https://sputnik-abkhazia.info/20241214/y-a-zykhgo-aama-zykhao-asaa-aaky-akhya-rny-1053102494.html
"Ҷық-ҷақ зыхго, аамҭа зыԥхьаӡо": асааҭ аҵакы аԥхыӡқәа рҟны
"Ҷық-ҷақ зыхго, аамҭа зыԥхьаӡо": асааҭ аҵакы аԥхыӡқәа рҟны
Sputnik Аҧсны
Аамҭа ҳзырбо амаҭәар асааҭ аԥхыӡқәа рҿы ҵакыс иамоу атәы дазааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа. 14.12.2024, Sputnik Аҧсны
2024-12-14T20:00+0300
2024-12-14T20:00+0300
2024-12-14T16:06+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102291/01/1022910143_0:163:1920:1243_1920x0_80_0_0_2b61f67e335fcc9b5275f975934fe8e2.jpg
"Ҷық-ҷақ, ҷық-ҷақ, ҷық-ҷақ" - ҭынч аԥсҭазаара аминуҭқәа зыԥхьаӡо амаҭәар абжьы аҭӡамц ахьтә иааҩуеит.Аамҭа ҽыҩ ццышәуп, ааԥсара зықәӡам. Асааҭ аамҭа иахаҭарнакуп, ахыцқәа ԥхьаҟа ицозар, иҵәыҩуеит аамҭа алуқәа. "Асааҭ урхиар, иаҭахымзаргьы аусура иалагоит" - аҳәоит аԥсуа жәаԥҟа. Асааҭ аамҭа узырбо маҭәаруп, иара абзоурала аамҭа ҳнахьысыртә аҭагылазаашьа ҳаҭәашьоуп.Асааҭ маҭәарк аҳасабала ацәырҵра аҭоурых ажәытәра иаласоуп. Раԥхьа ауаа асааҭ злардыруаз амра ацклаԥшра, уи агылареи аҭашәареи ирыбжьанакыз аамҭалоуп.Аҭӡаҿы икнауҳауа, иқәургыло, уџьыба иҭауҵо, унапы иахауҵо, еиҳа ааигәа ицәырҵыз аелектронтә уҳәа ҳаамҭазтәи атауартә џьармыкьа иуднагало асааҭқәа хкыла ибеиоуп. Аҳәса, ахацәа, ахәыҷқәа, абыргцәа – зегьы ргьама, рџьыба иақәшәо уԥшаауеит.Асааҭ аусура иацәаашьаӡом, "ибжьысхьоу асааҭгьы мышк ахь ҩынтә аамҭа иаша унарбоит" азырҳәоит иахлафааны.Асааҭи анасыԥиАжәытәан арԥызбак аԥҳәызба игәы дақәшәар, аха лықәшәара, лацәажәара иара изы иуадаҩхар, ақьаӷьариа дыбжьеиҵон. Ақьаӷьариа наҟ-ааҟ ажәа рыбжьигон, џьара еиқәшәартә еиԥшгьы ԥсыхәак ҟаиҵон. Арԥызбеи аԥҳәызба еиқәшаҳаҭхазар, ақьаӷьариа уи атәы зырҵабыргуа анапеимдахьа рыбжьигон. Арԥызба иахьтә анапеимдахьа: ахьтәы сааҭ, ахьы-маҵәаз, анапхаҵа, алымҳарыҩ, ахәыдхаҵа, уҳәа убас иҵагьы. Аԥҳәызба лҟынтә анапеимдахьа: асааҭ, ачабра, адухь, амацәаз уҳәа ахәыҷымыҷы нацҵаны.Асааҭи аԥхыӡқәеи"Ҷық-ҷақ" зыхго, аамҭа зыԥхьаӡо асааҭ иазкны сеиҳабацәа ирҳәо исаҳахьаз азгәаҭароуп: "Аџьџьаҳәа аҭаацәа ахьыҩноу аҩны аҭӡаҿы аус зымуа асааҭ кнаҳазар, уашәииуеит, "шәыԥсҭазаара аанкылааит" ҳәа.