Аԥсны

"Ҳакритика иреиҳаӡоу аҩаӡараҿы ихазгалаз" Владимир Аҵнариа игәалашәара иазкны

Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысит апоет-акритик Владимир Аҵнариа изкыз агәалашәаратә хәылԥазы.
Sputnik
Уҽумыртлан, сажәеинраала,
Ушәага-узага ҭшәаз,
Ахырҭәагеиԥш уҽеидцалан,
Уҽҭагӡа амацәаз!..
Владимир Аҵнариа
Сара сгәаанагара ала, ҳаԥсуа литератураҿы иҟалап дыҟамзар даҽа критикк Владимир Аҵнариа иаҟара иаартны, инарҵауланы, хьаԥшкәаԥшрада иара иеиԥш ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа рыхә зшьоз, ирыгыз ирыбзаз зҳәоз, даара иҿацаз, аха ҳлитература аизҳа-еизыӷьара иахәоз акритикатә статиақәа зыҩуаз. Насгьы, абраҟа иазгәаҭатәуп, усҟан ҳлитература акритика ҿаца излашьцыламыз ала, уи ирҿиара згәамԥхозгьы шмаҷҩымз, ишимаз иара деилызкаарц зҭахымыз "аӷацәагьы" ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳпоетцәеи рҟынтәи, аха ԥыҭрак ашьҭахь еилыркаауан ииҳәоз иазгәаҭарақәа зегьы шиашаз, урҭ ирықәныҟәаны рыгхақәагьы дырҽеиуан, уимоу, дара рхалагьы рырҿиамҭақәа реиҭаҭыжьра мап анацәыркуазгьы ыҟан… Уи даара акраанагон ҳлитература аҿиараҿы, "арыцқьараҿы", наҟ-наҟ еиҳа "ашьамхы" арӷәӷәараҿы. Сара агәра згоит, Владимир Аҵнариа итрадициа иацызҵо, иаарту, ицаҳәцаҳәуа акритикатә статиақәа иахьа ҳлитература иахьагу, ҳакритикцәеи ҳлитератураҭҵааҩцәеи уи иахьацәыбнало, ҳлитература ишазеицәо, изыхәҭам, иаԥсам аҩымҭақәа адунеи шырбо… Насгьы, иҟоуп зышәҟәқәа ҭыҵуа апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи, аха урҭ аӡәгьы изгәамҭаӡакәа, ма дырхымцәажәакәа ианынхалак, иара авторгьы изеицәоуп, аԥхьаҩгьы иалкаан дзыԥхьаша ахырхарҭа изҭо акгьы иоуӡом… Ажәакала, иахьа ҳдоуҳатә культура даара дагуп Аҵнариа иеиԥш обективла ҳлитература ахә зшьаша акритик…
Аԥсны
Аҟама аҿеиԥш инаҳәааҳәуаз акритикцәа дреиуамызт: Владимир Аҵнариа игәалашәаразы
Абраҟа иазгәаҭатәуп Владимир Аҵнариа алитературатә критика аҿы адагьы, ишимоу ажәеинраала ссирқәа, аиҭагақәа, хәы змаӡам апародиақәа. Иуҳәар ауеит, Владимир Аҵнариа алитературатә критикаҿы аҩымҭақәеи урҭ аԥызҵоз апоетцәеи рахь изымҳәоз, ицәрыгхоз, пародиала, поезиатә формала иҳәон ҳәа. Аиашаз, урҭ апародиақәагьы даара иаӷьын, иагьҿацан, аха иахьиашаз рацәан азы, убраҟагьы ианарыжьуан апорадист. Насгьы, уи ипародиақәа ззикуаз усҟан иаркы-иаркы ирцә ҳәа иҟаз апоетцәа рацәаҩын, ицәгәаақәозгьы ыҟан раԥхьаҵәҟьа, аха нас ашҳам шалаимҵоз, гәыкала ишиҩуаз анеилыркаалак, рыгәқәа хьаԥссон, дара рхаҭақәагьы лафла уи ипародиақәа рҭакқәа рҩырц иалагон.
