Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟама аҿеиԥш инаҳәааҳәуаз акритикцәа дреиуамызт: Владимир Аҵнариа игәалашәаразы

© Foto / предоставлено Элеонорой КогонияВладимир Ацнария
Владимир Ацнария - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2023
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 25 рзы 85 шықәса ҵуеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Владимир (Котик) Аҵнариа диижьҭеи. Ирҿиаратә мҩа дахцәажәоит иара аус ицызуаз афольклорҭҵааҩ, аҭҵаарадыррақәа рдоктор Валентин Кәаӷәаниа.
Аҵнариа илшарақәа ҭбаан аԥсуа литература аҭоурых аҿы, ақәҿиарақәа ахьимаз ахырхарҭақәа рацәан, аха иарбан гану иара еиҳаракгьы аԥхьагылара ахьимаз, иарбан доуҳатә беиароу уи аԥсуа культура иазынижьыз азы ҳзыҿцәажәо игәаанагара абас иҟоуп:
- Владимир Аҵнариа еицнеигон алитератураҭҵаара, акритика, апоезиа арҿиара, аиҭагара – урҭ зегь рҿы иара днаган, аха ҷыдала аԥсуа литератураҭҵаареи акритикеи рганахьала иибаз аџьабаа зегь реиҳа узыхцәажәаша, зегь реиҳа аџьа здибалаз ауп. Иара иоуп ажәлар, аинтеллигенциа , алитераторцәа рыбжьарагьы еиҳа аӡыргара зауз. Уи ус изыҟалаз, зегь раԥхьаӡа иргыланы алитературатә критика ҵарадыррала далаҟазароуп, инагоу адыррақәа имазароуп, дхаҭәаазароуп. Уи аганахьала Владимир наваларҭа амамкәа ддуун. Аҵара ду иманы Москвантәи дааит 1968-тәи ашықәсқәа рзы. Аҭҵаарадырра иаҿу зегь еиуеиԥшыху, иара ҟыбаҩла, баҩхатәрала дазшан уи аус. Алитературатә критика иаҭахыу апринципра, аобиективра оуп. Иара аҟама аҿеиԥш инаҳәааҳәуаз акритикцәа дреиуамызт. Асовет аамҭазы аԥсуа литературатә процесс иацклаԥшуаз иаӡәымкәа, иҩыџьамкәа иҟан, аха зегь реиҳа аобиективра, ахьамҵра, лахьхәаԥшрада аҩымҭақәа рыхцәажәараҿы Артур Аншбеи иареи алыскаар сҭахуп. Ирызгәаауазгьы ыҟан робиективра иахҟьаны. Убарҭқәа рзоуп иахьатәи аамаҭазы абри акритика зыҟам – аԥсуаа ҳара ҳагьежьыра, хәыҷуп, иахьа ҩынтә, хынтә ҳаиқәшәоит аҟынтә, аиаша алаҭаҳәара даара ицәгьоуп. "Аҟазара злам, иагьа акритика изуургьы акагьы ихәаӡом" иҳәахьан иахьа зиубилеи азгәаҳҭо аҵарауаҩ ихаҭагьы. Аԥсуаа ирымҳәо, ала ахьҭам алаӷырӡ зааӡом ҳәа. Абаҩхатәра змам, ауаҩы егьа ихыуҳәааргьы акагьы ихәом. Ала аҵыхәа ачамгәыр узалхӡом…
© Foto / из архива семьи Аншба Владимир Аҵнариа, Артур Аншба, Шота Салаҟаиа
Владимир Ацнариа, Артур  Аншба, Шота Салакаиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2023
Владимир Аҵнариа, Артур Аншба, Шота Салаҟаиа
Владимир Аҵнариа иҭҵааратә усумҭақәа асовет аамҭазы рыхә ҳаракны иршьон. Аиашазы уи икалам ҵары аҿашәара иацәшәозгьы ыҟан. Иҩызцәа ихлафаауа "сколозуб" ҳәа иарҳәон. Иамааз мчхарас, лшарақәас уи ирҿиара?
- Владимир Аҵнариа аԥсуа жәеинраала теориала, ганрацәала иҭызҵааз иоуп. "Аԥсуа жәеинраалаеиҿартәышьа" (Аметрика, аритмика, акомпозициа) захьӡу иусумҭа еицырдыруеит. Уи 1993 шықәсазы Москва Адунеитә литература аинститут аҿы иихьчаз идоктортә диссертациа ауп. Нас, иара хадаратәла аус здиулоз алитератураҭҵаартә ажанрқәа иреиуан – апоезиеи апрозеи. Ари аус аҿы иара зегь реиҳа дзырманшәалоз, амҩа изҭоз ихаҭа дпоетын азоуп. Алитература иахцәажәо алитературатә баҩхатәра анилоу уи аумаӡа аҵанакуеит. Аҵнариа дпоетын, дпоет наган. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа дуқәа Дырмит Гәлиа, Иуа Коӷониа, Баграт Шьынқәба, Алықьса Гогәуа, Мушьни Лашәриа, Даур Занҭариа уҳәа шамахамзар дыҟаӡам инагоу ԥсыуа шәҟәыҩҩык ажәа зхимҳәаац. Уимоу, аҿаргьы илаԥш рхын. Урҭ ирызкны изныкымкәа акьыԥхь аҿы дықәгылахьан акритикатә ажәала. Иҭижьхьан - "Алирикатә аамҭақәа", "Абырҵкал" – (раԥхьаӡатәи илитературатә критикатә статиақәа зныз ашәҟәы), "Аҳәатәи аҳәашьеи", 50 шықәса анихыҵуаз иҭыҵит "Аамҭеи арҿиамҭеи" захьӡу. Иахьа иҟоуп аизагақәа ирнымлац истатиақәа. Урҭ аҭыжьра рԥеиԥшхароуп хымԥада.
