Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа пародиа азҟаза ду: Владимир Аҵнариа игәалашәаразы

© Foto / предоставил Анатолии ЛагулааВладимир Ацнариа
Владимир Ацнариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2022
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа аԥсуа поет, алитератураҭҵааҩ, акритик, апублицист, аиҭагаҩ Владимир Аҵнариа игәалашәара иазку анҵамҭа ҳадигалоит апоет Анатоли Лагәлаа.
Сара санҩыҵшәа инаркны зҩымҭақәа есымша срыԥхьоз, даарагьы бзиа избоз арҿиаҩцәа дреиуан Владимир Аҵнариа. Иахьагьы ибзиаӡаны исгәалашәоит, 1976 шықәса рзы ҿыц аҩра иалагаз Аԥснызегьтәи аҿар рсеминар салахәын. Усҟан сара жә-класск рҿы стәан, ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи рыҩра салагахьан, сҩымҭақәагьы ҳраион аҿы иҭыҵуаз агазеҭ "Акоммунизм ахь" ианылахьан, ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аҿгьы иҭыҵхьан.
Изхысҳәаауа, асеиԥш иҟаз аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рацәаҩны излахәыз аизара саламтәацызт, аха шамахак рызегьы рхаҿсахьақәа рыла издыруан, избанзар, урҭ рфотосахьақәа ажурналқәеи агазеҭқәеи рҿы ианны ианызбалак, иаразнак иагәылаԥҟаны сальбом ахь ииазгон. Сальбом аҿы зсахьақәа анҵаны исымаз рхыԥхьаӡараҿы иаргьы дыҟан азы, данызба, ахьышәҭҳәа дыздырит!..
© Foto / предоставил Анатолии ЛагулааВладимир Ацнариа
Владимир Ацнариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2022
Владимир Ацнариа
Усҟан Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабыс еицырдыруаз аԥсуа поет Иван Константин-иԥа Тарба иакәын иҟаз. Иахьа Аҟәа ашахматтә клуб ахьыҟоу усҟан иҟан Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аклуб. Уброуп ҳара аҿарацәагьы еицырдыруа ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа асеминар ахьаҳзаадыртыз.
Иван Ҭарба даҽа еизарак ахь дыццакуан азы, хәбаҟа минуҭ даацәажәан, дҳақәныҳәан, иаразнак дымцар амуит. Нас, асеминар амҩаԥгара иқәшәеит усҟан Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿ консультантс аус зуаз ҳашәҟәыҩҩы бзиахә Џьума Аҳәба.
Ԥыҭрак ашьҭахь ажәа ииҭеит ибзианы дихцәажәаны Владимир Аҵнариа. Уи даҳзалацәажәеит иааркьаҿны усҟантәи алитературатә процесс, иҳаиҳәеит ҳара ҳакәым, аԥышәа ду змоу, убраҟа иҳалатәаз ашәҟәыҩҩцәагьы есымша аҩымҭа бзиақәа шырмыцааиуа, зны-зынла иаарџьуумшьартә аԥсыҽқәагьы шрымпыҵыҵуа. Уимоу, иҳәеит апоет Иван Ҭарба аҵыхәтәантәи ишәҟәаҿы даара ажәеинраала ԥсыҽқәа шалоу, ас ихатәроу апоет абриаҟара иԥсыҽқәоу ажәеинраалақәа ишәҟәы ианагәылаиҵа, нас аҿар ираҳҳәараны иҟоузеи ҳәа?
Ҳара иџьашьаны ҳаанаԥш-ааԥшит, абриаҟара зҩымҭақәа Аԥсны еицырдыруаз арҿиамҭа ԥсыҽқәа анрамхаҩуагьы ҟалома ҳәа?!. Аха иара усҟангьы, нас уи ашьҭахьгьы, акырынтә игәасҭеит, игәы иҭаз иҳәон, аӡәгьы дагьицәыԥхашьомызт, дагьицәшәомызт…
Иван Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2021
Зажәа хатәраз апоет: Иван Ҭарба диижьҭеи шәышықәса ҵит
Уаҟа, ҳара ҳаизараҿы Иван Ҭарба ишәҟәы иазкны ииҳәаз, нас, ԥыҭрак аамҭа анца ашьҭахь, астатиа алхны ишәҟәы "Абырҵкал" иагәылеиҵеит. Уи акритикатә статиа амацара акәым, ашәҟәы ианыз егьырҭ астатиақәагьы даара иаӷьын, аха иара ихаҭа акырӡа иазыҟаҵаз критикын азы, астатиақәа ззикуаз, уаанӡа зхы амҵ ықәызмыртәоз ҳпоетцәагьы уаҟа илаҿырымҭит!..