Аԥхыӡқәа ртәы ҳҳәозар, уа асааҭ еиуеиԥшым аҵакы аиуеит. Убри инамаданы аԥхыӡқәа рҿы асааҭ ҵакыс иамоу атәы зҳәо аҿырԥштәқәа шәзаазгоит:Асааҭи ахьӡшьареиАкыр шықәса раԥхьа аҭаца аҩнра ҳәа даннанагалак ахьӡ ҿыц лырҭон, лыхьӡ ршьон. Лара аҭацагьы ҳаҭырла, лабхәа, ланхәа, лабхәындацәа, лхатә ҩыза, иара убасгьы аиҳабыратә абиԥарахь иаҵанакуа рыуацәеи рыхьӡқәа лҳәомызт, илшьон.Изхысҳәаауа абри ауп. Аамҭарбага маҭәар асааҭ иаҿырԥшны аԥсуаа иҳауит ахаҵа хьӡы Сааҭ. Ахьӡшьареи ахьӡ Сааҭи ирхылҿиааз хҭыск далацәажәеит ашәҟәыҩҩы Платон Бебиа ироман "Ашьацҳәа" аҟны: "Ҭацак лабхәа Сааҭ ихьыӡзаарын, лара асааҭ – аамҭа узырбо ҳәа дашьҭан. Акы зқәым, ҩбагьы иқәым ҳәа, уи ланхәагь Чаник лыхьыӡзаарын. Лара ачаиник аӡыршыга ҳәа дашьҭан. Лабхәындагьы Мҭы ихьыӡзаарын азыҳәан, амаҭ аҳәаза ҳәа дашьҭан. Ланхәыԥҳагьы Канфеҭ лыхьӡзаарын. Аконфеҭ ахаа ҳәа дашьҭалт".
https://sputnik-abkhazia.info/20220827/khy-bzia-ubaait-akhya-rzy-zhlar-razgaaraak-1041064666.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240303/asarka-anyshylara--anasy-aira-iamaanoup-anasyi-akhyei-reimadara-1050304180.html
https://sputnik-abkhazia.info/20240127/aaad-ara-karshny-iubazar-akhya-ry-aara-akys-iamou-1049935026.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102291/01/1022910143_0:0:1708:1280_1920x0_80_0_0_a881e904f70c9e9cac6293a2d4a0e55c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
жәлар рдоуҳа
"Ҷық-ҷақ зыхго, аамҭа зыԥхьаӡо": асааҭ аҵакы аԥхыӡқәа рҟны
Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Аамҭа ҳзырбо амаҭәар асааҭ аԥхыӡқәа рҿы ҵакыс иамоу атәы дазааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
"Ҷық-ҷақ, ҷық-ҷақ, ҷық-ҷақ" - ҭынч аԥсҭазаара аминуҭқәа зыԥхьаӡо амаҭәар абжьы аҭӡамц ахьтә иааҩуеит.
Аамҭа ҽыҩ ццышәуп, ааԥсара зықәӡам. Асааҭ аамҭа иахаҭарнакуп, ахыцқәа ԥхьаҟа ицозар, иҵәыҩуеит аамҭа алуқәа. "Асааҭ урхиар, иаҭахымзаргьы аусура иалагоит" - аҳәоит аԥсуа жәаԥҟа. Асааҭ аамҭа узырбо маҭәаруп, иара абзоурала аамҭа ҳнахьысыртә аҭагылазаашьа ҳаҭәашьоуп.
Асааҭ маҭәарк аҳасабала ацәырҵра аҭоурых ажәытәра иаласоуп. Раԥхьа ауаа асааҭ злардыруаз амра ацклаԥшра, уи агылареи аҭашәареи ирыбжьанакыз аамҭалоуп.
Аҭӡаҿы икнауҳауа, иқәургыло, уџьыба иҭауҵо, унапы иахауҵо, еиҳа ааигәа ицәырҵыз аелектронтә уҳәа ҳаамҭазтәи атауартә џьармыкьа иуднагало асааҭқәа хкыла ибеиоуп. Аҳәса, ахацәа, ахәыҷқәа, абыргцәа – зегьы ргьама, рџьыба иақәшәо уԥшаауеит.
