Аԥсҭазаара есымша еиԥшым - зназы ицхахоит, зназы ихьанҭахоит. Уи ахьанҭара ауаҩы иҟәаҟәа ианықәыӷәӷәо, деиқәдырхоит, ԥхьаҟа ацара илдыршоит агәыӷреи абзиара азхәыцреи.
Ажәеи ажәеи еихҳәаауа абра ҳәамҭа шьахәк шәзаазгоит:
"Анхәеи аҭацеи еибаргәааит. Аҭаца, ԥҳәыс ӷьатамахжәак лакәзаарын. Ланхәа бырг, лымахцә данкны, дырқәасқәасуа, ааҵраҿы дналган, ацәыкәбар ахьлеиуаз даҵаҿалҳәеит, дыхьҭшьны дыԥсырц. Аухантәарак анхәа гәаҟ лыцқәа еихамгыло дшыхьҭшьуаз, дымԥсыкәа иаалыршеит. Аҵх мҩаст, амра ҩагылеит.
Агәылацәа аԥҳәыс бырг дрыцҳаршьан, иааин дааԥдыртлеит.
– Иаха ахьҭа иҟаз ала, ԥсеиқәырхашьас иҟабҵазеи? - ҳәагьы иналазҵааит.
Анхәа ус ҿаалҭит: – Аҩны ааҵра аҟнытә ашьхаҟа уанԥшлак, нан, абнеиқәара унылаԥшуеит. Убри, абнеиқәараҿ, Анцәа диныҳәартә, аӡә амца изеиқәын иаашаанӡа. Сахьынаԥшуаз избон, убри амца сарԥхагәышьон, - лҳәеит". (Ахыҵхырҭа: Џьума Аҳәба. Иҩымҭақәа реизга. 6-тәи атом. Ад-498).
Убас, хараӡа еиқәу амца иаҩызоуп агәыӷра, абзиара азхәыцра.
Абзиара иазҳәоу аԥхыӡқәа
"Абзиарак сақәшәандаз", "Бзиарак ҟаландаз" ҳәа агәазыҳәара змам аӡә дыҟамзар ҟалап. Абзиара азхәыцра, уи аҽазкра угәыхәтәы уахьнамыгӡар залшом, ишырҳәо еиԥш "Уҽыззукуа, аҽузнакуеит".
Аҵх агәы рҽалакны ҳашҟа имҩахыҵуа аԥхыӡқәа ракәзар, бзиарак шузыԥшу удырдырыр рылшоит абас:
Аҵәцалых аиԥхыӡра – бзиарак, гәырӷьарак иазкуп.
Аиаҵәақәа реиԥхыӡра – абзиара, насыԥла агәырӷьара иазҳәоуп.
Аԥара урҭо ԥхыӡ иубар – уаԥхьаҟа абзиара, агәырӷьара узыԥшуп.
Аҳаԥшьа аҩы ҭугошәа ԥхыӡ иубар – абзиара, агәырӷьара иамааноуп.
Иԥсхьоу аӡәы ԥхыӡла дуҿасыр бзиоуп, имчра зегьы уара иуиҭоит рҳәоит.
Аԥсыӡ аӡы цқьа иҭаны иубазар - уаԥхьаҟа бзиарак, гәырӷьарак узыԥшуп.
Амра ашәахәақәа уҿахәмаруа ԥхыӡ иубар – узыргәырӷьаша акы уақәшәоит.
Шәыҩнаҭақәа рышҟа абзиарақәа мҩахыҵлааит, ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа! Шәгәы шәзырхьуа маҷзааит, шәыԥсҭазаара бзиарала иҭәызааит!
Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун Витали Ҳараниа ишәҟәы "Ашацәа рылԥха".