Убри аҽны инаркны еиҳагьы сихӡыӡаауа слитературатә альбом исахьа ахьагәылаз мышкы ҩынтә-хынтә санахәамԥшуаз ыҟаӡамызт Владимир Аҵнариа.
Даҽакгьы, убри ашьҭахь, хәбаҟа шықәса ааҵхьан еиԥш, сара слирикатә ажәабжь "Сольвеиг" анын аҿар ирызкыз ажурнал "Алашара" аномерқәа руак. Усҟан ус иаԥын, аҿар рҩымҭақәа зныз ажурнал аномер ахы инаркны аҵыхәанӡа аилыргара. Владимир Аҵнариа убраҟа апроза ажанр аҿы даара иалкааны дахцәажәеит сажәабжь, уи ашьҭахь ажурнал аномерқәа руак аҿы усҟантәи аҿар иҳазкны иҭыҵуаз номерк аҟны ианын уи астатиа.
Хашҭра сзақәым Владимир Аҵнариа иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иара ихатә гәаҳәарала дзыԥхьаз аҭыжьра иазсырхиаз сажәеинраалақәа реизга сышәҟәы иациҵеит астатиа, ажәаԥха. Уи иара ишиҟазшьаз еиԥш, даара дацклаԥшны, даара гәыкала иҩит.
Олег Дамения - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2018
Арадио
Дамениа ашәҟәыҩҩы Владимир Аҵнариа изкны: здырра ҳаракыз ҵарауаҩын
Ҳаԥхьаҩ инарҵаулан еиликаарц азы апоет, акритик ирҿиарамҩа, маҷк иадамзаргьы даныԥшылароуп уи инысымҩа.
Аҵнариа Владимир Леуан-иԥа (28.02.1938, Аԥсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа – 24. 10.2006, Аҟәа ақалақь) – аԥсуа поет, алитератураҭҵааҩ, акритик, апублицист, аиҭагаҩ. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор (1993), апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-корреспондент (1997). Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу. СССР-и Аԥсни Урыстәылеи Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа (1973) – ашьҭахь Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа (2003) рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәалеи (асахьаркыратә ҩымҭақәеи, астатиақәеи, аҭҵаамҭақәеи) урысшәалеи (астатиақәеи аҭҵаамҭақәеи), идыруан ақырҭуа, анемец бызшәақәа.
Аҵара иҵон Кәтолтәи ихарҭәаам ашкол аҟны, ашьҭахь, 1953 ш. инаркны Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи аԥсуа школ аҟны. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи анемец бызшәеи рыҟәша далгеит (1962). Дагьҭалеит А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Адунеитә литература аинститут аспирантура.
1963-1964 шш. раан Асовет аррамаҵура дахысуан, ашьҭахь аспирантураҿы иҵара иациҵон, егьхиркәшоит 1967 шықәсазы. 1968 ш. араҟа ихьчоит акандидаттә диссертациа "Б. У. Шьынқәба ирҿиареи аԥсуа поезиаҿы асахьаркыратә хаҿсахьа аҿиареи" атемала. 1993 ш. Адунеитә литература аинститут аҿы ихьчоит адоктортә диссертациа (амонографиа аформа ала) "Аԥсуа жәеинраалеиҿартәышьа (Аметрика. Аритмика. Акомпозициа)". 1968 ш. инаркны аус иуан Д. И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (иахьа – Аԥсуаҭҵааратә аинстиут) афольклори алитературеи рыҟәша (ашьҭахь – алитература аҟәша) аҟны аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҵбыс (1972 ш. азынӡа), аусзуҩыс (1972-1976), аусзуҩы еиҳабыс (1977-1994), усзуҩы хадас (1994 ш. нахыс).
Илагала шьардоуп аԥсуа литератураҭҵаареи акритикеи реизырҳараҿы. Хыԥхьаӡарарацәала аҭҵаарадырратә статиақәеи, алитература-критикатә статиақәеи, амонографиақәеи дравторуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы И. А. Коӷониа, Д. И. Гәлиа, Б. У. Шьынқәба, А. Н. Гогәуа уҳәа рырҿиамҭақәа ирызкқәоу. Иара убас ажәеинраалақәа реизгақәа.
