Аԥсны

Аҟәантәи Москваҟа ихынҳәуа аҳаирплан ачымазцәа агоит аҽыхәшәтәразы

Москватәи аҳаирбаӷәаза Внуково аҿы ачымазцәа ирԥылоит Урыстәыла Амашәырцәгьақәа рмедицинатә центр аҟынтәи ацхыраара лас амашьынақәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Аҟәантәи Москваҟа ихынҳәуа аҳаирплан иҷыдоу амедицинатә цхыраара роурц азы ачымазцәа агараны иҟоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр и.н. Едуард Быҭәба.
"Чазов ихьӡ зху Акардиологиатә центр ахь агәы-да чымазарақәа змоу, иаарласны иԥҟатәу ҩыџьа ачымазцәа ԥыруеит. Аҽаӡәы – ацламҳәа-хаҿытә федералтә центр ахь амҩа дықәлоит".
Ачымазцәа мҩаԥигоит Чазов ихьӡ зху ацентр аҟынтәи аҳақьым. Москватәи аҳаирбаӷәаза Внуково аҿы ачымазцәа ирԥылоит Урыстәыла Амашәырцәгьақәа рмедицинатә центр аҟынтәи ацхыраара лас амашьынақәа.
Едуард Быҭәба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.
Иахьа Москвантәи Аҟәатәи аҳаирбаӷәазашҟа раԥхьатәи аԥышәаратә ԥырра мҩаԥысит.
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа Аԥсны амедицинатә цхыраара шеиҿкаау ҭырҵааит