Аԥсуа литератураҭҵаареи акритикеи еибахеит Аҵнариа идунеи аниԥсах ашьҭахь ҳәа азгәазҭо аҵарауаа ыҟоуп. Избан ус зырҳәозеи? Иамааз ҷыдарас акритик Аҵнариа икалам иарҿиоз? Абри ишьҭра иқәлаша ааӡашьас ирымоу дазхәыцуа аҵарауаҩ Кәаӷәаниа абас иҳәеит:
- Алитератураҿы иҟазар ауп атрадициа. Уи еиҭамҿиар ауӡом. Артур Аншбеи Владимир Аҵнариеи рнапкымҭақәа ртрадициа еиҭеироуп уаҳа ԥсыхәа амаӡам. Ас мацара аамҭадаран ицаӡом алитературатә критикаҿы. Амала, акы заҵәык иаҭахыу ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иааӡароуп аҿар. Ԥыхьа Москва алитератуартә институт ахь ишырышьҭуаз еиԥш, убас ирааӡароуп. Владимири сареи аус еицаҳуан Аԥсуа ҭҵааратә институт аҿы ҟәшак аҿы. Аиҩызараҿы хаҵа наган иара. Алитература азҵаараҿы, акритика аус аҿы уа дызхымԥоз апринципқәа иман. Егьырахь, аидтәалараҿы, акреицыфараҿы, акреицыжәраҿы иара иҟазшьа бзиан, алафгьы иҳәон. Нас, абра иазгәаҭатәу – акритика иара х-жанрк рыла иҟаиҵон, акы - алитературатә критикатә статиа иҩуан, иҩбахаз - уи инаҷыданы апародиақәа иҩуан, иаҳҳәап игәамԥхаз аҩымҭа иазкны, уи инаҷыданы – аепиграммақәагьы ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи ирызкны имоуп. Ицәыблагәқәа (черновики) рҿы иануп иззикуаз зусҭцәоу:
Апоезиа - уаргьалоуп,
Џьымшьыргьала иаҩызоуп,
Иуҳәаз акәым –
Заҟа узҩызоуп…
© Foto / из архива семьи Аншба Владимир Аҵнариа, Артур Аншба, Владимир Дарсалиа, Владимир Агрба
Владимир Ацнариа, Артур Аншба, Владимир Дарсалиа,. Владимир Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2023
Владимир Аҵнариа, Артур Аншба, Владимир Дарсалиа, Владимир Агрба
Владимир Аҵнариа алитератураҭҵаара инаҷыданы апоезиа ирҿион, деиҭагаҩын. Валентин Кәаӷәаниа уи хра злаз акәны дахәаԥшуеит Аҵнариа ирҿиараҿы:
- Иара дпоет лирикын. Ажанр хадақәа - аграждантә, афилософиатә, абзиабаратә лирика рҿы иажәеинраалақәа иахьа Аԥсуа поезиа антологиа иагәылыҷҷаауа иреиуоуп. Иаҳҳәап ҳбызшәа иазку ицәаҳәақәа:
Аԥсшәа! Уаныҟм сыгәнаҳауп,
Сҿахәы сзарҳәаӡом адунеи,
Узқәиааз адгьыл ԥсраҳа
Уԥсӡом – урҿыҩла геи-шьхеи!...

Аиҭагара атәы ҳҳәозар, раԥхьаӡа иара данмаҷӡаз далагеит. Дызлалагаз Фазиль Искандер иажәеинралақәа рылоуп. Фазиль хәбаҟа жәеинраала ииҭеит аиҭагаразы, нас Владимир ианеиҭеига Фазиль данахәаԥш- диманы "Алашара" аредакциахь дцан, убра ианырҵеит. Уи апериод азы ашкол дҭан ҳәа ауп ишыздыруа:

Ашьауардынқәа иреиԥшуп дадраа,
Ҳбыргцәа руапақәа ирҭашьшьы.