В. Аҵнариа деицырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы. Аԥсшәахь еиҭеигеит Софокл итрагедиа "Аҳ Едип", А. П. Чехов икомедиа "Ашымҳа баҳча", А. С. Пушкин, Ҳ. Ҳаине, И. В. Гиоте рырҿиамҭақәа, ақырҭуа жәлар рпоезиа .

Аҭыжьымҭақәа

Ажәеинраалақәа реизгақәа: Алакә-џьашьахәы. Аҟәа, 1977; Амш бзиа. Аҟәа, 1982; Аҽнышьыбжьон. Ажәеинраалақәеи аиҭагақәеи. Аҟәа, 1990; амонографиақәеи астатиақәа реизгақәеи: Б. Шьынқәба ирҿиара (Алирика. Аепос. Апоетика). Қарҭ, 1970; Абырҵкал. Алитература-критикатә статиақәа. Аҟәа, 1976; Шарԥы-еҵәа. (Иуа Коӷониа иԥсҭазаареи ирҿиареи). Аҟәа, 1979; Аԥсуа жәеинраалеиҿартәышьа: Аметрика. Аритмика. Акомпозициа. Аҟәа, 1987; Аамҭеи арҿиамҭеи. Алитература-критикатә статиақәа. Аҟәа, 1989; Алирикатә аамҭақәа. Алирикатә рҿиамҭақәа реиҿартәышьа иазкны. Аҟәа, 1991; Автоинтервиу (ҳаамҭазтәи адоуҳатә ҭагылазаашьазы афилолог игәҭахәыцрақәа).
Стопка книг на столе - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2018
Аҵарауаҩ Владимир Аҵнариа диижьҭеи 80 шықәса ҵит
Апоет-акритик, ҳаԥсуа литература иазынижьыз хәы змаӡам ипоезиатәи икритикатәи рҿиамҭақәа акы иаарыҵамхо ирылагылоуп ипародиақәеи , иепиграммақәеи, исатиратә жәеинраалақәеи. Урҭ иахьа уажәраанӡа акьыԥхь зымбац рацәоуп, амала анцәа иџьшьаны дара еиқәханы иҟоуп иара еиуарыла изааигәаз, даара пату дуӡӡа иқәызҵоз, Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет адоцент Адгәыр Какоба. Насгьы, даара ҭабуп ҳәа иаҳәатәуп урт акьыԥхь разрыхиара иаҿу академик Валентин Кәаӷәаниа. Иахьа абраҟа ишәыдаҳгалоит урҭ рыхәҭак, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иҭнажьуа агазеҭ "Аамҭа" сынтәатәи аҵыхәтәантәи аномер ианыз.
Абжьагажәа
(Депутатк иахь)
Уҽы ԥаџьԥаџьуа иузаҳкәадыруеит,
Уҽыжәаҳҵоит, уҽышькыл нкылан.
Аха иумаз игәынкылан,
Аҽыжәҵашьеиԥш, аҽыжәхшьагь ҳдыруеит!..
Шаҟа ииашаны, шаҟа иҭыҵҟьаан иҳәоузеи арҭ ацәаҳәақәа!.. Урҭ аамҭақәа зегьы иртәуп, иацгьы иахьагьы еиԥшны ихысуеит!.. Шаҟараантә иҟалахьоуи, адепутат далызхыз абжьы аниоу нахыс уаҳа рышҟа дықәымло, урҭ рыпроблемақәа акгьы изымдыруа, дагьрыламцәажәо, хьаасгьы имамкәа.
Аҵарҭышагаҩ
Уаҩ дзынхашам, џьым, каламла:
Уџьыба арымала акы анҭамла!
Уџьыба арыӷьала акы анҭамла,
Аргамаду уагеит ауп амла!..
Арҭ аԥшь-цәаҳәак ибзиан иаадырԥшуеит аҵарҭышагаҩцәа ахаангьы аамҭақәа зегьы ишрыцу, урҭ аанкылашьа шрымам, аха иахьынӡауа аӷәра шырҿаклатәу, ианамуӡалак, абахҭа ишҭарԥалатәу.
Аӡәы
Аӡәы дыздыруеит, дшыҟоу шәасҳәап,
Анцәа дишеит иара цасҳәа.
Уаниҭаху - анышә уҵазаргь,
Уахьыҵихра дашьҭалоит.
Дануҭаху - адәы дықәзаргь,
Быжьрабыжьҵәа дхәыҵалоит.
