Бжьаниа: Аԥсны Урыстәыла иаднагалеит атәыла анапхгареи аоппозициеи реиҿцәажәара иалахәхарц
© Sputnik / Томас ТхайцукОбстановка у здания Администрации президента
© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 21 - Sputnik. Аԥсны Урыстәыла иаднагалеит ареспубликаҿы аҭыԥ змаз аполитикатә хҭысқәа раан атәыла анапхгареи аоппозициеи реиҿцәажәарҭак аҳасабала иқәгыларц, аха уи аҟынӡа имнеит иҳәеит РИА Новости иеиҭаз аинтервиу аҿы уаанӡатәи аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа.
Аинтервиу аҟынтәи ихадоу:
Аԥсны аҿагыларатә-қәгыларақәа раан Урыстәыла арратә цхыраараз иамыҳәеит.
Ареспубликаҿы аҭагылазаашьа еиҳа иҭынчхеит, аха уаанӡа ишыҟаз иҟалеит ҳәа макьана иуҳәартә иҟам. Аҭакԥхықәра зду ауаа рмаҵуратә уалԥшьақәа нарыгӡоит – аус руеит ахадеи аиҳабыреи рнапынҵақәа назыгӡо ахаҿқәа.
Аҿагылара ҟазҵоз рганахь амч ахархәара ҟамлеит, избан акәзар ари нас иузмырҽеиуа шьаҿоуп.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара 2024 шықәса нҵәаанӡа ихыркәшахароуп.
Аԥсны аинвестициақәа рыда ԥсыхәа амаӡам. 40-50 нызқьҩык ауаа усурҭа ҭыԥла реиқәыршәаразы 300 миллиард мааҭ рҟынӡа аԥара аекономика алагалара аҭахуп.
Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп жәабранмза раԥхьатәи жәамш ирылагӡаны. Урҭ рхы аладырхәуеит Бжьаниа икоманда.
Аԥсны аекономика Урыстәылатәи астандартқәа ирзааигәахарц азы Урыстәылеи Аԥсни рзакәанԥҵарақәа реишьаршәалара аус иацҵатәуп.