Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ақьаад ԥара каршәны иубазар": аԥхыӡқәа рҿы аԥара ҵакыс иамоу

© Sputnik / Алексей МальгавкоПродавец на рынке пересчитывает деньги
Продавец на рынке пересчитывает деньги - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2024
Анапаҵаҩра
Аԥхыӡқәеи ажәлар разгәаҭарақәеи рҿы аԥара шаарԥшу шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Аԥара – атауарқәа раахәареи рыҭиреи зламҩаԥысуа аметаллтә ма қьаадтә дыргоуп.
Ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы ажәларқәа рыбжьара аилахәҳаахәҭра мҩаԥысуан рыԥсҭазаараҿы ихәарҭахашаз атауарқәа, амаҭәарқәа реиҭныԥсахларала. Аԥара иамаз ахархәара даараӡа имаҷын. Ҿырԥштәыс иаагозар, аамҭаказы Австралиа иқәынхоз ауаа-аборигенцәа каури захьӡу амоллиускқәа рмыдаӷьцәақәа рхы иадырхәон аԥара ҿырпы аҳасабала.
Аха аамҭақәа рҽырыԥсахуан, аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицон.
Аԥсны аҭоурых ҳазхьаԥшуазар, ҳ.ҟ. VI ашәышықәсазы Милеҭынтәи иааз абырзенцәа рыбзоурала (ҳаамҭазтәи Аҟәа) аҵакырадгьыл аҿы ақалақь Диоскуриа еиҿкаахеит. Бырзентәылантә ари ақалақь ахь ҭира иааргон – аба, ацәаҩычагақәа, абџьар. Абырзенцәа аԥсуаа ирымрыхәҳауан – амҿымаҭәахә, ацха, ацәа уҳәа.
Ашьҭахьы зыхьӡ-зыԥша хара инаҩыз, ахәҳаахәҭра ахьеилашуаз Диоскуриа ахатә ԥара ҿырп ҭнажьуа аҟынӡа ибеиахеит.
Абхазская деревня - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.12.2023
Аԥсны
"Аишәа ахь ҩежь ззырҳәо": ашыла аԥсуаа рҿы аҵаки уи ԥхыӡла абара иаанагои

Аԥареи жәлар разгәаҭарақәеи

Ажәлар разгәаҭарақәа изларҳәо ала аԥсуа амза ҿа кыдны ианибалак, араӡны ԥара ма ахьымацәаз арбаны "амзаҿа ахьаҩаҿа ублабара ҳазгәырӷьахьааит" ҳәа дныҳәон.
Иара убасгьы, ҳреалтә ԥсҭазаара иахәҭаку ачарақәеи акомпаниақәеи рымҩаԥгараан аҭаца аҩны даныҩнаргало: "Бызланагалаз брыдымшылахааит! Быҿиааит, ббеиахааит!" ҳәа аԥара ҿырп лықәрыԥсоит.
Ҳаиҳабацәа аишәа қьаадла, ма напыла иурыцқьар ҵасым, аԥара уоуам рҳәоит.
Уарӷьа напсыргәыҵа уафар – аԥара аанагоит, уарма напсыргәыҵа уафар – наҟ аӡәы иуҭоит.
Работа компании Вина и воды Абхазии в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.11.2023
Аԥсны
"Ԥхыӡла аҩы уҭиуазар": арыжәтә аԥхыӡқәеи ажәлар разгәаҭарақәеи рҿы

Аԥареи аԥхыӡқәеи

Ԥхыӡла аԥара абара еиуеиԥшым аҵакы аанахәоит. Ҳазааҭгылозар:
Аԥара урҭо ԥхыӡ иубар – уаԥхьаҟа агәырӷьара узыԥшуп.
Араӡны ԥара ҿырп уеиԥхыӡзар – алаӷырӡ иатәуп.
Аԥара уԥхьаӡо ԥхыӡла иубар – хашәалак уоуеит.
Аԥара ҿырп шәцәыӡызшәа ԥхыӡла ижәбар – ԥхьаҟа шәыԥсҭазаараҿы уадаҩрақәак шәзыԥшуп.
Ԥхыӡла ақьаад ԥара каршәны иубазар – жәабжь бзиак уаҳауеит.
Абҩа ԥара ҿырпы ԥхыӡла абара – алаӷырӡ иамааноуп.
Иуԥсаххьаз аԥара урхынҳәуазшәа убазар – кыраамҭа узыргәамҵуаз ачымазара уаиааиуеит.
Напык азна аԥара ҿырп кны ԥхыӡла иубар – уџьабаа бзабааны иуԥылоит.
Сон - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2022
Аԥсны
"Ԥхыӡ бзиа убааит": аԥхыӡқәа рзы жәлар разгәаҭарақәак
Ажәабжьқәа зегьы
0