Владимир Аҵнариа ипоезиатә ҭынха хыԥхьаӡарала ишырацәаӡамгьы, иажәеинраалақәа рымацара томк ззааира ыҟоуп. Урҭ знык-ҩынтә иҭыҵхьеит, егьырҭ ажанрқәеи дареи еиланы, аха сгәы иаанагоит наҟ-наҟ урҭ хазы рҭыжьра иаԥсоуп ҳәа, избанзар, иахьа ҳаԥхьаҩ имазароуп агьама ҳарак зҵоу, илԥшааху апоезиа хаз шәҟәны иҭыжьны. Абраҟа иазгәаҭатәуп иара убасгьы акритик ипоезиа даара ахәшьара бзиа шарҭахьаз Баграт Шьынқәбеи, Алықьса Гогәуеи, Мушьни Лашәриеи. Шәара ибзианы ишыжәдыруа еиԥш, аԥсуа ажәа азҟазацәа дуқәа ус аламала апоетцәа рырҿиамҭақәа ихырымхкәа ирыхцәажәаӡом.
Абраҟа еиқәаҳаԥхьаӡап апоет-акритик иҭижьхьоу апоезиатәи акритикатәи, аҭҵаарадыррақәеи рҿиамҭақәа еидызкыло ашәҟәқәа: "Алакә ссир", "Амш бзиа", "Аҩышьыбжьонк рыбжьара", "Ашьыжьтәи аӡаӡа".
Иара убасгьы, Владимир Аҵнариа инапы иҵыҵхьан аҭҵаарадырратә дунеи аҿы даара зыҳаҭыр дуу ашәҟәқәа. Урҭ иреиуоуп: "Абырҵкал", "Аҳәатәи аҳәашьеи", "Ашаеҵәа", "Аамҭеи арҿиамҭеи", "Алирикатә аамҭақәа". Урысшәала - "Творчество Б. В. Шинкуба", "Абхазское стихотворение", "Автоинтервью".
Хашҭра ақәӡам Владимир Аҵнариа аԥсуа бызшәа иазку иажәеинраала "Аԥсшәа". Уи иахьа ҳлитература здыруа, ҳбызшәа згәы азыбылуа зегьы ҿырҳәала ирҳәоит, абраҟа иаҳгәалаҳаршәап уи ацыԥҵәаха:
Аԥсшәа! Исыцыршаз саԥсшәа,
Гәыԥҳәыхшҵас изырхәыхәо сҟарҟы!..
Ԥсра-ӡра зқәым жәлар ражәа,
Уара сыблагә, схы, са сыԥсы.
Изызбозеи адгьыл ҭабгоушәа,
Изызбозеи хәлар имшауа,
Изызбозеи амра ҭашәоушәа,
Џьара аԥсышәак са иансмаҳауа?..
Арадио
Дамениа ашәҟәыҩҩы Владимир Аҵнариа изкны: здырра ҳаракыз ҵарауаҩын
Иалкааны иазгәаҭатәуп апоет-акритик еиҭагара аус. Уи зегь раҵкысгьы изазааҭгылатәу, автор аурыс бызшәа анаҩсгьы анемец бызшәа аӡеиԥш идыруан, анемец классикатә поезиа иаҵанакуаз ашедеврқәа ишиашаз уахьынтә еиҭеигон. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: Ҳаинриҳ Ҳаине - "Ашәақәа рышәҟәы". Ажәеинраалақәа. (Еиҭагоуп агерман бызшәа аҟнытә) Аҟәа, "Алашара", 1970. "Амреи амзеи" - ақырҭуа жәлар рпоезиа аҟнытә. Аҟәа, "Алашара", 1980ш. Важьа Ԥшьавела. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа.
Иара убасгьы иазгәаҭатәуп адунеи зыхьӡ адыруа апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи дуӡӡақәа ражәеинраалақәа аԥсшәахь ишеиҭеигахьоу. Урҭ иреиуоуп : Александр Пушкин, Иоганн Вольфганг Гоеҭе, Ҳаинриҳ Ҳаине, Фазиль Искандер уҳәа ирацәаҩӡаны.
Уажәы ҳазааҭгылап Владимир Аҵнариа ирҿиареи иԥсҭазаареи ирызкны Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы еиҿкааз ахәылԥаз ссир. Уи ааиртит, аҵарауаҩ, аԥсуа институт адиректор Арда Ашәба. Уи иаазыркьаҿны далацәажәеит апоет-аҵарауаҩ Владимир Аҵнариа ирҿиареи иԥсҭазааратә мҩеи. Уи ашьҭахь аиԥылара амҩаԥгаразы ажәа лиҭеит аҵарауаҩ Ҭали Џьапуаԥҳа. Уи иазгәалҭеит иахьа ҳаԥсуа литератураҿы Аҵнариа иааникыло аҭыԥ даара ишҵаулоу, икритикатә статиақәеи, иҭҵаарадыррақәеи, иажәеинраалақәеи ахааназ алитература ахьтәы фонд ишазынхо.
