Урыстәыла зегь реиҳа иазааигәоу аидгылаҩцәеи апартниорцәеи иреиуоу Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа аҿиара Москва даара ишацклаԥшуа.
Захарова лажәақәа рыла, ареспубликаҿы заанаҵтәи атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥгаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара акырӡа аҵанакуеит.
"Аԥсуа жәлар роуп заԥхьа ишьҭоу, ареспублика ашәарҭадареи, аҭышәынтәалареи, ԥхьаҟатәи аҿиара аиқәыршәареи зылшо атәыла ахада иалхра", - ҳәа лҳәеит лара.
Именно абхазскому народу предстоит выбирать главу государства, который смог бы обеспечить безопасное, стабильное, поступательное развитие республики", — добавила она.
Урыстәылатәи Афедерациа ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков, Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа адәныҟатәи аполитика аҿы зегь раԥхьаӡа иаргыло усуп ҳәа азгәеиҭеит.
"Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ҳдәныҟатә политикаҿы даара акыр зҵазкуа аԥыжәаратә ҟазшьа рымоуп", - ҳәа ажурналистцәа иреиҳәеит Песков, Кремль Аԥсны иҟоу аиҿагыларатә ҭагылазаашьа шрыдыркыло азы азҵаара анирҭа.
Иара иазгәеиҭеит, Урыстәыла шықәгыло аҭагылазаашьа ҭышәынтәаларци аконституциа аҳәаақәа ирҭагӡаны иаанхарц рзы.
Мадуро ирамш
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Венесуела ахада 62 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.
Гәынба иазгәеиҭеит Мадуро иполитикатә ԥышәеи, жәларбжьаратәи аренаҿы Венесуела амилаҭтә интересқәа рырӷәӷәаразы иааирԥшуа агәацԥыҳәареи.
"Ҳара аҵак ду раҳҭоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара иҿиаз аидгыларатәи аиашьаратәи еизыҟазаашьақәа. Ахәшьара уадаҩуп аԥсны-венесуелатә стратегиатә партниорра арӷәӷәаразы хаҭалатәи шәлагала. Ԥхьаҟагьы ҳгәыӷуеит аиҩызаратә жәларқәа ирзеиӷьхаша ҩ-ганктәи аусеицура ишацҵахо азы", - ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Бадра Гәынба Николас Мадуро изеиӷьеишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, анапхгаратә усураҿы аринахысгьы ақәҿиарақәа.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аларгара
Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы раԥхьатәи ареисқәа иааиуа ашықәс алагамҭазы ихацыркхоит ҳәа "Аԥсуа телехәаԥшра" аинтервиу аҭо иҳәеит аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба.
Иара иажәақәа рыла, аҳаирбаӷәаза техникала аҳаирпланқәа рыдкылара иазыхиоуп. Раԥхьа аамҭалатәи атерминал аҳаиртә ԥыррақәа рзы аус аулоит, 2025 шықәса лаҵарамзазы аиҭашьақәыргыларатә усура дуқәа зегьы хыркәшахоит.
Нанба иҳәеит аҳаирбаӷәаза аусура ианалаго аамҭазы 500-ҩык рҟынӡа аусуҩцәа шыҟало, урҭ реиҳараҩык атәыла ауааԥсыра шракәу, уажәы дара рҵарадырра аизырҳара ишаҿу.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза раԥхьатәи аусураан шықәсык ахь миллионҩык рҟынӡа апассаџьырцәа аднакылартә иҟалоит, ҳаԥхьаҟа ари ахыԥхьаӡара ҩынтәны иазҳар алшоит.
Китаии Аԥсни реицәажәара
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәааи Китаи Жәлар Рреспубликаҿ иҟоу Аԥсны аҳаҭыр консул Ге Чжили еиԥылеит.
Аԥсни Китаии реицәажәаразы аԥсуа ган аартуп, иара убасгьы акультуратәи агуманитартәи еимадарақәа рырҿиареи аекономикахь аинвестициақәа ралагалара алзыршои аԥшьгарақәа гәахәарыла иаднакылоит иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәаа.
Ге Чжили Аԥсни Китаии рыбжьара акультуратәи агуманитартәи усеицура аԥеиԥш дшадгыло, анаҩстәи аилацәажәарақәа рымҩаԥгаразы агәыӷра шимоу азгәеиҭеит.
Аԥшьахәҭаҷ аҭара
Ацқьа Иоанн Ахьҿы иԥсыбаҩхәҭа Аԥснытәи Аиашахаҵаратә уахәама ҳамҭас иарҭеит абҵара 21 рзы.
Аусмҩаԥгатә Аҟәатәи Акафедралтә уахәама ду аҿы имҩаԥысит Анцәаимҵаныҳәара Ду ашьҭахь.
"Иоанн Ахьҿы иԥсҭазаара далҵит аԥсуа дгьыл аҿы, анышәгьы абра дамардеит. Аха нас, иԥсыбаҩ араантәи иқәган. Иахьа иԥсыбаҩхәҭа ҳзааргеит, ара иҟазаауеит, уажәшьҭа дарбанызаалак изҭаху ирылшоит рхы адырҵарц", — иҳәеит аԥшьаҩ Давид Гәазаа.
Аԥсыбаҩхәҭа Аԥсныҟа иааигеит ҳџьынџьуаҩ Владимир Какоба.
Аспорт хҭысқәа
Аԥснытәи аспортсмен Дауҭ Гәыблиа Ханты-Мансиск имҩаԥысуаз ММА азы Адунеи ачемпионат аҿы аџьаз медал даԥсахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспублика ММА азы Афедерациа ахада Теимураз Гьергьедаа.
"Иахьа иара дынхоит иагьҽазыҟаиҵоит шәачатәи аклуб "Левша" аҿы, зыҟаҵаҩс димоуп Ашот Пашиан. Аха аицлабрақәа раан Аԥсны ихьыԥшым аҳәынҭқарра ахьӡала дықәгылоит", - иҳәеит иара.
Ханты-Мансиск имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҟны Гәыблиа дреиндаҭлон Бразилиа, Қырҭтәыла, Урыстәыла рҟынтәи аспортсменцәа, раԥхьатәи ҩ-еиԥыларак рҟны аиааирақәа игеит.
Иара убас иҳаҩсыз амчыбжь азы ашьапылампыл азы Аԥсны ахраҿа агара хыркәшахеит. Уаҟа, Очамчыратәи "Ерцахә" аиааира агеит Аҟәатәи "Динамо" ацхәмарраан.
"Ерцахә" хынтәуп Аԥсны ашьапылампыл азы ахраҿа агоишьҭеи. Уаанӡа, акоманда ҳаҭыр ду аԥсахара алшеит 1994, 1997 шықәсқәа рзы. "Динамо" акәзар уигьы хынтә ахраҿа агахьеит 1996, 2010, 2023 шықәсқәа рзы.