https://sputnik-abkhazia.info/20241204/urystyla-105-milliard-inareiany-iazounazhkheit-asny-iaiua-afymtsamch-akhsa-akhshaarazy-1053062418.html
Урыстәыла 10,5 миллиард инареиҳаны иазоунажьҭхьеит Аԥсны иаиуа афымцамч ахәԥса ахшәааразы
Урыстәыла 10,5 миллиард инареиҳаны иазоунажьҭхьеит Аԥсны иаиуа афымцамч ахәԥса ахшәааразы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 - Sputnik. 2016 шықәса инаркны 2024 шықәсанӡа Урыстәыла афедералтә биуџьет аҟынтәи 10,5 миллиард мааҭ инареиҳаны иазоуныжьҭхьеит Аԥсныҟа... 04.12.2024, Sputnik Аҧсны
2024-12-04T12:30+0300
2024-12-04T12:30+0300
2024-12-04T14:56+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аекономика
аԥсны аенергетика апроблемақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/01/1038912444_0:159:3079:1890_1920x0_80_0_0_4dc0f22cfe6cd8acc735ecb5c7a17ea1.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 - Sputnik. 2016 шықәса инаркны 2024 шықәсанӡа Урыстәыла афедералтә биуџьет аҟынтәи 10,5 миллиард мааҭ инареиҳаны иазоуныжьҭхьеит Аԥсныҟа иаауа афымцамч ахәԥса ахшәааразы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба. Иара иажәақәа рыла, 2016 шықәса раахыс ареспублика афымцамч азымхараз ауадаҩрақәа ыҟоуп. Аха уаанӡа аиҳабыра есышықәсатәи ареспубликатә биуџьет апроект аҿы арҭ ахарџьқәа адырбаӡомызт. Иара убасгьы иҳәеит ари аамҭа иалагӡаны аинвестпрограммаҟынтәи 1,3 миллиард мааҭ инареиҳаны аԥара шныхыз.Убри аан, аҵыхәтәантәы хышықәса ирылагӡаны Аԥсны аенергосистема ашьҭыхраз иныхуп миллиардк аҟынӡа, ари аусхк ишахәҭоу еиԥш аус ауртә иаҭахуп ф-миллиардк рҟынӡа."Ахыԥхьаӡарақәа ҳрылацәажәозар, 2022, 2023 шықәсқәеи 2024 шықәсеи рзы миллиард мааҭк рҟынӡа аусхк аинфраструктура иазоужьын. Ҳәарада, арҭ аԥарақәа уаанӡатәи алагалақәа раасҭа еиҳауп, аха аиҭашьақәыргыларатә программазы заанаҵтәи аҳасабрақәа рыла иаҭахны иҟоуп ф-миллиард мааҭк рҟынӡа. Аиҭашьақәыргыларатә программахь иаҵанакуеит ҳфымцатә ҳа анхамҩа зегьы атехникатә ҭагылазаашьа ишақәнагоу аиԥш ашьақәыргылара", — иҳәеит Нанба.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/01/1038912444_173:0:2904:2048_1920x0_80_0_0_2cc2745f966a67ddef90c7540e98f2de.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аекономика, аԥсны аенергетика апроблемақәа
ажәабжьқәа, аԥсны, аекономика, аԥсны аенергетика апроблемақәа
АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 - Sputnik. 2016 шықәса инаркны 2024 шықәсанӡа Урыстәыла афедералтә биуџьет аҟынтәи 10,5 миллиард мааҭ инареиҳаны иазоуныжьҭхьеит Аԥсныҟа иаауа афымцамч ахәԥса ахшәааразы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба.
Иара иажәақәа рыла, 2016 шықәса раахыс ареспублика афымцамч азымхараз ауадаҩрақәа ыҟоуп. Аха уаанӡа аиҳабыра есышықәсатәи ареспубликатә биуџьет апроект аҿы арҭ ахарџьқәа адырбаӡомызт.
"Усеиԥш изыҟаз есышықәса ареспублика анапхгара еиуеиԥшым аполитикатә ӡбарақәа рыдкыларала урыстәылатәи агани дареи еилацәажәаны ӡбамҭак иахьазнеиуаз ауп. Аиҳарак афымцамч ахә Аԥсны асоциал-економикатә цхырааразы аинвистициатә программаҟынтә иршәон, ма Урыстәыла аиҳабыра алшарақәа азыԥшааны ишиашоу Урыстәылатәи Афедерациа абиуџьет аҟынтәи иршәон", — ҳәа еиҭеиҳәеит Нанба.
Иара убасгьы иҳәеит ари аамҭа иалагӡаны аинвестпрограммаҟынтәи 1,3 миллиард мааҭ инареиҳаны аԥара шныхыз.
Убри аан, аҵыхәтәантәы хышықәса ирылагӡаны Аԥсны аенергосистема ашьҭыхраз иныхуп миллиардк аҟынӡа, ари аусхк ишахәҭоу еиԥш аус ауртә иаҭахуп ф-миллиардк рҟынӡа.
"Ахыԥхьаӡарақәа ҳрылацәажәозар, 2022, 2023 шықәсқәеи 2024 шықәсеи рзы миллиард мааҭк рҟынӡа аусхк аинфраструктура иазоужьын. Ҳәарада, арҭ аԥарақәа уаанӡатәи алагалақәа раасҭа еиҳауп, аха аиҭашьақәыргыларатә программазы заанаҵтәи аҳасабрақәа рыла иаҭахны иҟоуп ф-миллиард мааҭк рҟынӡа. Аиҭашьақәыргыларатә программахь иаҵанакуеит ҳфымцатә ҳа анхамҩа зегьы атехникатә ҭагылазаашьа ишақәнагоу аиԥш ашьақәыргылара", — иҳәеит Нанба.