АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 - Sputnik. Миллион кВт•сааҭ иҟоу закәаншьаҭада аус зуа амаининг фермақәа рхы иадырхәо афымцамч азы 4-5 миллион мааҭ ақәыҳхарџьуеит ҳәа азгәеиҭеит аенергетикатә шәарҭадара аиқәыршәаразы аштаб аилатәараҿы аенергетика аминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба.
Иара иажәақәа рыла, ари аусхк ааныкыламхар атәыла ауааԥсыра зынӡа лашарада иаанхар алшоит.
"Иахьазы аҭагылазаашьа даара иуадаҩуп. Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара ашәарҭаратә ҟазшьа амоуп. Ари иаанаго, иаауа аӡы иаҳнаҭо афымцамч ҳадҳәалоуп ауп. Иахьазы уи секундк ала 40 кубометр инаӡоит", — ҳәа иҳәеит Нанба.