_Шәеибгазар, дадраа, аҷандараа,
Ҳаибгоуп макьаназы ҳаргьы
Анаҩсан иара, абри занааҭла аинститут дахьҭаз афилолгоиатә факультет аҿы – анемец бызшәеи аԥсуа бызшәеи рыҟәшаҿы акәын. Уа аҵара бзианы иҵон азын, иреиӷьу студентк иаҳасабала Германиаҟа ддәықәҵан. Убра даннеи, "Лорелаи" ҳәа захьӡу Геине иажәеинраала еиҭеигеит :
Иҿыхьҭоуп аԥша хәылԥазыла,
Ԥшьаалоуп Раин шцауа,
Ахра ихәмаруа иахалоит,
Аҭашәамҭаз амра ашәахәа…
Аҵнариа аиҭагара ус, аԥсуа литература аҭоурых аҿы, изцааиқәоз адуқәа дреиуан. Анемец бызшәа ахьиҳәоз, ркультура ҩнуҵҟала ибзианы иахьидыруаз иахҟьаны аԥсшәахь ҟаимаҭла еиҭеигеит данстудентыз Ҳеине иажәеинраалақәа реизга аҟынтә иреиӷьу ажәеинраалақәа алхны "Ашәақәа рышәҟәы" (Книга песен). Анаҩсан, анемец гениалтә поет Иоҳан Гиоте иажәеинраалақәа иакымкәа еиҭеигеит:
Иҿыхеит аԥсабара,
Амыцхә игәыкны,
Амра лашара
Сҿаԥсоит иҿыԥны….
Владимир Аҵнариа - алитератураҭҵаара аганахьала иаԥиҵаз иусумҭақәа рҿгьы еснагь анемец литература дазхьаԥшуеит аҭҵаара аганахьала, ҵаргәа хадасгьы имаз аурыси, анемец поезиеи ракәын. Оригинал ала еиҭагоу ҩашьаӡом. Гиоте Ҳеине ражәеинраалақәа ссирны еиҭеигеит сҳәар сылшоит. Ирцәажәеит убас аԥсышәала, абарҭ еиҭагоуп ҳәа ухаҿы иузаамго аҟынӡа…
Олег Дамения - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2018
Арадио
Дамениа ашәҟәыҩҩы Владимир Аҵнариа изкны: здырра ҳаракыз ҵарауаҩын
Алитератуатә ҭынха азхәыцра зҵаара хадоуп аҵарауаҩ ихьӡ акамыршәразы. Валентин Кәаӷәаниа абас ахәыцрақәа имоуп уи азы:
- Владимир Аҵнариа аҳәынҭқарра аганахьала асовет аамҭазы ихьӡ ҳаракны иршьахьан - Д. Гәлиа ихьӡ зху апремиа ианаршьахьан. Сынтәа диишьҭеи 85 шықәса анҵуа аамҭазы ҳара иҳагу убри ауп - иара иусумҭақәа еизакны иҭыжьны аԥхьаҩ иҳазимҭаӡацт. Ари ҳара гха дуны иҳамоуп. Избанзар, еиԥш зеиԥшыз аҵарауаа жәаҩыла иҳамаӡамызт, убри аҟнытә, ипоезиатә рҿиамҭақәа, иеиҭагамҭақәа, илитературатҭҵааратә усумҭақәа икритикатә статиақәа – (аизгақәа иргәыламлазгьы еизакны) иахьатәи аҭҵаарадырра аҭахрақәа инарықәшәо иҭыжьтәуп. Сара исылшаз атәы сазааҭгылозар - "Аԥсныҳәыншәҟәҭыжьырҭа" ахада Даур Наҷҟьебиа иажәалагалала еиқәсыршәеит Владимир Аҵнариа ипоезиатә рҿиамҭақәеи иеиҭагамҭақәеи аԥхьажәа, нас, ирҿиамҭақәа рарбага ацҵаны. Уи ашәҟәы ихианы аҭыжьырҭаҿ ишьҭоуп, сақәгәыӷуеит сара убри хара имагакәа аԥхьаҩ иоуп ҳәа. Иара убас, исҳәарц исҭахыу, Владимир Аҵнариа ипублицистикатә статиақәа реизга "Автоинтервиу" ианыԥшуеит патриотк иаҳасабла аполитикаҿтәи иааԥсарақәа. Ишдыру еиԥш, иара аҭҵаарадырреи алитературатә критикеи инамаданы Аԥсны аҭоурых аҿы дынхоит аԥсуа жәлар рхьыԥшымра азықәԥаҩцәа нагақәа дреиуаны. Асовет аамҭа џьбарақәа раан, ажәак аҳәара амилаҭ рхақәиҭра азҵаара алацәажәара аныҟамлоз аамаҭазы иареи иҩызцәеи имшәа, имырҳа атоталитартә система иаҿагылан ҳаԥсуа жәлар рхьыԥшымра иазықәԥон. Иахьа Аиааира иҳамоу азаазгаз рыӡбахә анаҳҳәо, иаргьы иҩызцәагьы рыӡбахә ҳәатәуп, избанзар урҭ рлагала дууп. Уажәы иаҳҳәап исахьа зну аԥсар зҭумыжьри, ихьӡ захумҵари мҩадук. Дахьынхоз амемориалтә ӷәы кыдума? Ауниверситет аҿы ихьӡ зху премиак аԥҵазар ԥхашьароума?!
Ажәабжьқәа зегьы
0