Аԥсны

Аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәхаразы зқьы инареиҳаны арзаҳалқәа нарышьҭхьеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Хымш ҵаанӡа аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәхаразы зқьы инареиҳаны арзаҳалқәа аашьҭуп ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеҳәеит анапхгаҩцәа реицлабра апроект анапхгаҩы, Аԥсны Аҿар русқәеи аспорти рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба.
"Ҳтәылазы ари ахыԥхьаӡара даараӡа ибзиоуп", — иҳәеит иара.
Апроект Урыстәыла ахада Владимир Путин иаԥшьгарала ихацыркыз урыстәылатәи апрограммақәа рҿырԥшала иаԥҵоуп. Аԥшьгамҭа ахықәкы хада – Аԥсны 55 шықәса рҟынӡа зхыҵуа, аԥышәа змоу анапхгаҩцәеи аҿари рзы хра злоу асоциалтә еизҳарақәа раԥҵара. Апроект алҵшәа хадақәа иреиуахароуп ареспублика анаҩстәи аҿиараҿы ацхыраара ҟазҵо акадртә резерв ашьақәыргылара.
Аԥсны
Аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит