https://sputnik-abkhazia.info/20250212/aitslabra-asny-akomanda-alakhkharazy-arzaala-rydkylara-ialageit-1053734088.html
Аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит
Аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит. 12.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-12T20:20+0300
2025-02-12T20:20+0300
2025-02-12T22:20+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0c/1053732573_0:0:1281:721_1920x0_80_0_0_fca0f4148097feb3f7ad9d27f6c0522c.jpg
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит. Иахьа Аҟәа ақалақь аҿы зқьи бжаки рҟынӡа злахәыз аҿар рфорум "Аҳәынҭқарра аԥеиԥш азы" мҩаԥысит. Ихадоу усмҩаԥгатәны иҟалеит аԥхьаҟа игылараны иҟоу анапхгаҩцәа реицлабра "Аԥсны акоманда" аӡыргара, уи апрограммақәа рылахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара ишалагаз алаҳәара. Ари аԥшьгамҭа ахықәкы хада – Аԥсны ауааԥсыра зегьы ринтересқәа ирықәшәо атәыла иазеиӷьхо асоциалтә еизҳарақәеи аҿар рхы злаадырԥшыша еиҟароу алшарақәеи раԥҵароуп. Ареспублика анаҩстәи аҿиареи уи аиҭарҿиара иадҳәалоу астратегиатә хыдҵақәа рынагӡареи рҿы ацхыраара ҟазҵо акадртә резерв ашьақәыргылара апроект алҵшәа хадақәа иреиуахоит. Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит, алԥшаарақәа иахьынӡауа ала иаартны ишымҩаԥысуа. Аполитик иажәақәа рыла, апроект Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин иаԥшьгарала ихацыркыз урыстәылатәи асоциалтә еизҳара апрограммақәа ирҿырԥшны иаԥҵахоит. Аицлабра ареспубликаҿы аӡыргара ахьалыршахаз шаҳаҭра ауеит иҳаҩсыз амчыбжь азы Бадра Гәынба Москва даныҟаз ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ирласны рынагӡара шцо. Усҟан Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко "Урыстәыла аԥхьагылацәа" аиԥш зеиԥшу акадрқәа разыҟаҵаратә программа Аԥсны алагаларазы ацхыраара ҟаиҵар шилшо азгәеиҭеит. Москва аԥсуа ҿар рҵарадырратәи, рсоциалтәи, ркариератәи лшарақәа рырӷәӷәараҿы ацхыраара шыҟанаҵо азы ирынаҭаз ажәа нанагӡоит, уи аԥхьаҟа ҳреспубликаҿы ихадоу ахырхарҭақәа рҿы аусуразы азанааҭдырыҩцәа рабиԥара ҿыц разыҟаҵара иацхраауеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0c/1053732573_0:0:1051:788_1920x0_80_0_0_6520a4b38aa5f984e66e803de1b684ce.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит.
Иахьа Аҟәа ақалақь аҿы зқьи бжаки рҟынӡа злахәыз аҿар рфорум "Аҳәынҭқарра аԥеиԥш азы" мҩаԥысит. Ихадоу усмҩаԥгатәны иҟалеит аԥхьаҟа игылараны иҟоу анапхгаҩцәа реицлабра "
Аԥсны акоманда" аӡыргара, уи апрограммақәа рылахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара ишалагаз алаҳәара.
Ари аԥшьгамҭа ахықәкы хада – Аԥсны ауааԥсыра зегьы ринтересқәа ирықәшәо атәыла иазеиӷьхо асоциалтә еизҳарақәеи аҿар рхы злаадырԥшыша еиҟароу алшарақәеи раԥҵароуп. Ареспублика анаҩстәи аҿиареи уи аиҭарҿиара иадҳәалоу астратегиатә хыдҵақәа рынагӡареи рҿы ацхыраара ҟазҵо акадртә резерв ашьақәыргылара апроект алҵшәа хадақәа иреиуахоит.
Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит, алԥшаарақәа иахьынӡауа ала иаартны ишымҩаԥысуа.
"Ҳара ишьақәҳаргылоит излауала иаарту, ицқьоу асоциалтә еизҳара алзыршо аобиекттә критериқәа, зегьы еиҟароу алшарақәа роуразы, дарбанзаалак дахьынхо аҭыԥ, изанааҭ, исоциалтә ҭагылазаашьа иахьмырԥшкәа", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аполитик иажәақәа рыла, апроект Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин иаԥшьгарала ихацыркыз урыстәылатәи асоциалтә еизҳара апрограммақәа ирҿырԥшны иаԥҵахоит.
Аицлабра ареспубликаҿы аӡыргара ахьалыршахаз шаҳаҭра ауеит иҳаҩсыз амчыбжь азы Бадра Гәынба Москва даныҟаз ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ирласны рынагӡара шцо. Усҟан Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко "Урыстәыла аԥхьагылацәа" аиԥш зеиԥшу акадрқәа разыҟаҵаратә программа Аԥсны алагаларазы ацхыраара ҟаиҵар шилшо азгәеиҭеит.
Москва аԥсуа ҿар рҵарадырратәи, рсоциалтәи, ркариератәи лшарақәа рырӷәӷәараҿы ацхыраара шыҟанаҵо азы ирынаҭаз ажәа нанагӡоит, уи аԥхьаҟа ҳреспубликаҿы ихадоу ахырхарҭақәа рҿы аусуразы азанааҭдырыҩцәа рабиԥара ҿыц разыҟаҵара иацхраауеит.