Ҽаӡәы
Ҽаӡә дыздыруеит, абас дыҟоуп:
Ивагылоу - драбашьуеит,
Иҵагылоу - иаҭәеишьом,
Еиҳа зымчу- дреихырхәоит!
Еиҳа зымчу - дреихырхәоит! Иаҳирбоит зхи-зыԥси мацара ирышьҭоу, ианиҭаху иара ихәаша азы анышә ихәыҵало, аха иааиоуаанӡа иуцрымҵуа. Егьи - ивара игылоу зегьы аӡәгьы диҭахӡам, диаҭәеишьаӡом, аха хыхь ахаларазы иеиҳабы димҵақьақьоит, диеихырхәоит, иаҭаххаргьы, ишьапқәа иӡәӡәоит, амала ҭыԥ ԥхак аҿы дхеигалозар!..
Ацәама
Еиҳабыс ҳәа дҳарҭеит ацәама…
Ҳаи, шәанаџьалбеит, иаҳхацәама?
Ҳҽырҩашьны, зегь ҳацәама?
Ҳаҳәсахама ахацәа ма?
Ахы заҳмырҟьацуазеи ҳацәама?
Иҭынчымхарызеи, ҳацәама?
Араҟа иубоит ауаа русурақәа рҿы есымшагьы ирхадыргыло шеиԥшым, зны-зынла ишалашәо аԥсыфагақәа, аха урҭ ианаамҭоу рыртәашьа ианақәымшәалак, рхы ишырцәықәтәо. Убри азы згәаҵәа акры еилнакаауа ауаа уи иақәтәаӡом, дреиҳабызаргьы, иакәым иҳәозар, иакәым ҟаиҵозар, иаразнак иҭыԥ аҿы ддыртәоит…
* * *
Хаҵа дцоит, даауеит, деиҭацоит,
Дымнеицт шуҳәо, даахынҳәуеит,
Ҳаргьы ҳашьцылт, лафк налаҳҳәоит,
- Ди, ҳаҳәшьа, бахьца баалеит!
Мамзаргьы, маӡала адәы иқәу, зхы-зыԥсы мацаразы иҟоу, аха ацҳарҭа аниоу, алеиԥш ауаҩ ицҳауа исахьа шҭихуа жәбоит!
- Уи дзеиԥшроузеи, мшәан, дзеиԥшы?
- Ихымҩаԥгашьа уазыԥшы:
Шьала деиԥшуп уи ала-
Ала, аха ицҳауа маӡала.
Даара ирхәмарны, аха ҟазарыла иаԥҵоуп адунеи зегьы зымҽхакны иаауа аглобализациа ҳаргьы ҳатрадициақәа шеиланаго, иара атәахьы ҳшианаго. Ари асатиратә жәеинраала автор цәгьала иқәҿиеит азы, иагмырхакәа, ишеибгоу ишәзаасгар сҭахуп.
Опаа-Европаа
Аҩыжәра хҭаркын европаа -
Ихҭаҳкит ҳаргьы.
Аҭаҭын иахан европаа -
Ҳахеит ҳаргьы.
Иҿамҟәан европаа -
Ҳҿамҟәеит ҳаргьы.
Реиқәақәа дырҭбаан европаа -
Иҳарҭбааит ҳаргьы.
Идырҭшәан европаа -
Иҳарҭшәеит ҳаргьы.
Идыркьаҿӡан европаа -
Иҳаркьаҿӡеит ҳаргьы.
Ртәарҭақәа хыртыр европаа -
Иҷаԥшьӡа ихаҳтуеит ҳаргьы.
Опаа!!!
Ауаҩы даара дзеигәырӷьаша, асеиԥш иҟоу, абаҩхатәра бзиа змаз апоет-акритик ирҿиамҭақәа иахьауажәраанӡа акьыԥхь шырымбацгьы, уи иаԥиҵеижьҭеи акыр шыҵуагьы, автор иахьа ҿыц иҩызшәа ҳаамҭа аҿахәы аҳәоит, иақәшәоит… Ҳарҭ, ажурнал "Алашараҿгьы" иаарласны иаҳкьыԥхьран иҟоуп макьана адунеи зымбац Владимир Аҵнариа ипародиақәа. Урҭ даара ҟазарыла иаԥҵоуп, иахьауажәраанӡа акьыԥхь ахьырымбац ирымоуп рхатәы мзызқәа, аус злоу, дара абаҩхатәра бзиа иахылҵит, иажәӡом, аамҭақәа зегьы ирыциуеит…
Ажәабжьқәа зегьы
0