Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа иаԥҵоуп афымцатә ҳақәа закәаншьаҭада аҽрыԥшьра аҿагыларзы аоперативтә штаб

© Sputnik / Томас Тхайцук Бзыпская подстанция
Бзыпская подстанция - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2025
Анапаҵаҩра
Аҭыԥантәи аоперативтә штабқәа раԥҵаразы адҵа инапы аҵаиҩит атәыла ахада ин.н. Валери Бганба.
АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада ин.н. Алхас Лагәлаа иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны аҳҭнықалақь аҟны иаԥҵоуп "Амшынеиқәафымцамч" афымцатә ҳақәа закәаншьаҭада аҽрыԥшьра аҿагыларзы аоперативтә штаб.
Уи напхгара аиҭоит ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа.
Аоперативтә штаб есымчыбжьа аилатәарақәа мҩаԥнагалароуп амаининг аԥырҟәҟәаразы астратегиатә уснагӡатәқәа азԥхьагәаҭаны, аҳасабырбақәа еиқәыршәаны Атәыла ахада иусбарҭеи, Аминистрцәа реилазаареи, ақалақь ахадеи ирызнагалатәуп.
Иара убасгьы аштаб напынҵс иаҭоуп, амаининг азы атәылауаа зыдҵаало ацәаҳәа еиԥҟьарада аусура ахылаԥшразы.
Подстанция Дранда  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2025
Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит акоммерциатә фымцамч ашьҭра ацҵаразы
Ажәабжьқәа зегьы
0