АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада ин.н. Алхас Лагәлаа иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны аҳҭнықалақь аҟны иаԥҵоуп "Амшынеиқәафымцамч" афымцатә ҳақәа закәаншьаҭада аҽрыԥшьра аҿагыларзы аоперативтә штаб.
Уи напхгара аиҭоит ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа.
Аоперативтә штаб есымчыбжьа аилатәарақәа мҩаԥнагалароуп амаининг аԥырҟәҟәаразы астратегиатә уснагӡатәқәа азԥхьагәаҭаны, аҳасабырбақәа еиқәыршәаны Атәыла ахада иусбарҭеи, Аминистрцәа реилазаареи, ақалақь ахадеи ирызнагалатәуп.
Иара убасгьы аштаб напынҵс иаҭоуп, амаининг азы атәылауаа зыдҵаало ацәаҳәа еиԥҟьарада аусура ахылаԥшразы.