Асааҭ аусура иацәаашьаӡом, "ибжьысхьоу асааҭгьы мышк ахь ҩынтә аамҭа иаша унарбоит" азырҳәоит иахлафааны.
Ажәытәан арԥызбак аԥҳәызба игәы дақәшәар, аха лықәшәара, лацәажәара иара изы иуадаҩхар, ақьаӷьариа дыбжьеиҵон. Ақьаӷьариа наҟ-ааҟ ажәа рыбжьигон, џьара еиқәшәартә еиԥшгьы ԥсыхәак ҟаиҵон. Арԥызбеи аԥҳәызба еиқәшаҳаҭхазар, ақьаӷьариа уи атәы зырҵабыргуа анапеимдахьа рыбжьигон. Арԥызба иахьтә анапеимдахьа: ахьтәы сааҭ, ахьы-маҵәаз, анапхаҵа, алымҳарыҩ, ахәыдхаҵа, уҳәа убас иҵагьы. Аԥҳәызба лҟынтә анапеимдахьа: асааҭ, ачабра, адухь, амацәаз уҳәа ахәыҷымыҷы нацҵаны.
"Ҷық-ҷақ" зыхго, аамҭа зыԥхьаӡо асааҭ иазкны сеиҳабацәа ирҳәо исаҳахьаз азгәаҭароуп: "Аџьџьаҳәа аҭаацәа ахьыҩноу аҩны аҭӡаҿы аус зымуа асааҭ кнаҳазар, уашәииуеит, "шәыԥсҭазаара аанкылааит" ҳәа.
Аԥхыӡқәа ртәы ҳҳәозар, уа асааҭ еиуеиԥшым аҵакы аиуеит. Убри инамаданы аԥхыӡқәа рҿы асааҭ ҵакыс иамоу атәы зҳәо аҿырԥштәқәа шәзаазгоит:
Асааҭ уҭииуа убар – анасыԥ иазҳәоуп.
Анапхаҵа сааҭ уеиԥхыӡыр, анасыԥ ма аманшәалара иамааноуп.
Ԥхыӡла асааҭ ахыцқәа аанкылазар, агәамбзиара иазҳәоуп.
Анапхаҵа сааҭ уԥхыӡ аҟны иуцәыԥҽызар, иаарласны уадаҩрак уақәшәоит.
Асааҭ ԥҽны ԥхыӡла иубазар, иузааигәоу аӡәы ичымазара атәы уаҳауеит.
Ԥхыӡла асааҭ уцәырӷьычзар, ҩызас иуԥхьаӡо аӡәы дуҵашьыцуеит.
Ԥхыӡла асааҭ каршәны иубазар, узықәшәаз ауадаҩрақәа рыӡбара иазҳәоуп.
Акыр шықәса раԥхьа аҭаца аҩнра ҳәа даннанагалак ахьӡ ҿыц лырҭон, лыхьӡ ршьон. Лара аҭацагьы ҳаҭырла, лабхәа, ланхәа, лабхәындацәа, лхатә ҩыза, иара убасгьы аиҳабыратә абиԥарахь иаҵанакуа рыуацәеи рыхьӡқәа лҳәомызт, илшьон.
Изхысҳәаауа абри ауп. Аамҭарбага маҭәар асааҭ иаҿырԥшны аԥсуаа иҳауит ахаҵа хьӡы Сааҭ. Ахьӡшьареи ахьӡ Сааҭи ирхылҿиааз хҭыск далацәажәеит ашәҟәыҩҩы Платон Бебиа ироман "Ашьацҳәа" аҟны: "Ҭацак лабхәа Сааҭ ихьыӡзаарын, лара асааҭ – аамҭа узырбо ҳәа дашьҭан. Акы зқәым, ҩбагьы иқәым ҳәа, уи ланхәагь Чаник лыхьыӡзаарын. Лара ачаиник аӡыршыга ҳәа дашьҭан. Лабхәындагьы Мҭы ихьыӡзаарын азыҳәан, амаҭ аҳәаза ҳәа дашьҭан. Ланхәыԥҳагьы Канфеҭ лыхьӡзаарын. Аконфеҭ ахаа ҳәа дашьҭалт".