Инарҭбааз иҭҵаарадырратә усумҭа ала дықәгылеит апоет-академик Владимир Занҭариа. Уи дазааҭгылеит аҵарауаҩ ирҿиара, ипоезиа, иеиҭагақәа, икритикатә статиақәа, иара убасгьы ипародиақәа.
Ари аиԥылара ссир аҿы ргәалашәарақәеи, рҭҵаарадырратә усумҭақәеи рыла иқәгылеит Зураб Џьапуа, Олег Дамениа, Валери Бигәаа, Геннади Аламиа, Инал Гыцба, Ҭина Қәарсаиаԥҳа, Валентин Кәаӷәаниа, Милиа Ҵнариаԥҳа уҳәа убас егьырҭгьы.
Ари аиԥылара бзиаҿы сықәгылеит саргьы, абраҟа искьыԥхьуеит сцәажәара ацыԥҵәаха:
"Владимир Аҵнариа - ҳаԥсуа литературатә критика иреиҳаӡоу аҩаӡараҿы ихаигалеит. Баграт Шьынқәба аԥсуа поезиа шхеигалаз еиԥш, Алықьса Гогәуа - аԥсуа проза. Арҭ ах-жанрк рҿы, сара сгәаанагара ала, ҳара иҳамоуп хҩык адуқәа, урҭ раҳракыра аҟынӡа, изеицәааӡари, макьана ҳлитератураҿы уаҩ дзымхалаӡацт.
Сара даара иахәҭаны исыԥхьаӡоит, уи ҳаԥсуа критикагьы арҿыхон, акритикатә рҿиамҭақәа рзы Владимир Аҵнариа ихьӡ зху апремиа аԥҵазар. Иара Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа дызлалаз ала, ассоциациа ахахьы иагар ҟалоит, мамзаргьы, Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи дареи еицхырааны иаԥырҵар ҟалоит.
Аԥсны
Аԥсуа пародиа азҟаза ду: Владимир Аҵнариа игәалашәаразы
Владимир Аҵнариа зны-зынла дахлафаан иҳәалон, сыкритика зхьымӡо апоетцәа, спародиақәа рхьысыгӡоит ҳәа. Уи ҳаԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа ирылихуан апародиақәа. Иара иҟынӡагьы, уи ажанр инадыххылахьан ҳпоетцәа, аха акык-ҩбак ракәын ирыҩхьаз, нас иаԥырҵуан, иззыркуази дареи аибаргәаарахь инеир ҳәа ишәаны.
Убри азы, иуҳәар ҟалоит, ҳпоезиаҿ Владимир Аҵнариа иоуп еиҳа инарҭбааны апародиатә ҩымҭақәа раԥҵара иалагаз ҳәа. Уи ипародиақәа рзикхьан ҳаԥсуа поетцәа Алықьса Џьонуеи, Нели Ҭарԥҳаи, Кәмф Ломиеи, Никәала Кәыҵниеи, Платон Бебиеи, Рауль Лашәриеи, Денис Чачхалиеи, Владимир Занҭариеи уҳәа егьырҭгьы.
Уи ишәҟәы, "Амш ссир" захьӡу иажәеинраалақәеи ипародиақәеи зну рнаҩсангьы, шықәсқәак раԥхьа аҵарауаҩ Адгәыр Какоба иҳадигалеит уаанӡа џьаргьы акьыԥхь зымбацыз апародиақәа. Урҭ рыбжеиҳаракгьы ҳкьыԥхьит. Иаанхазгьы акьыԥхьра ҳазхәыцуеит!..
Хыхь ишысҳәаз еиԥш, Аҵнариа ипародиақәа ауаа гәахәарыла ирыԥхьоит, ҿырҳәала издыруа рацәаҩуп, уи зҩымҭақәа апародиа рылихуаз апоетцәагьы, акультура злаз уаан азы, раԥхьаҵәҟьа иаагәрым-шәрымуан, аха нас ирхыԥсаауан!.."
Ари аиԥылара иалахәыз зегьы еицҿакны ирҳәеит, ҳаԥсуа литература инарҭбааны ҳаԥхьаҩцәа рыларҵәаразы абасеиԥш иҟоу аиԥыларақәа рацәаны ишымҩаԥгалатәу.